Абхазская интернет-библиотека Apsnyteka

Нателла Акаба, Ираклий Хинтба. Трансформация грузино-абхазского конфликта: переосмысление парадигмы (обложка)

Об авторах

Нателла Акаба

(Источник фото: http://kabardino-balkaria.kavkaz-uzel.ru.)

Акаба Нателла Нуриевна
(род. в 1945)
Политолог, историк, доцент, председатель правления Ассоциации женщин Абхазии, депутат ВС - парламента РА (1991-1996), министр информации и печати РА (1994-1995).



Ираклий Хинтба

(Источник фото: http://apsnypress.info/.)

Хинтба Ираклий Ревазович
Родился в 1983 г. в г. Сухум. В 2000 г. окончил Сухумскую среднюю школу № 10 и поступил на факультет гуманитарных и социальных наук (отделение политологии) Российского университета дружбы народов (РУДН), г. Москва. В 2006 г. получил диплом с отличием магистра политологии и был принят в очную аспирантуру по кафедре политических наук РУДН. В 2009 г. защитил кандидатскую диссертацию по теме «Консолидация демократии: сущность, факторы, модели» Кандидат политических наук. 2006 - 2008 гг. - преподаватель, затем старший преподаватель кафедры политологии и социологии Российского государственного торгово-экономического университета. С 2008г по настоящее время - преподаватель, затем доцент кафедры политологии и социологии Абхазского государственного университета. С 2008г. по настоящее время - младший научный сотрудник, затем научный сотрудник Абхазского института гуманитарных исследований им. Д.И. Гулия АН Абхазии. 2009 - 2011 - исследователь и координатор проектов в Центре гуманитарных программ, г. Сухум. С ноября 2011 г. - помощник министра иностранных дел Республики Абхазия. В январе 2012 г. распоряжением Кабинета министров Республики Абхазия Ираклий Хинтба назначен первым заместителем министра иностранных дел РА. Специалист по вопросам внешней политики Абхазии, демократическому политическому развитию и урегулированию этнополитических конфликтов. Автор около 30 научных работ, опубликованных в абхазских, российских и западных изданиях. В качестве эксперта выступал в крупных аналитических центрах Европы и США.
(Источник: http://www.era-abkhazia.org/.)

Наҭелла Акаба, Иракли Хынҭәба

Ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҽшеиҭанакызи уи ԥхьаҟатәи аԥеиԥши

1. Нанҳәамза 2008 шықәсанӡатәи ақырҭуа-аԥсуа еимакы амзызи, ацәырҵреи, уи алҵшьақәеи рызнеишьа — Наҭелла Акаба

Асоветтә ҳәынҭқарра ахыбгалара ақырҭуа-аԥсуа еимакы арӷыӷкит, абџьаршьҭыхла аиҿагыларахь икылнагеит. Ус ишыҟоугьы, иазгәаҭатәуп афакт, ақырҭуа-аԥсуа еиҿагылареи амилаҭқәа рыбжьара аиҿыхарақәеи, иара Асовет Еидгыла аҳәынҭқарра ахаангьы ишыҟаз. Иуҳәар ауеит, аԥсуаа Асоветтә ҳәынҭқарра анаӡааӡараҿы иаӡәыкын зхаҭарнакцәа иааиԥмырҟьаӡакәа ақырҭуа политика иаҿагыланы амассатә акциақәа мҩаԥызгоз ҳәа. Аԥсуаа ргәаанагарала, ақырҭқәа рполитика аԥсуаа рмилаҭтәи ркультуратәи хаҿра аицакра ауп изызкыз. Усҟантәи аамҭазы, хра злаз ақәҵарақәа зегьы Москва ишрыдыркылозгьы, аԥсуаа реиҳараҩык агәра ганы иҟан, Қырҭтәылатәи ССР аиҳабыра СССР аҳәынҭқарраҿы традициала аԥыжәара ирымаз рхы иархәаны, Аԥсны имҩаԥыргон ассимилиациатә политика ҳәа. Аԥсны имҩаԥысуеит ақәгыларақәа 1957, 1964, 1997, 1978‑тәи ашықәсқәа рзы, 1989 ш. аԥхьаӡа акәны аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара иҟалеит абџьаршьҭыхлатәи аиҿагылара, уи аԥсҭбара ҟанаҵеит. Егьырҭ асоветтә автономтә республикақәа рҿы 80‑тәи ашықәсқәа рынҵәамҭазы амилаҭ еиҿагыларақәа аҭыԥ шрымазгьы, урҭ, аԥсуаа рыҟны еиԥш, иаартны ицәырымҵыцызт. Аԥсуаа Қырҭтәылатәи аполитика иаартны аҿагылартә формахь ииасхьан. Москва зны-зынла аԥсуаа иқәдыргылоз адҵақәа ирықәшаҳаҭхон; урҭ аԥсуа бызшәа ахьчареи аҿиареи, Аԥсуа ҳәынҭқарратә университети амилаҭтә телехәаԥшреи раартреи уҳәа реиԥш иҟаз адҵақәа ракәын. Арҭ азҵаарақәа инархыҳәҳәаны, иаҳҳәап, иаҳа арадикалтә ҟазшьа змаз адҵақәа, Аԥснытәи АССР Қырҭтәылатәи ССР алҵра, Аԥсны 1931 шықәсанӡа иамаз астатус аиҭашьақәыргылара уҳәа реиԥш иҟаз Аидгылатә Центр ақәшаҳаҭхомызт.

Горбачиов иполитикатә демократиеи аиҭашьақәыргылареи даналага, Қырҭтәыла иҟаз, уаанӡа иаҳа аҽынкылара змаз анационализм, агазеҭқәеи ақалақь ашҭақәеи рахь ицәырҵит.

Аԥсуаа равтономиеи урҭ раԥхьагылаҩцәеи иааиԥмырҟьаӡақәа рцәа рхыхра ақырҭқәа руаажәларратә ԥсҭазаара иелементхеит. Милаҭла иақырҭуам ауааԥсыра рахь ҿыҭыӡәӡәала ацәажәара, урҭ рыҿиара, рыхшароура армаҷразы адҵа ақәыргылара, Қырҭтәыла автономиақәа зегьы раԥыхра—реиԥш иҟаз ацәажәарақәа, адҵақәа Аԥсны агәҭынчымра ҟарҵеит.

1989 ш. гәыԥҩык ақырҭуа шәҟәыҩҩцәа ирҩыз иаарту ашәҟәы иаанарԥшит ақырҭуа уаажәларра аԥсуаа рахь ирымаз агәаанагара. Ари ашәҟәаҿы авторцәа ирыҩуеит абас: «Зқьышықәсала ҳара ҳгәыҳалалреи ҳқьиареи рхы иархәаны, шәышықәсақәак рышьҭахь Нхыҵ Кавказтәи ҳара ҳахь иааит аедыгьаа рхылҵшьҭрақәа (аԥсилааи абазгааи). Ҳара урҭ ҳадаҳкылеит ҳқырҭуа дгьыл аҿы. Ашьха илбааз, ҳмилаҭ дгьыл дахыҵәеит, ҳадгьыл ҳамаикит». Арҭ реиԥш иҟаз ацәажәарақәа рацәахеит. Иазгәаҭатәуп, аԥсуаа рыҩныҵҟа арҭ рҩызцәа алозунгқәа агәҭынчымра шцәырыргоз, аӡәи аӡәи ишеибырҳәоз, ҳмилаҭ-культуратә хаҿра аԥсахуеит ҳәа ишшәоз.

Ҳара ҳгәаанагарала, ақырҭуа-аԥсуа еимакы зхылҿиааз асоциокультуратәи аменталтәи мзызқәа роуп, урҭ амзызқәа роуп ари аимак зырҵаруа, аемоциагьы аҵазҵо. Аԥхьаӡа иргыланы иҳәатәуп, ақырҭқәагьы аԥсуаагьы, ирласны зҽызыԥсахуа агеополитикаҿы ирбо рҭыԥқәа реиԥшымзаара. Аглобализациа апроцессқәа шырԥырхагоугьы, аԥсуаа рзы даара акраҵанакуеит Кавказтәи адунеи иалахәны раанхара, Нхыҵ Кавказ ареспубликақәеи дареи рыбжьара иҟоу аҳәаақәа аартызарц (еиҳараӡакгьы аӡ. Ԥсоу аҳәаа), акультуратәи, аекономикатәи, ауааԥсыратәи еимадарақәа реиқәырхаразы.

Қырҭтәыла имҩаԥысуа Урыстәыла аҽаҟәыҭхаразы аполитика, аԥсуаа ирыдыркылом, избанзар, бызшәалеи культуралеи ирзааигәоу рашьцәеи дареи еиҩнагоит. Кавказтәи ахаҿра аԥсуаа рзы даара акраҵанакуеит, уи ала дара рхы рыхьчоит, рыҽдрырӷәӷәоит. Убри аамҭазы иҳәатәуп, аԥсуаа рҿы ишырацәоу Аԥсни Европеи еидызкыло, аԥсуаа иҳаракны ишахәаԥшуа европатәи акультура. Араҟа иазгәоуҭар ауеит ахаҿра аҩаӡарақәа хԥа—аԥсуаа, кавказаа, аевропатәылауаа. Ақырҭқәа (ақырҭуа политикатә елемент излаҳәо ала) Қырҭтәыла Европа иахәҭакуп ҳәа иахәаԥшуеит, Қырҭтәыла аҳәынҭқарра аԥхьаҟатәи аԥеиԥшгьы Европа-атлантикатәи авектор ауп издырҳәало.

1991 ш. Аҟәа иеиҿкааз Кавказ ажәлар р‑Конфедерациа Қырҭтәыла хырҩа арымҭеит, Шеварнаӡе иакәзар ари аиҿкаара «ақьаадтә бжьас» ҳәа азиҳәеит. Қырҭтәыла акультура аусзуҩцәа гәыԥҩык, иеицырдыруа ақырҭуа шәҟәыҩҩы Чабуа Амиреџьиби дназлаз, ҳаҭырқәҵарада ирыхцәажәеит аедыгьааи егьырҭ кавказ ажәларқәеи. Аԥсны иқәынхоз ақырҭқәа ирзеилкаауамызт 90‑тәи ашықәсқәа рзы аԥсуаа Нхыҵ-Кавказааи дареи ихацдыркыз реимадара, урҭ ирҳәон: «Абарҭ аԥсылманцәа ҳара ҳаасҭа шәара ишәзааигәоума?» ҳәа. Иахьа уажәраанӡагьы, Қырҭтәыла ауаажәларраҿы иҟоуп агәаанагара, Нхыҵ-Кавказаа Аԥсны ԥарала еибашьуан, урҭ хатәгәаԥхарала имааӡеит ҳәа, ари аҩыза агәаанагара ииашам. Иара убри аамҭазы иҳәатәуп, Қарҭ иахьа иааҟәьмҵӡакәа ишыҟанаҵо ааԥхьарақәа Кавказ аидкыларазы. Г. Нодиа ишазгәеиҭо ала: «ақырҭқәа Кавказ иҷыдоу аҭыԥ ааныркыларц рҭахуп». Гамсахурдиа ихаан даара ирылаҵәан иҟан иберо‑кавказтәи аидеиа. Ари аҩыза амодель, иаку Кавказ аҿы Қырҭтәыла аԥыжәара аҭара, аԥсуаа иргәаԥхом, избанзар урҭ Қырҭтәыла ралазаара ретно-культуратә хаҿра иаԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аимак амзызқәа инарҵауланы урылацәажәозар, иуҳәароуп, аԥсуа ҵарауаа реиҳараҩык (урҭ рыдагьы), аимак зыхҟьаз ахаҿра аиқәырхара апроблема ауп ҳәа шазгәарҭо. Ақырҭқәа имҩаԥырго аполитика аԥсуа милаҭ ирԥырхагоуп ҳәа ирыԥхьаӡоит. Ақырҭуа идеологцәақәак аԥсуаа хазы иҟоу жәларны ирыхәаԥшӡом, урҭ аԥсуаа агәра ддыргар рҭахуп иақырҭқәоуп ҳәа, ажәакала, ақырҭқәа, аԥсуаа рзы ихадароу раԥсуара рымырхырц рҭахуп. Иаҳҳәап, иара аԥсуаа шаԥсыуаау азхарҵаргьы, Аԥсны аԥсуаа ишыртәу азхарҵаӡом, ари аҩыза агәаанагара алогика шаҵамгьы. Бельгиатәи аҵарауаҩы М. Тео Ианс игәаанагарала, «ахаҿра ааиқәырхараҿы зегь реиҳа ихадоуп» Аԥсадгьыл. Анаҩс иазгәеиҭоит, аетномилаҭ рыԥсадгьыл ашәарҭара ишҭагылоу рбар, урҭ ргәы ԥжәоит, аиҿагылараангьы аӡәы дхьаҵуам ҳәа. Арадикалтә либералцәа гәыԥҩык, ргәаанагара иаҿагылозаргьы, ауааԥсыра реиҳараҩык рхаҿра мап ацәыркуам.

Ҭоурыхҭҵааҩцәақәак ақырҭуа-аԥсуа еимакы ахыҵхырҭас ирбоит Аурыс-Кавказ еибашьрашьҭахьтәи аамҭа. Усҟан аурыс аҳ ирепрессиақәа ирыхҟьаны аԥсуаа реиҳараҩык рыԥсадгьыл ааныжьра рықәшәеит. Ақырҭқәа ирзеилкаауам аурыс администрациа акәзар аԥсуаа рахь арепрессиа ҟазҵаз, избан аԥсуаа аурысқәа раасҭа ақырҭқәа иаҳа ахҭынҟьа зрырҭо ҳәа. Аиашаҵәҟьа уҭахызар, даара ибзианы иеилкаауп, аԥсуааи аҷырқьез жәлари рхырҵәараҿы аурыс аҳра имҩаԥнагоз аполитика дара ақырҭқәагьы рхы шаладырхәыз, уи афакт иахьа Қырҭтәыла ԥыҭҩык мап ацәыркуеит. Иара убасгьы иҳәатәуп, Урыстәыла Қырҭтәылахь аколониалтә политика шазыҟанаҵазгьы, ақырҭқәа аурыс изы, абзиара зҭаху «ажәларқәа ишырхыԥхьаӡалаз, убри аамҭазы, аԥсуаа ракәзар, аҳ иҿаԥхьа «ахара зду» ажәлар ҳәа ишыԥхьаӡаз. Ақырҭуа ҭауади-аамсҭеи Урыстәыла аҳ иҿы аҭыԥ бзиақәа рыман, ар рчынҳаракқәагьы ныҟәыргон, аԥсуа ҭауади-аамысҭеи ракәзар раҳра рымхын, аҳра иаҿагылангьы иқәԥон. Иара убри аамҭазы, Қырҭтәыла апрессаҿы имҩаԥысуан акампаниа, уи хықәкыс иаман иҭацәыз аԥсуаа рыдгьыл аҿы ақырҭқәа рнырхара. Ақырҭуа рккааҩцәеи апублицистцәеи агитациа ҟарҵон, ақырҭқәа, еиҳараӡак агырқәа рыҟны, Аԥсныҟа нхара ииасырц, урҭ Аԥснытәи аҳауа еиҳараӡак изнаало ақарҭвелқәа роуп ҳәа абжьгарақәа ҟарҵон: «... зегь реиҳа Аԥсны ианаалеит Раҷантәи, Имереҭтәи, Гыртәылатәи ахҵәацәа ... Егьырҭ ажәларқәа, арҭ реиԥш Аԥснытәи аҳауеи адгьыли рнымаалеит» ҳәа рыҩуан усҟантәи Қырҭтәыла агазеҭқәа. Н. Џьанашьиа ақырҭқәа ари адгьыл аҿы еиҳа аԥыжәара рыҭатәуп ҳәа иԥхьаӡон, уи арҵабыргразы иҳәон «ари адгьыл аҿы ақырҭқәа зныкымкәа аурыс ибираҟ иаҵагыланы ашьа карҭәеит», убри азыҳәан Урыстәыла аиҳабыра, рыдгьыл аҿы ашьха ихыҵыз абырзенқәа ракәымкәа, аԥсуаа ақырҭқәа ндырхароуп ҳәа.

Еилкаауп, аԥсуаа ртрагедиа ақырҭқәа рмилаҭтә интересны иахьыҟарҵаз аԥсуаа ргәы изалоу. Абас ала, аԥсуааи ақырҭцәеи хазы-хазы иеиҟәшахеит, ақырҭуа ҭҵааҩы Ҭ. Гордаӡе ишәазгәеиҭо ала, амҳаџьырра ауп аԥсуааи ақырҭқәеи еиҩызшаз. Иара убри иазгәаҭаралагьы, Урыстәылатәи аимпериа «ибзианы иазыҟаз» ажәларқәа рклассификациа апринцип аҽаԥсахуан, убас ақырҭқәа аԥхьа аԥыжәара змаз ажәларқәа ирхыԥхьаӡалан, анаҩсан «ахара зду» жәлархеит. 1900 ш. иҷыдоу Аусԥҟалагьы урҭ Аԥсныҟа рнырхара аанкылахеит.

1992–1993 шш. ақырҭуа-аԥсуа еибашьра алҵшәа ахәшьара аҭараҿгьы аимак аганқәа аиқәымшәара рымоуп. Аԥсуа ҭҵааҩцәа рзын, ақырҭуа ампыҵахаларатә ар мычқәа рықәцареи, уи иахҟьаны ақырҭуа жәлар реиҳараҩык Аԥсны ааныжьны Қырҭтәылаҟа рықәҵреи—ииашоуп, иақәнагоуп ҳәа иахәаԥшуеит. Уи ажәлар рхақәиҭратә қәԥара иалҵшәахеит, ажәлар ахьыԥшымразы ирымоу зинуп ҳәа ирыԥхьаӡоит.

Аԥсуаа реиҳараҩык ргәаанагарала, аҭыԥантәи ақырҭқәа аԥсуаа ирыдгыланы, танкла Аԥсны иақәлаз, аҭынч уааԥсыра ирылахысуаз ақәылаҩцәа ирҿагыланы иеибашьыр акәын. Аԥсуаа ихьааны ирыдыркылеит, аҭыԥантәи ауааԥсыра шәҭылеи шампанҩлеи урҭ иахьырԥылаз. Убри азоуп, аԥсуаа рыҩныҵҟа уаанӡатәи ргәылацәа ақырҭқәа рахь ацәымӷра ада, уаҳа цәаныррак зыҟам.

Ишдыру еиԥш, ақырҭуа литератураҿы иҟоуп агәаанагара, Қырҭтәылазы идрамахаз, аибашьра алҵшәа зхароу аурыс иполитика ауп ҳәа. Ақырҭуа ҭҵааҩцәа иазгәарҭоит, аурыс политикатә елита аԥсуаа ракәын изыдгылаз, урҭ ракәын изыцхыраауаз ҳәа. Аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩцәа ари азҵаара даҽакала иазнеиуеит: Москватәи аофициалтә политика 90‑тәи ашықәсқәа рзы Аԥснахь иамаз аполитика аԥсуаа ирыхәомызт. Иара убри аамҭазы иазгәаҭатәуп, иара Урыстәыла аҩныҵҟа иҟаз аполитикагьы—ганкахьала, апрезидент Ельцин икомандеи иареи, аҽаганкахьала, Иреиҳаӡоу Асовети уи аиҳабы Р. Хасбулатови дареи иҵарны реиҿагылара.

Иҟоуп узызхәыцша, иаҳҳәап, аибашьра аԥхьатәи аетапқәа раан Урыстәыла Қырҭтәыла еибашьралеи политикалеи ацхыраара арҭон. Иугәалауршәар ауеит урҭ зырҵабыргуа афактқәа: лаҵарамза, 1992 ш. Ташкенттәи аиқәышаҳаҭрала Қырҭтәыла иарҭеит ирацәаны асоветтә абџьар.

Карнеги ихьӡ зху Москватәи афонд аексперет Дм. Тренин излагәеиҭо ала, усҟантәи аамҭазы Урыстәылатәи ар Аахыҵ Кавказ иааныркылоз ароль ӷәӷәан, «Урыстәылатәи аруааи Қырҭтәылатәи рколлегацәеи дареи рыбжьара аимабзиара ӷәӷәа шьақәдыргылеит». Даара ибзианы еилкаауп аинрал П. Грачиови Ҭ. Қитовани (аҵыхәтәантәи Дм. Тренин «акыр зылшоз, Е. Шеварнаӡе иҿагылаҩ» ҳәа дишьҭан), «иҷыдоу аизыҟазаашьақәа» шрыбжьаз. Иеицырдыруа аԥсуа ҭоурыхҭҵааҩы, С. Лакоба иҩымҭак аҿы, рашәарамза 24 рзы Дагомыс аурыс-ақырҭуа знапы зҵарҩыз адокумент аҟнытәи иааигоит ацитата, уаҟа иҳәоуп «Урыстәылатәии Қырҭтәылатәии азинхьчаратә мчрақәа рхы иадырҵоит изинтәым арратәи зхала иеиҿкаау арратә гәыԥқәеи дара рынаӡаааӡара иаҵанакуа аиурисдикциаҿы ишаԥырхуа» ҳәа. 1992 ш. цәыббрамза 3 азы Кремль имҩаԥысуаз аиԥылараҿы Вл. Арӡынба иахь иҟаҵаз ақәыӷәӷәара, Б. Ельцин Е. Шеварнаӡе иаахтны идгылара, аԥсуаа рҿы агәынамӡара ду ҟарҵеит. Анаҩсан адәныҟатәии аҩныҵҟатәии аполитика аԥсахра иахҟьаны, Москва Аԥсны ашҟа имҩаԥнагоз аполитика акорректировка азнауит, аха уи иаанагаӡом Урыстәылатәи аиҳабыра Аԥсны Қырҭтәыла алҵра ԥеиԥшла ахәаԥшра иалагеит ҳәа.

2. Аганқәа рызнеишьа азеиԥш ҟазшьарбагақәа—Наҭелла Акаба

Ҳазлацәажәо аимак иалахәу ахадацәа ртәы ианалацәажәо, иеиҿагылоу аганқәа ҳәа ухаҿы иааиуа Қырҭтәылеи Аԥсынтәылеи роуп. Аха, Қарҭ ари азҵаараҿгьы ахатә гәаанагара амоуп: Қарҭтәи аофициалтә позициала, Аԥсны хазы иҟоу тәылаӡам, уи Урыстәыла аҭахрақәа ирзыӡырыҩны иназыгӡо мацара ауп, ахатәы политика амаӡам ҳәа иахәаԥшуеит. Жәашықәсала Қырҭтәылатәи ауаажәларраҿы абри аҩыза агәаанагара аладырҵәон, ари аимак иҵауланы ашьаҭақәа реилкаараҿы иаԥырхагоуп. 1993 ш. цәыббрамза анҵәамҭазы аԥсуаа рабџьар мчқәа Аҟәа ақалақь ахы ианақәиҭыртәуаз Е. Шеварнаӡе иҟаиҵеит аҳәамҭа: «Аимпериа мчқәа Аԥсны аимак ҟарҵеит. Аҟәа иацы дырҩагьых иеиқәурхар ҟалон. Уи зылшозгьы Урыстәыла мацара акәын, убри азы ауп ҳара Урыстәылахь убри аҩыза ааԥхьара зыҟаҳҵаз!» ҳәа.

Аконстатациа ҟауҵар ҟалоит, Қырҭтәыла аиҳабыреи ахадацәеи рыԥсахуеит, аха Аԥсны ашҟа Қарҭтәи аполитика ԥсахрада иаанхоит ҳәа. Иахьагьы аԥсуа ган аинтересқәа рхаҿы иааргаӡом, урҭ гәызианқәоуп, аурыс гьангьаш импыҵаихалеит ҳәа амифқәа аԥырҵоит. Убас Британиа иҟоу Қырҭтәыла ацҳаражәҳәаҩ Г. Бадриӡе агәра ганы дыҟоуп, «Урыстәыла аԥсуаа дыргаӡоит», иара хықәкы хадас иамоуп, ари атәыла аннексиа азура ҳәа. Ажьырныҳәамза 2010 ш. «Қырҭтәыла аиҳабыра раҳасабрбаҿы иаҳәоит, Урыстәылатәи Афедерациа Қырҭтәыла иаҿагылан агрессиа шазнауз», Москва аетностә еиҿагылара ҟанаҵеит «асоветтә аамҭазы иаԥҵаз ақырҭуатә автономиақәа рҿы» ҳәа. Арҭ автономиақәа рҿы заанаҵы иаԥҵан аҭагылазаашьақәа аҭыԥантәи асепаратистцәа ирыдгаланы ҳәа. Аԥсны аполитикатә елита убасҟак Урыстәыла иахьԥшуп, Қырҭтәыла аиҳабыра ирыднагалаз Иреиҳаӡоу Асовет аҿы ақырҭуа милаҭ рхыԥхьаӡара армаҷра иаанагоз рзеилымкааӡеит ҳәа агәаанагара рымоуп. Иеилкаауп, арҭ агәаанагарақәа аҵабырг ишацәыхароу.

Ҵаҟа иаагахоит аԥсуа-ақырҭуа еимакы иазкны иҟоу астеротипқәак, урҭ изныкымкәагьы инеиҵыхны даара ахархәара рымоуп ақырҭқәа рофициалтә политикеи аоппозициеи рҿы:

— аԥсуаа ақырҭуа идгьыл аҿы инхоит, избанзар, Аԥсны Имереҭ мамзаргьы Кахьеҭ реиԥш Қырҭтәыла иахәҭакуп ҳәа. Аԥсуаа ақырҭқәа рысасдкылареи рқьиареи рхы иадырхәеит, ақырҭқәа ҭабуп ҳәа рарҳәароуп, избанзар, урҭ роуп ари адгьыл иаԥшәымацәоу;

— ақырҭқәа—ижәытәӡатәиу акультура дуӡӡа змоу милаҭуп, аԥсуаа ракәзар, уажә ааигәоуп аҩыра анрауз. Убри азыҳәан, ақырҭқәа миссиа хадас ирымоуп аԥсуаа акультура рылааӡара, урҭ (аԥсуаа) рзы уажәы ашәара ыҟоуп, урҭ иоурысхар алшоит ҳәа;

— ақырҭуа-аԥсуа еимакы ыҟамкәа иҟазҵаз ахԥатәи амчқәа роуп, аҽакала иуҳәозар, Урыстәыла иара афеидазы Москва амаҵзура иалоу аԥсуа елита ахы иархәаны, иара ахатә интерес аӡбоит. Аԥсуаа рҿы ирацәаҩуп ақырҭқәа зҭаху, Урыстәылахь ацәымӷра змоу;

—аԥсуаа рхыԥхьаӡара зламаҷу ала азинтә шьаҭақәеи иҵабыргыҵәҟьаны алшареи рымам ихьыԥшым аҳәынҭқарра аргыларазы. Убри азы, Қырҭтәыла алазаара дара рзы иаҳа иеиӷьу мҩоуп.

Ари азҵаара иашала уахәаԥшуазар, ақырҭуа уаажәларраҿы иҟоуп еиҳа ирадикалтәу агәаанагарақәагьы, аха уажәтәи аҵакаҿы урҭ ҳраҩсит, избанзар, хыхь ҳазлацәажәаз апозициақәагьы аԥсуаа ацәымӷра рызцәырыргоит. Ақырҭуа уаажәларраҿы аԥсуаа рзыҳәан ишьақәгылаз агәаанагара иаартны иунарбоит, ақырҭуа-аԥсуа еимакы зхылҿиааз аганқәа ирымаз астатусқәа реиҟарамра шакәу. Убри азыҳәан, аԥсуаа рпозициа уалацәажәозар, аԥхьаӡа иргыланы ухаҿы иааугароуп, аԥсуаа рықәԥара зызкыз формалла иҟаз аиҟарамра аԥыхра шакәыз. Аԥсуаа ирыԥхьаӡоит рзинқәа ашьҭыхразы алшара ыҟан СССР аҿы Горбачиов ихаан ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, усҟантәи аамҭазы автономиа астатус Аидгыла ареспублика астатус аҟынӡа ашьҭыхра ада уаҳа даҽа мҩак ыҟаӡамызт. Аԥсуаа Асоветтә Еидгылахь иҷыдоу азыҟазаашьа рымоуп ҳәа иҟоу ацәажәарақәа иашам. Урҭ уи аамҭазы рыстатус ашьҭыхра, хыхь ишаҳҳәаз еиԥш, акәын ирҭахыз. 1990 ш. мшаԥымзазы, СССР жәлар адепутатцәа Реизара ду, Вл. Арӡынба дызлахәыз автономиатә республикақәа рдепутатцәа рықәӷәӷәарала, иаднакылеит Азакәан «СССР алҵра зҭаху Аидгылатә Республикақәа рзы аԥҟара». Ари азакәан аус аура ианалагалак ашьҭахь, автономтә республикақәа азин рыман дара злахәыз Аидгылатә Республикақәа СССР алҵаразы ақәҵара рыдыркылозар, дара рхатә референдум амҩаԥгара, аха ари азакәан аус ауртә иҟамлаӡеит.

Формаллеи фактлеи иҟаз аиҟарамра аԥсуаа цәымӷрала иазнеиуан, избанзар ақырҭқәа (рхыԥхьаӡара ада), аԥсуаа раасҭа излеиӷьу ҳәа акгьы рбом. Убри азоуп 1992 ш. ааԥын–аԥхын азы изцәырҵыз апроект афедерациаҿы иеиҟароу асубиектқәа ҳәа, ари апроект аус адырулеит, иагьцәырыргеит аԥсуа зинҭҵааҩцәа, аха уи Қарҭаа ахәамԥшит. Қырҭтәыла ахала аус зуаз 1978 ш. Аконституциа аԥнахит, ишьақәнаргылеит 1921 ш. Аконституциа. Аԥсуаа уи аҭакс, 1992 ш. ԥхынгәы мзазы, апарламент «аԥсуа афракциа» 1925 ш. Аконституциа рыдыркылеит. Уи Аконституциаҿы аԥсуаа ақырҭқәа ираҟараны астатус рыман. Қырҭтәыла ари аҩыза аӡба иаҿагылеит. Иазгәаҭатәуп «Апарламент «аԥсуа фракциа» апроект «Ихадоу Аԥсни Қырҭтәылеи реизыҟазаашьақәа рзы» иалацәажәарц ргәы ианҭаз аҽны, нанҳәа 14, 1992 ш. ақырҭуа ар Аԥсны ишалалаз.

Апарадокс шаҵоугьы, иҳәатәуп, аимак аганқәа ҳәа астатус анроу ашьҭахь ауп аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара иҟаз аиҟарамра апроблема аныӡбаха. А. Инал‑иԥа иазгәалҭеит: «Рыцҳарас иҟалаз, аиҿагылара, аимак, аибашьра ҟарҵеит аҭагылазаашьа, аиҟарамра узгәамҭартә… Абас ала, аимак аҵакаҿы акәхеит Аԥсни Қырҭтәылеи реиҟарара анубо» ҳәа.

Қарҭтәи аполитикатә напхгара, СССР ахырбгалара активла иаҿын, убри аамҭазы ирҭахын асоветтә иерархиатә система рхазы аиқәырхара, Аԥсны Қырҭтәыла иаланы иҟазарц. Хыхь ишаҳҳәахьоу еиԥш, Гамсахурдиа напхгара аниуаз аамҭаз аԥсуааи ақырҭқәеи акомпромисс ҟарҵеит Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет аҭыԥ аихшараҿы, уи инақәыршәаны, аԥсуаа 28 ҭыԥ рауит, ақырҭқәа—26, егьырҭ амилаҭ иреиуаз—11 ҭыԥ. Гәыԥҩык ақырҭуа политикцәа ари ашьаҿа акрызҵазкуа акәны иахәаԥшуан, аха азеиԥш ԥхьаӡарақәа ишаҳдырбо ала, ас еиԥш иҟоу акомпромисс злалыршахаз ақырҭуа депутатцәа рыла акәӡам, ажәлар иалырхыз егьырҭ амилаҭ иреиуаз – аурысқәа, аерманқәа, абырзенқәа уҳәа рыла ауп. 

Гамсахурдиа данахырҳәа, Шеварнаӡе Қырҭтәыла данахагыла ашьҭахь, амилаҭтә национализм еиҳагьы иӷәӷәахеит, Қарҭ аҳәара иалагеит «аԥсуаа ирымоу аԥыжәара аԥыхтәуп» ҳәа. Иара убри аамҭазы иҳәатәуп, апарламент аҿы иеиҳаны абыжьқәа умазаргьы, Қарҭ ақәшаҳаҭымкәа азакәанқәа рыдкылара шамуаз. Аԥсуаа раԥхьагылаҩцәа ракәзар егьырҭ асоветтә автономиақәа ирҿырԥшны, Қарҭ аиурисдикциа азхарҵомызт, Аԥсны аполитикатә статус ашьҭыхразы иқәԥон. Усҟан ари аҩыза аҭагылазаашьа шьақәгылеит. Иаҳгәалаҳаршәап зегьы иеицырдыруа, Б. Ельцин Урыстәылатәи автономиақәа рзы ииҳәаз: «Ижәга заҟа шәылшо асуверенитет!» Убри азоуп, аԥсуаа изырзеилымкаауа, Қарҭаа аҳәаҭыхла рыдҵа иахьаҿагылаз, избанзар, аԥсуаа уи аамҭазы иқәдыргылоз адҵақәа иара аамҭа иақәшәон.

Аԥсуаа агәра ганы иҟан, даргьы ақырҭқәа реиԥш азин рымоуп ахақәиҭреи ахьыԥшымреи рзы ҳәа. Убри азоуп ииашам ҳәа изырыԥхьаӡо, ақырҭқәа дара рхатә зинқәа алдыршозар, избан, дара изинӡам ҳәа изырыԥхьаӡо аԥсуаа ахьыԥшымрахь ирымоу агәаҳәара.

Аибашьра уааԥсыралеи, доуҳалеи, материаллеи ацәыӡ ду ҟанаҵеит, уи иаԥсахит аԥсуааи ақырҭқәеи реизыҟазаашьа.

Иу. Анчабаӡе иазгәеиҭоит «аибашьраҿы иҟалаз аԥсҭбареи агәаҟреи ицәырыргаз аетностә цәымӷра, еиҳагьы идырҵаулеит анегативтә емоциақәа» ҳәа.

Иара аибашьра ашьҭахьгьы, аибашьра иннажьыз агәаҟра иамыхәаԥшыкәа, Москва иҟанаҵаз ақәыӷәӷәара азгәаҭаны, иара убас 1997 ш. Чечентәыла иҟаз ахҭысқәа агәҭынчымра ицәырыргаз иахәаԥшны, аԥсуаа раԥхьагылаҩцәа ақәшаҳаҭхар акәхеит иԥсыҽу афедерациа аизыҟазаашьатә модель («Иаку аҳәынҭқарра», «Аидгыла аҳәынҭқарра»). Аха ари аҩыза акомпромисс аԥсуажәлар ирыдрымкылеит, акритика ӷәӷәа азыруит.

Аха, дара Қарҭаагьы ари авариант мап ацәыркит, избанзар урҭ агәра ганы иҟан, Москва ацхыраарала, Аԥсны иеиҳау анажьрақәа алдыршоит ҳәа. Ииашаҵәҟьаны, Қарҭаа уи иахьа ишырхашҭхьоугьы, 1993 ш. аибашьра анеилга ашьҭахь, Кремль апрецедент змам ақәыӷәӷәара ҟанаҵеит Аҟәа ашҟа. С. Маркедонов ишазгәеиҭо ала, 2008 шықәсаанӡа Москва иазханаҵоз Қырҭтәыла атерриториа акзаара ауп.

«1994–1999 ш. рзы Москва иҟанҵеит Аԥснахь аблокада ӷәӷәа. Анаҩсангьы, 1996 ш. Урыстәылеи Қырҭтәылеи еидгыланы СНГ аҳәынҭқаррақәа реиҳабацәа Аԥсны асанкциа азура рылдыршеит. Ажәакала, 1998 ш. Урыстәыла хықәкыс иаман Аԥсны Қырҭтәылахь архынҳәра». Москва агәра анага, Қырҭтәыла уаҳа Урыстәылахь ахы шхам, арахь аԥсуаа рполитикатә елита Урыстәылахь асимпатиа шрымоу, ашьҭахь ауп Кремль аполитика Аԥсны ашҟа хәыҷы-хәыҷла ианыԥсыҽха. Иара убри аамҭазы, 1999 ш. Аԥсны Жәлар Реизара иаднакылаз «Аԥсны Аҳәынҭқарра аҳәынҭқарратә хьыԥшымразы Ақт» Қарҭ алшарақәа армаҷит.

Аԥсны аибашьра ҟалаанӡатәи аамҭахь аиҭахынҳәра, уи ауп Мраҭашәаратәи абжьацәажәаҩцәа («Боден иплан» уҳәа уб. иҵ.) ирыдыргало, иақәшаҳаҭым. Уи амзыз еилкаауп, аԥсауаа ирхыргахьоу аҭоурых аамҭа агәра днаргоит Қырҭтәыла аҳәынҭқарра иалалар, урҭ ркультуреи рхаҿреи шырцәыӡуа.

Аԥсуаа агәра ганы иҟоуп, машәыршақә ишыҟамлаз Қырҭтәыла аҳәынҭқарра ахьыԥшымреи ахақәиҭреи шаиузҵәҟьа аԥсуааи ауаԥсааи рахь агрессиа, мамзаргьы адемографиатә еқспансиеи зҵаз аполтика ралагара ҳәа. Убас акәын ишыҟаз 1919–1921 ш. рзы, 30‑тәи ашықәсқәа рзы, иара убасгьы, XX ашәышықәса 90‑тәи ашықәсқәа ралагамҭазы. Ажәлар ргәалашәараҿы иаанхеит Аԥсны аҳәынҭқарра-азинтә статус аларҟәра (Асоветтә Социалисттә Республика 1921 ш., Автономиатә Республикеи 1931 ш.).

Абри аҩыза арепрессиатә политика анаҩсан иҟалеит аԥсуа территориа ақырҭуа хҵәацәа рықәнырхара, аԥсуа школқәа раркра, аԥсуа интеллигенциа рырӡра. Ақырҭқәа ирҳәоит, уи ақырҭуа политика акәӡам изыхҟьаз, уи зегьы иеицырзеиԥшу абольшевиктә политика ауп изхароу ҳәа. Аха убри аамҭазы иазгәаҭатәуп, аԥсуаа ирзыҟаҵаз арепрессиа мҩаԥызгоз ачекистцәеи акоммунисттә фунқционерцәеи шқырҭқәаз. Уиқәшаҳаҭымхар залшом ақырҭуа етнолог Г. Нижьараӡе, уи иҳәоит Сталин дахьақырҭуаз ароль ду ҟанаҵеит, «ақырҭуа иҷыдаҟазшьаз, иара зегьы дреиӷьушәа ихы абара, амилаҭ зегьы иахьырҟазшьахаз» ҳәа.

Хыхь иеиқәаҳаԥхьаӡ иааидукылар абри аҩыза алкаахьы укылыргоит, ақырҭуа-аԥсуа еимакы зхылҿиааз амзызқәа рацәоуп, урҭ иреиуоуп: аҭоурыхтә залымдырреи аиҟарамреи, акультуратәи адемографиатәи шәарҭара, ақырҭуа политикцәа иҟарҵаз агха дуқәа СССР хыбгалаанӡеи ианхыбгала ашьҭахьи. Иҳәатәуп Қырҭтәыла ауаажәларраҿы аԥыжәара шрымоу имцу астереотипқәа ақырҭуа-аԥсуа еимакы амзызқәа ирызкны.

Аибашьра иннажьыз агәырҩеи аԥсҭбареи, наҟ-ааҟ иҟоу агәаӷи, иеиҿагыло ахәшьарақәеи, аԥхьаҟатәи аԥеиԥш азы иҟоу агәаанагарақәа реиԥшымзаареи идыруадаҩуеит иҭынчу аизыҟазаашьа амодель, аҩганкгьы зықәшаҳаҭхаша, аԥшаара.

3. Аиҿцәажәаратә процесс аетап хадақәа (1993–2008 ш.): азнеишьақәа рыҿиареи алҵшәақәа ранализи—Иракли Хынҭәба

Ирацәаҩуп аибашьра ашьҭахь имҩаԥысуа аиҿцәажәаратә процесс ҭызҵаауа. Аха иагьа ус акәзаргьы, ҳара агәаанагара ҳамоуп ари азҵаара иҵагьы иазыхынҳәтәуп ҳәа. Избанзар, «нанҳәамза ашьҭахьтәи» аамҭеи «ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ҿыцқәеи» азгәаҭаны, Аҟәеи Москвеи ирыхьчо аполитикатә зинқәа абри апроцесс иаҿырԥшны иахәаԥштәуп. Ишԥарыхәаԥшуеи иахьа аиҿцәажәарақәа ирылахәыз ргәаанагарақәа рыԥсахра, амш азҵаара аиҭакра, иара убасгьы, ари апроцесс адәныҟатәи алахәцәа? Ҳара ҳгәаанагарала, иазгәаҭатәуп аиҿцәажәаратә процесс аетапқәа быжьба, урҭ инарықәыршәаны иалукаар алшоит имҩаԥысуаз аԥсахрақәа рҟазшьақәа.

4.1. Актәи аетап (1992–1993 ш.): аибашьреи ақырҭуа-аԥсуа еиҿцәажәара апроцесси рҷыдарақәа рцәырҵреи

Иахьа иҟоу апериодизациаҟны игәыгәҭажьуп аибашьра аамҭазтәи аиҿцәажәаратә процесс. Ҳара ҳгәаанагарала, иҟоуп ари аамҭа аетапқәа ақырҭуа-аԥсуа еиҿцәажәара апроцесс ахронологиа ралаҵара зырҵабыргуа амзызқәа ҩба.

Акы, ақырҭуа-аԥсуа еимакы 1992–1993 шықәсазтәи аибашьра акәӡам изхылҽиаауа, уи ари аимак аибарххара аҟынӡа инеиз акакәны иахәаԥштәуп.

Аҩбатәи, аимак иацыз апроблемақәа руадаҩрақәа қәҿиара змамыз аполитикатә зыӡбақәа рыла ишьақәгылеит аганқәа рпозициа хадақәа, иара убас игәылыршәахон Мраҭашәареи Урыстәылеи рхырхарҭа ԥхьаҟатәи реиҿцәажәаратә процесс аан.

Ахҭыс хадақәа:

—1992 ш. цәыббрамза 3 азы, Москва имҩаԥысит аурыс-қырҭуатә еиҿцәажәара аԥсуаа алархәны, уи хықәкыс иаман Аԥсны аибашьра аанкылара. Ари аиҿцәажәара иалҵшәахеит «Москватәи аиԥылара адокумент», ари адокумент аԥсуаа ринтересқәа ирықәшәомызт, В. Арӡынба иреилдиркааит ари ақьаад инапы заҵаиҩыз ашьаарҵәыреи, аԥсуааи егьырҭ ажәларқәеи рахь имҩаԥысуа агеноциди раанкыларазы шакәу. Уи, иара убасгьы иаахтны иҳәеит ари адокумент аҿы ишыҟоу «ашьацҳәақәа», иара убас, цәыббрамза 4 рзы иҟаиҵаз аофициалтә арзаҳал аҿы иазгәеиҭеит «ақырҭуа ар шакәу ихадароу аҭышәнмыртәалара ҟазҵо».

—1993 ш., ԥхынгәы мза 27 рзы, Москваа алархәны аԥсуааи ақырҭқәеи рнапы аҵарҩит аибашьра аанкыларазы Аиқәышаҳаҭра (Шәачатәи Аиқәышаҳаҭра, 1993 ш.). Шәачатәи аиԥылараҿы аиҿцәажәара иалахәыз аганқәа ираҟараны астатус аман Аԥсны. Араҟа знапы зҵаҩыз Аиқәышаҳаҭра Москватәи адокумент аасҭа, аԥсуаа ринтересқәа иаҳа ирықәшәон, избанзар, ара иҳәан ақырҭуа ар Аԥсны иалгатәуп, «Аԥсны изакәантәу амчрақәа русура шьақәыргылатәуп» ҳәа (ап. 8). Иагьа ус акәзаргьы, ари аиқәшаҳаҭра аҩ‑ганк иргәаԥхомызт. Қырҭтәылахь адемилитаризациазы адҵа ахьыҟаҵаз, аԥсуаа иргәаԥхомызт Аԥсны аԥхьаҟатәи аполитикатә шьақәгылашьа атәы ахьамҳәоз.

1992 ш. Москватәи аиҿцәажәарақәа рнаҩс, аԥсуаа аиҿцәажәара алахәылацәа рыгәра рымго иалагеит, избанзар, урҭ аԥсуаа ринтересқәа ирҿагылон. Уи аиҿцәажәараан аԥсуаа рстатус лаҟәын, аиҿцәажәара аофициалтә лахәык иаҳасабала ирыхәаԥшуамызт. Абарҭқәа зегьы, анаҩсан аибашьратәи аполитикатәи аобиеқтивтә ҭагылазаашьақәеи, аԥсуаа еиҳа-еиҳа агәра ддыргоит аиҿцәажәаратә процесс иалахәу апартнерцәа рыгәрамгара.

4.2. Аҩбатәи аетап (1993–1994 ш.): Москватәи аиқәшаҳаҭра иеиуеиԥшым аҵакы

Ари аетап аҿы аԥсуаа хықәкыс ирыман аибашьраҿы иргаз аиааиреи, Аԥсны ахьыԥшымреи, ақырҭуа хҵәаҩцәа рыргьажьра азы ашәарҭадаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵареи, ашьақәырӷәӷәара. Убри аамҭазы, ақырҭқәа аибашьраҿы раҵахара алахырҩарц азы гәҭакыс ирыман ахҵәацәа рырхынҳәра, аполитика-зинтәи адипломатиеи рхы иархәаны Аԥсны ахьыԥшымра аԥырхагахара. Урыстәыла хықәкыс иаман аинраалара апроцесс аҿы ахатә афунқциақәа арӷәӷәара, убри алагьы арегион аҿы анырра алыршара. Иеидгылоу Амилаҭқәа Реиҿкаара хықәкыс иаман аиҿцәажәаратә процесс активла аҽалархәра, уи ала Мраҭашәаратәи аполитикцәа ирҭахын Урыстәыла ароль арԥсыҽра.

Ахҭыс хадақәа:

—1993 ш. анҵәамҭазы ООН анапхгарала иалагеит Женеватәи аиҿцәажәаратә процесс. Ԥхынҷкәын мза 1, 1993 ш. ирыдыркылеит амеморандум, уаҟа иҳәан, аганқәа рхы иадырҵоит «Аԥснытәи аимак аҭышәныртәаларазы аиҿцәажәарақәа мҩаԥысуанаҵы абџьар мчы рхы ишадмырхәо» ҳәа.

—мшаԥымза 4, 1994 ш. ирыдыркылеит «Ақырҭуа-аԥсуа еимакы политикала аҭышәныртәаларазы аҳәаақәҵагатә Арзаҳал», аԥсуаа ргәаанагарала ара иазгәаҭоуп Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьақәа шыҟам афакт. Ари адокумент ицәырнагоит Қырҭтәылеи Аԥсни рыбжьара аконфедеративтә еизыҟазаашьақәа.

Аха, ООН‑и Қырҭтәылеи аԥсуаа ргәаанагара рыдрымкылеит. «Мшаԥымзатәи арзаҳал» иацны ирыдыркылеит «ахҵәацәа хатәгәаԥхарала рыхынҳәразы ԥшьганкгьы Реиқәышаҳаҭра».

—лаҵарамза 14, 1994 ш. имҩаԥысит Москватәи аиқәышаҳаҭра анапаҵаҩра. Ахысра аанкылареи амчқәа реидыгареи рзы иалагалан  аҭынчра аиқәырхара иазкыз Урыстәылатәи арратә маҵзуҩцәа рыла ишьақәыргылаз Иеилахәу амчқәа.

4.3. Ахԥатәи аетап (1995–1997 ш.): афедерализациазы апроектқәа рхыбгалара

Ахԥатәи аетап аҿы амш азҵаара ԥсахын: Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аҳәынҭқарра-зинтә еизыҟазаашьа амодель аԥшаара иазкын. Женеватәи апроцесс анԥсыҽха, Урыстәыла ароль аиҿцәажәаратә процесс аҟны иҳаракхеит. Иуадаҩыз асоциал-економикатә ҭагылазаашьеи (аблокада иахҟьаны), аиҿцәажәара апроцесс алахәылацәа зегьы рықәыӷәӷәареи ирыхҟьаны аԥсуа ган ақәшаҳаҭхар акәхеит Қырҭтәылеи дареи иеицырзеиԥшу аҳәынҭқарра апроект алацәажәара.

Ахҭыс хадақәа:

—1995 ш, ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Е. Бруннер дызлахәыз, ақырҭуа-аурыс-аԥсуа консультациақәа ирылҵшәахеит ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьа аҳәаақәҵаразы Аԥкаанҵа. Аԥкаанҵаҿы, Аԥсны Қырҭтәыла Афедерациа иасубиектуп ҳәа шанызгьы, аԥсуа ган иаднакылеит. Ари Аԥсны Аҳәынҭқарра Апарламент аҿагылеит. Апарламент идҵаны иқәнаргылеит аԥсуа делегациа 1994 ш., абҵарамза 26 азы ирыдыркылаз Аконституциа аҽақәыршәаны иныҟәаларц, анаҩсангьы, Аԥкаанҵаҿы иқәдыргылаз авиза анырхырц.

—1997 ш. иеиқәыршәан аҽа аԥкаанҵак (Москватәи аԥкаанҵа), уаҟа иазгәаҭан Афедеративтә Еидгыла аиҿкаара. Ари Аԥкаанҵа анапаҵаҩра ҟамлаӡеит, уи знапы аҵазымҩыз ақырҭқәа роуп, избанзар ара иҳәамызт атерриториа акзаара, анаҩсгьы, Афедерациа алҵра азин ыҟан».

4.4. Аԥшьбатәи аетап (1997–1999 ш.): аиҿцәажәаратә процесс аицәахараан агәреибагара арӷәӷәаразы аиԥыларақәа

Ари апериод аан ООН ароль шьҭыҵит, насгьы ихацыркын аимак аҟазшьа аиҭакразы амҩақәа рыԥшаара. 1998 ш. «лаҵарамзатәи ахҭысқәа» рнаҩс, аимак аконтекст цәгьахеит. Убри аамҭазы, аԥхьаӡа акәны амш азҵаара аимак аԥсахразы ихадоуп ҳәа иалагалан «агәреибагара арӷәӷәара».

ООН активра аҳаракра иабзоурахеит ақырҭқәеи аԥсуааи рыбжьара иформалтәым адиалогқәа рымҩаԥгара, 1997 ш., абҵарамзазы Женеватәи аиԥылараан иҳәаз агәреибагара алыршаразы амҩақәа рыԥшаара азҵаара ауп. 1998 ш. жьҭаарамза 16–19  рзы Афина имҩаԥысит ақырҭуеи аԥсуеи ганқәа реиԥылара. Ари аиԥылара алыршахеит еиҳараӡак ООН Амаӡанаҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Ливиу Бота ибзоурала. Аганқәа реиԥылара ацхырааҩцәаны иҟан Урыстәылеи ОБСЕ‑и, иара убасгьы аиԥылара иалахәын «Аиҩызцәа ргәыԥ». Рашәарамза, 1999 ш., Сҭампылтәи аиԥылараан агәреибагаразы иҟаҵатәу конкретла ирылацәажәан. Иаҳҳәап, аекономика ацхраара, аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩцәа реиԥылара аиҿкаара, аинформациа аимадаразы амеханизмқәа раԥҵара. Ирылацәажәан азинхьчаратә мычрақәа русеицура.

4.5. Ахәбатәи аетап (1999–2002): аиҿцәажәара амҽхак арҭшәареи зҽызыԥсахыз Урыстәыла ароли.

Ари аетап аҿы аиҿцәажәаратә контекст аԥсахра аиуит, уи 1999 ш., жьҭаарамзазы Аԥсны Жәлар Аԥсны Аконституциа референдумла рақәшаҳаҭхареи Жәлар Реизара—Апарламент аҿы Аԥсны аҳәынҭқарра ахьыԥшымразы Акт адкылареи роуп иҟазҵаз. Ари инаркны аиҿцәажәаратә процесс аҟны аԥсуа ган Аԥсны аполитикатә статус азҵаара алацәажәара мап ацәнакит, убри алагьы аиҿцәажәара амҽхак ҭшәахеит.

Арҭ ахҭысқәа мҩаԥысуан Урыстәылатәи аполитикатә елита аиҭакра анымҩаԥысуаз аамҭа инақәыршәаны. Владимир Путин Урыстәылатәи ФСБ аиҳабыра аҟынтәи аԥыза-министррахь даниас (нанҳәамза 1999 ш.) иалагеит инарҭбааны урыстәылатәи ар роперациа амҩаԥгара Даӷьсҭан, убри алагьы—чечентәылатәи аибашьра аҩбатәи аетап хацыркхеит. Иаразнакала Москвеи Қарҭи реизыҟазаашьа цәгьахеит, уи зыхҟьазгьы Қырҭтәыла, Панкистәи аҩхааҿы ишьақәгылаз аҭагылазаашьа ауп. Москвеи Қарҭи реизыҟазаашьа ацәгьахара анаҩстәи мзызс иҟалеит Қарҭ Мраҭашәарахь еиҳа ахы ахьархаз. 1999 ш. имҩаԥысуан Бақәа—Қарҭ—Џьеиҳан агаз мҩангаразы аиҿцәажәарақәа, иара убасгьы, егьырҭ аекономиатә зҵаарақәагьы ирыхәаԥшуан. 1999 ш. жәабран мзазы, Қырҭтәыла апарламент ахыхьчареи ашәарҭадареи акомитет официалла НАТО ахь аҳәара ҟанаҵеит «Қырҭтәыла асуверенитети ахьыԥшымреи» ахьчаразы, убри ашықәсан мшаԥымзазы ари аҩыза аҳәамҭа ҟаиҵеит Е. Шеварнаӡе. Аҽарӷәӷәон Қырҭтәыла Мраҭашәарахьҟа ашьаҿақәа.

Урыстәыла Аԥсныҟа ишхьаҳәыз аофициалтә цәажәараҿы ишанымыԥшызгьы, апрактикаҿы уи алыршахеит: аԥсуа-аурыс ҳәааҿы агәаҭаратәи аҳазалхратәи режимқәа ԥсыҽхеит, урыстәылатәи тәылауаҩра аиуразы арзаҳалқәа рыдкылара иалагеит, аихамҩатә еимадара аҽазыҟаҵара напы аркхеит, Аԥсны Қырҭтәыла аганахьала иалагалаз авизатә режим иалган. 1999 ш. Урыстәылатәи аполитикаҿы иҟалеит иааунырыртә аиҭакрақәа.

Ахҭыс хадақәа:

—хәажәкыра 15–16, 2001 ш. Иалта имҩаԥысит агәреибагара арӷәӷәаразы ахԥатәи аиԥылара. Араҟа аҩганкгьы аусеицуразы ирыдыркылеит иконкретыз амбициатә программа. Аха ақырҭуа еиҳабыра даҽазныкгьы аибашьра-политикатә кризис алырхит, жьҭаарамза 2001 ш. ачечен еибашьцәа ргәыԥ Руслан Гелаев хадара ззиуаз Кәыдры аҩхааҿы алалара иадгылеит.

—Абри аан ООН Амаӡаныҟәгаҩ Хада ихаҭарнак ҷыда Дитер Боден идокумент «Қарҭи Аҟәеи рыбжьара амчра реихшара апринцип хадақәа» (ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәалара – «Боден иплан») ақәҿиара амоуит. Ари адокумент аҿы иазгәаҭан Қырҭтәыла аҳәынҭқарраҿы Аԥсны «иҷыдоу» исуверентәу астатус. «Боден иплан» 1999 ш. ишьақәгылаз аҭагылазаашьақәа ирықәшәомызт.

4.6. Афбатәи аетап (2003–2006): апрогресс ахаҭыԥан арегресс.

2003 ш. аиҿцәажәаратәи аҭышәныртәаларатәи апроцессқәа шкризисхаз убарҭан. Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы Урыстәыла ООН ахаԥшьгара амнадаразы аҽазышәара ҟанаҵеит, иҟалап, иара убас  Қырҭтәыла иара анапаҵаҟа ааныжьразы ари аҵыхәтәантәи лшараны иамазҭгьы. Урыстәыла аҽазышәарақәа инаҿырԥшны ари арегион аҿы «ихадоу аҭышәныртәалаҩ» аҳасабала аладакавказтәи асценаҿ ицәырҵуеит — Европатәи Аидгыла. Ақырҭуа-аԥсуа еимакаҿы уаанӡа Европа ахы аланагаломызт, избанзар ара еснагь иҟан Урыстәыла, Иеиду Америкатәи Амилаҭқәа, ООН. Аха, аполитикала Европатәи Аидгыла амч аныӷәӷәаха, ари апроцесс аҽалархәразы еиҳа-еиҳа аҳәамҭақәа ҟанаҵо иалагеит. Иеиду Америкатәи Аштатқәеи иара аконтроль ззыҟанаҵо ООН амаӡаныҟәгаҩ хада иҩызцәа Ргәыԥ Қырҭтәыла иадгылози аԥсуаа рҿы агәрагара рцәыӡхьан, убри азоуп, Европа аԥхьа ианцәырҵ, насгьы иара апозициа агрессиатә ҟазшьа ахьанымԥшуаз азы, аԥсуа ган ибзианы изрыдыркылоз.

Ахҭыс хадақәа:

—хәажәкыра 6–7, 2003 ш. Шәача имҩаԥысит Урыстәылеи Қырҭтәылеи рхадацәа реиԥылара. Аԥснытәи аҳәынҭқарра аԥыза-министр Г. Гагәулиа днаԥхьан аиԥылара алҵшәа ирдырразы. Аганқәа еицәажәеит инарҭбааны аекономикатә проектқәа алыршаразы, аихамҩатә еимадара азҵаарақәа рзы, ахҵәацәа рыргьажьразы. Иазгәаҭатәуп, Шәачатәи адокумент аҿы Аԥсны аполитикатә статус шарбам. Аха Шәачатәи аиқәышаҳаҭра анагӡара залыршамхеит. Избанзар, актәи, аурыс-ақырҭуатә ҩганктәи аиқәшаҳаҭра, Аԥсны апроблема иазкны аилыргара хықәкыс измаз аԥсуа ган алахәӡамызт; аҩбатәи, анаҩсан аамҭа ишаҳнарбаз ала, ари аплан анагӡаразы Урыстәылагьы Қырҭтәылагьы уи интересс ирымамызт. Ахԥатәи, абҵарамза 2003 ш. Қырҭтәыла иҟалаз «агәилқәа рреволиуциеи» 2004 ш. Аԥсны апрезидент иалхраан ишьақәгылаз аҩныҵҟатәи аполитикатә кризиси, ари азҵаара аӡбара наскьаргеит.

—Аимак аҳәаақәҵаразы иҟаҵан ҩ‑планк: аԥсуаа ртәы «Аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ацаԥхеи» ақырҭқәа ртәы «Амҩатә хсаалеи». «Аԥхьаҟатәи аԥеиԥш ацаԥха» адокумент аҿы Урыстәыла аӡбахә ҳәаӡамызт, убри аамҭазы игәоуҭартә иҟан Аԥсны «Европатәи аигәылара аполитикахь» аинтерес шаанарԥшуа. Ари иаанагоз Мраҭашәарахь ахьаԥшра акәын, аха аимак аҭышәныртәаларазы иманшәалан иацхраауа ауп ҳәа узазҳәом. Ари аплан ала Қырҭтәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵар акәын, ацынхәра акагьы рыдымгалакәа. Убри аамҭазы, И. Аласаниа дызлацәажәаз «Амҩатә хсаала» ақарҭуа ԥҟара хадақәа ҭынчрала аҭышәныртәалара аԥсуа ган иаднамкылеит. Избанзар, уа зыӡбахә ҳәаз Аԥсны аполитикатә статус Аԥсны Аконституциа иаҿагылон.

Аганқәа рпозициақәа реиҿагылара, аимабзиара алыршараҿы апрогресс аҟамзаара, аҭынчратә процесс адинамика алаҟәра, ООН активра амаҷхара, абарҭ зегьы рҭагылазаашьаҿ иҟалеит 2006 ш. «Кәыдрытәи ахҭысқәа». Арҭ ахҭысқәа рышьҭахь аиҿцәажәаратә процесс аанкылахеит.

4.7. Абыжьбатәи аетап (2006–2008): «анаур-еиҿцәажәарақәеи» Аԥсны азхаҵареи

Ԥхынгәы 25, 2006 ш. ақырҭуа ар Кәыдрытәи аҩхаа алагара Аԥсны иазгәанаҭеит изықәныҟәоз аиқәышаҳаҭра хадақәа зегьы реилагареи ашәарҭара аазырԥшуеи акәны. Қырҭтәыла аиҳабыра официалла аҳәамҭа шыҟарҵазгьы ари аоперациа аполициатә ҟазшьоуп иаман, иара хықәкгьы —Кәыдрытәи аҩхааҿы «аконституциа ашьақәыргылара» акәын. Аԥсуа ган агәра ганы иҟан, Қарҭ Аԥсны ақәыларазы аплацдарм азнархиеит ҳәа. Уи анаҩсангьы, Қарҭ аимак амҽхак аԥсахра аҭахын, даҽакала иаҳҳәозар, Аԥсны атерриториаҿы «алегитимтә» мычра ацентр аҟаҵарала ауаа иднарбон аимак Аԥсны аҩныҵҟа ауп иахьыҟоу ҳәа. «Кәыдрытәи ахҭысқәа» аԥсуаа даҽазныкгьы иднарбеит, Қарҭ Аԥсны аргьажьразы абџьар мчы ахархәара шазнауа.

Аиҿцәажәара апроцесс официалла иаанызкылаз аԥсуа ган ауп, Қырҭтәылеи Урыстәылеи реизыҟазаашьа акыр ибжьысит. Арҭ ахҭысқәа мҩаԥысуан Косова иадҳәалаз азыӡбақәа анцәырҵуаз аамҭазы, убри аҟнытә аӡәырҩы «Кәыдрытәи аоперациа» Косоватәи асценариа Аԥсны алмыршаразы Қырҭтәыла имҩаԥнагоз апревентивтә уснагӡатәык аҳасабала иахәаԥшуан. Усҟантәи аамҭазы Урыстәыла иҟан ари азҵаара алацәажәара. Рашәарамза 2007 ш. Урыстәыла ахада В. Путин иҟаиҵеит асенсациатә ҳәамҭа, уи иазгәеиҭеит Косова апроблема Аԥсны, Аахыҵ-Уаԥстәыла, Приднестровие иреиԥшуп ҳәа. Жәабран мза 17, 2008 ш. Косова азхаҵара иҟалаз Аԥсны ирыдыркылеит «ҿырԥштәык» аҳасабала, убри аамҭазы Қырҭтәыла, Иеиду Америкатәи Аштатқәа, Европатәи Аидгыла иааҟәымҵӡакәа аҳәара иаҿын «Косоватәи ахҭыс» атәы.

Хәажәкыра мза 2008 ш. Урыстәыла Аԥсны аҿагыларазы иҟаз асанкциа иалҵит, СНГ аҳәынҭқаррақәа рхеилак ала 1996 ш. аркны ирыдыркылахьаз, рашәарамзазы—аихамҩа ашьақәыргылареи ахьчареи рзы Аԥсны иаланагалеит аихамҩатә ар. Арҭ зегьы мҩаԥысуан аимак ахьыҟаз аҭыԥаҿы ашәарҭадара арежим анеицәаха аамҭазы. Иҿыцу аҭагылазаашьаҿы Аԥсны ганкахьала иаҭахын ҿыц ақырҭуа агрессиа иаламгарц, аҽа ганкахьала, еиҳа-еиҳа ишьҭыҵуаз Урыстәыла анырра ацәцара, ихьыԥшым аполитика амҩаԥгара. Нанҳәамза 2008 ш. даара имаҷын агәра згоз Урыстәыла Аԥсны ахьыԥшымра азханаҵоит ҳәа. Усҟан Аԥсназы ихҭакны ирыман «таивантәи авариант», ари авариант иазхаҵоу аҳәынҭқарра аргылара акурс иақәшәомызт.

Аԥсуа политикатә лексикаҿы уи аамҭазы иҿыцны иаланагалеит ажәа «хырхарҭарацәала». Урыстәылатәи ахырхарҭа иаҳа аԥыжәара атәы шырҳәозгьы, Урыстәыла амонополиа арԥсыҽразы, адәныҟатәи аполитика адиверсификациа хықәкыс иҟан. 2008 ш. алагамҭа инаркны нанҳәа 8‑нӡа иуҳәар ауеит Мраҭашәаратәи атәылақәа рылшарақәа анырцәыӡыз аамҭа ауп ҳәа. Арахь ақырҭуа-аԥсуа еимакы аконтеқст аҿы дара ирылшон иаҳа иӷәӷәаз аҭыԥ аанкылара. Нанҳәа 2008 ш. «хымштәи аибашьреи», уи иашьҭанеиз Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рхьыԥшымра азхаҵареи ақырҭуа-аԥсуа еимакы аконтекст шьаҭанкыла иаԥсахит. Аԥсны аиҳабыра аиҿцәажәара апроцесс ишалҵыз ала аҳәамҭа аныҟарҵа ашьҭахь, Аԥсни Қырҭтәылеи рхаҭарнакцәа еиԥылоит Женеватәи адискуссиақәа рҿы, урҭ аԥҵан Медведеви–Саркозии рыплан инақәыршәаны. Аха Қырҭтәыла аԥсуааи ауаԥсааи рыстатус иахьақәшаҳаҭым азы, арҭ аиԥыларақәа рҿы иаԥҵам азинтә ҟазшьа змоу документк. Аганқәа рпозициақәа еиԥшым, уи адагьы урҭ еиҳа-еиҳа, Аԥсни Қырҭтәылеи рхырхарҭақәа реиԥш, иеиҟәыҭхахоит.

4.8. Ақырҭуа-аԥсуа еиҿцәажәара апроцесс: алҵшәақәа ахәшьара рыҭара

Ақырҭқәеи аԥсуааи аиҿцәажәара ианалага инаркны иеилкаан уи шылҵшәадахоз, избанзар, аганқәа рпозициақәа еицәыхаран, ганкы апозициа аиааира агара иаанагоз, егьи аган аҵахара акәын. Ганкахьала, уи зыхҟьоз иара официалла имҩаԥысуаз аиҿцәжәарақәа рлогика ауп, еиҳараӡак аимак аҿы ихьаау азҵаарақәа рҭышәныртәалара иадҳәалаз. Аҽаганкахьы, аиҿцәажәара аханатә инаркны урыстәылатәи анаҩс Мраҭашәаратәи абжьаҟазацәеи иаԥырҵаз анормативтә рамкақәа (Қырҭтәыла атерриториа акзаара аиҭашьақәыргылара) заанаҵы алҵшәа ҳәаақәырҵеит. Иарбан зҵааразаалакгьы, иаҳҳәап, агуманитартә зҵаарагьы, аполитикахь икылсуан.

Ииашаны иҟоуп агәаанагара ақырҭуа-аԥсуа еиҿцәажәара апроцесс азы илыҵшәадоуп ҳәа, аха алҵшәа ахәшьара аҭо иҳәатәуп аиҿцәажәараҿы лҵшәас иарбан иԥхьаӡоу. Ганкахьала иҟоуп, аганқәа зықәныҟәо анормативтә хықәкқәа, урҭ аетнополитикатә еиҿагылараҟны еиқәшәашьа рымаӡам—атәыла акзаара иаҿагылоит сецессиала ахьыԥшымразы азин. Абарҭ амзызқәа ирыхҟьаны аиҿцәажәараан аимак ганрацәала аӡбара азнеира аконцепциа аеффект амамызт. Аха, даҽаганкахьала, аиҿцәажәара хықәкыс иамаӡам аимак змоу аганқәа аиқәышаҳаҭра рыбжьаҵареи аиҿагылара арԥсыҽреи. Урҭ рҵакы дипломатиатә усеицзура ауп. Анаҩсангьы, аиҿцәажәарақәа раан имҩаԥысуа хшыҩла, интеллектла, концепциала аиндаҭлара изышьцылахьоу азҵаарақәа аҽакала ирыхәанарԥшуеит, хра зҵоу аполитикатә зҵаарақәа риашаеилкаара иазнархәыцуеит.

Иара убас, аимак политикала аӡбара аеффект ахьыҳаракым амзызқәа рахь иазгәарҭоит ақырҭуа-аԥсуа еимакы ашьаҭақәа ииашамкәа атрактовка ахьазуу. Ақырҭуа-аԥсуа еимакы политикатә еимакуп, уи аелита ринтерес ауп иаҵоу, урҭ рхықәкы анагӡаразы ажәлар амобилизациа рзыруеит ҳәа иҟоу агәаанагара иашам. Иара убри аамҭазы, аимак аетностә шьаҭоуп иаҵоу ҳәа аҳәарагьы иашам. Асецессиатә еимакы еснагь аполитикатә ҟазшьа амоуп, избанзар уи хықәкыс иамоуп аполитикатә зҵаара (иаҳҳәап, ихьыԥшым аҳәынҭқарра ашьақәыргылара). Ақырҭуа-аԥсуа еимакы аетностә мзызқәа роуп изыхҟьаз ҳәа азгәаҭара ицәырнагоит аҽа гәаанагарак: аимак зхылҿиааз Аԥсны аҩныҵҟа иҟоу аиҿкаарақәа реиҿагылара ауп ҳәа. Убри азоуп ақырҭуа-аԥсуа еимакы етнополитикатә еимакуп ҳәа изыԥхьаӡатәу. Аетнополитикатәи аетнотерриториатәи еимакқәа, жәаҳәарада, ақырҭуа-аԥсуа еимакы урҭ рхыԥхьаӡалоуп, ирыҵоу аинтересқәа ажәлар рхаҿра, рдоуҳа аиқәырхара ауп. Убри азоуп рыӡбарагьы аԥеиԥш замам. Ас еиԥш иҟоу аимак аӡбаразы азнеишьа ҿыцқәа аҭахуп.

5. 2008 ш. нанҳәамза ашьҭахьтәи ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҵакы аԥсахра—Иракли Хынҭәба

Ақырҭуа-аурыс аибашьратә еимакы, нанҳәамза 2008 ш. иҵысыз, аҵыхәтәантәи аамҭазы аҩтәылак рыбжьара иҟаз ацәымӷра иалҵшәахеит. Аԥсуаа ргәаанагарала, нанҳәатәи ахҭысқәеи Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵареи, арҭ—ақырҭуа милаҭтә проети аԥсуааи ауаԥсааи рхықәкқәеи реиҿагылара иалҵшәоуп. Иаахтны Қырҭтәылеи Урыстәылеи реиҿагылара, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара, урыстәылатәи арратә контингент аҩтерриториак ралагалара, ақырҭуа-аԥсуа еимаки ақырҭуа-аурыс еизыҟазаашьа аконтексти иӷәӷәаны анырра рзыруит.

Методологиала ииашоуп ҳәа иԥхьаӡоуп «нанҳәашьҭахьтәи аҭагылазаашьа» иеиуеиԥшым аҩаӡарақәа рыла азгәаҭара: геополитикала, субиектла, Мраҭашәаратәи азнеишьақәа рыла, аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьа азнеишьала.

5.1. Агеополитикатә ҭагылазаашьа аҩаӡараҿы

Агеополитика аҭагылазаашьа ҳәаақәҵазар алшоит аполитика—агеографиатә аренаҟны адунеитә политика акторцәа рымчрақәа реихшара шыҟоу ала. Абри аганахь ала, «нанҳәатәи ахҭысқәа» атектонтә ҵысра иеиԥшхеит, урҭ рылҵшәа алокалтә, арегионалтә, аглобалтә масштаб рауит. Аԥхьаӡа иргыланы иҳәатәуп, Аахыҵ Кавказ «ареал ҿыц» ашьақәгылара, ари ахҭыс агеополитикатә ҭагылазаашьа аформат аԥсахит. Уи иабзоураны Урыстәыла ароль ӷәӷәахеит, Урыстәыла «аиҭаира» ҟалеит, Урыстәыла амбициа шьақәнарӷәӷәеит, зегьы иднарбеит Аахыҵ Кавказ иара аинтерес аҿы ишыҟоу.

Нанҳәатәи аибашьра Урыстәылеи Мраҭашәареи еиҿанаргылеит. Аха иагьа ус акәзаргьы, иубартә иҟоу Вашингтони Бриуссели Москвашҟа апрагматизмра шаадырԥшуа. Иеиду Америкатәи Аштатқәа рҿы Б. Обама амчрахь даннеи, Вашингтон адәныҟатәи аполитика аҽаԥсахит. Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи разхаҵара Европатәи Аидгыла акритика азнауит, аха уигьы еиҳарак ариторикатә ҟазшьа акәын иамаз, избанзар, Европеи Урыстәылеи рыбжьара аекономикатә усеицзура амҽхак шьҭыҵит. Иҟоуп агәаанагара, Мраҭашәаратәи атәылақәа Урыстәыла аимабзиара аиқәырхара еиҳа иеиӷьаршьоит, Қырҭтәыла аинтерес ахьчара аасҭа ҳәа.

5.2. Асубиектқәа реимак аҩаӡараҟны

Жьҭаарамза 23, 2008 ш. амчра аиуит «Қырҭтәыла атерриториа аоккупациа иазку» азакәан. Ари азакәан идеиас иамоу «Урыстәылатәи Афедерациа Аԥсны аоккупациа азнауит», Москва ари атерриториа ахылаԥшра азнауеит ҳәа ауп. Араҟа аҵакы змоу «аеффект» ҳәа излацәажәо ауп, уи иаанаго аконтроль ахьыҟанаҵо атерриториаҿы ауаҩы изин ахьчаразы аҭакԥхықәра адуп ҳәа ауп. Агәаанагара ыҟоуп, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи азин амыругақәа ахы иархәаны, Урыстәыла аҭакԥхықәра аднаҵоит ҳәа.

Иҟалаз аимак аконтекст аԥсахрала ари азакәан уазнеиуазар, иара убас 2008 ш. нанҳәамза ашьҭахь Қырҭтәыла аиҳабыра ртактикеи рыстратегиеи хықәкыс ирымоуп Урыстәылеи Қырҭтәылеи рыбжьара аимак ахьыҟоу ҳәа аҟаҵара ауп. Аԥсны аетнополитикатә асубиектуп ҳәа иахәаԥшӡом. Уи шьақәдырӷәӷәоит, актәи, Қырҭтәыла Женева имҩаԥысуа аиҿцәажәараҟны аԥсуа делегациа астатус азхаҵара ахьаҭахым, аҩбатәи, абџьар мчы ахамырхәаразы Аҟәеи дареи ирыбжьарҵо Аиқәышаҳаҭра анапы ахьаҵанамыҩуа. Қарҭаа ргәаанагарала ари адокумент Урыстәылеи дареи рыбжьара ауп иахьрыбжьаҵатәу. Анаҩсгьы, «атерриториа аоккупациа азууп» ҳәа аконцепциа ахы иархәаны, Аԥсны азхаҵара апроцесс ааныркылар рҭахуп. Ари алогика ибзианы иубарҭоуп: атерриториа аоккупациа азузар, уатәи амчра ажәлар ргәаанагара акәӡам изықәныҟәо, урҭ «аоккупант» ииҳәо алоуп ишыҟоу, ус акәзар ахьыԥшымра аидеиа амоуп ҳәа алкаа аҟаҵара залшом. Европа Асовет иатәу Венециатәи акомиссиа ари азакәан иамоу анегативқәа азгәаҭаны Қырҭтәыла аиҳабырахь акритика аныҟанаҵа ашьҭахь, уи аԥшьгараҿыц цәырнагеит. Уи хықәкыс иамоуп Аԥсны «адеизолиациа» азура. Ара излацажәо «Аоккупациа зызуу атерриториазы Аҳәынҭқарратә стратегиа: аусеицурала алагалара», ажьырныҳәамза 27, 2009 ш. Қырҭтәыла иаднакылеит. Ари адокумент аҿы иаагоуп хшыҩзышьҭра зуҭаша аидеиақәа: Аԥсны атәылауаа «адеизолиациа» рзура, аекономикатә усеицзуразы апроектқәа, аҵаразы алшарақәа аԥҵара, аиҿагылара ҭынчмҩала аӡбара. Аха ари адокумент цқьа ибзианы иҭуҵаар иубоит уи хықәкыс иамоу: «адеизолиациа» иаанаго Аԥсны амчрақәа ирхыҳәҳәаны, Аԥсны ауааԥсыра Аконституциатә ҳәаақәа ирҭыганы, адокумент аусура алыршара ауп. Арҭ зегьы хықәкыс ирымоу, Қырҭтәыла атерриториа акзаареи асуверенитети апринцип хадақәеи рыхьчара, Аԥсны азхаҵара алмыршара, «адеоккупациа» аҟаҵара ауп. Анаҩсангьы, ари «Астратегиа» аҿы иҟоу азгәаҭа, аимак «адәныҟатәи» аҟазшьа атрансформациа алнаршаӡом.

«Астратегиа» аполитика рацәаны иахьаҵоуи, «Аплан» аусутәқәа дыргак ахьрымами, ирыхҟьаны арҭ адокументқәа аҩбагьы, аԥсуа ган ирыдрымкылеит, уи агәра унаргоит Аҟәа иҟанаҵаз акритика. Қырҭтәыла аиҳабыра аԥсуаа рҟынтәи ари иақәгәыӷуан, избанзар, нас дара ирҳәоит «аԥсуа ган» ирыдаагало акагьы иақәшаҳаҭхом ҳәа. Апрактикаҿы Қырҭтәыла иалшо зегьы ҟанаҵоит Аԥсны аизолиациа азура, 2010 ш. анҵәамҭазы «Аоккупациа зызуу атерриториа» Азакәан ахарҭәааразы ирыдыркылаз «Аоккупациа зызуу атерриториаҿы иҳәынҭқарратәым аиҿкаарақәа русура» амодальност аҽазныкгьы агәра унаргоит Қарҭ ахықәкы Аԥсны аизолиациа азура шакәу.

Убри аамҭазы, аԥсуа уаажәларраҟны Аԥсны ахьыԥшымра аназхаҵахеи, урыстәылатәи ар аконтингент аналаргалеи ишьақәгылеит агәаанагара ақырҭуа-аԥсуа еимакы нҵәеит ҳәа. 2008 ш. нанҳәамза ашьҭахь ицәырҵыз астереотипқәа иреиуоуп: иазхаҵоу Аԥсны аԥхьаҟатәи аԥеиԥши Қырҭтәылеи дареи реимак аҳәаақәҵареи еидҳәалаӡам ҳәа. Ари иаанаго аԥсуа уаажәларраҟны аимак ареитинг акаҳара ауп. Иашаҵәҟьаны, аимак аҭыԥ иқәҵоуп ҳәа аҳәара иашам. Актәи, аимак аҭыԥ иқәҵоуп ҳәа уҳәар ҟалоит аҩганкгьы рҭахрақәа анынагӡахо, аҽакала иуҳәозар, аимак зхылҿиааз амзыз аныӡбахалак. Аха, ақырҭқәеи аԥсуааи ирымоу ргәаанагарақәа иахьагьы иеиқәшәаӡом, иеиҿагылоит.

Аҩбатәи, Қырҭтәылеи Аԥсынтәылеи рыбжьара аҭынчра аиқәышаҳаҭра ахьрыбжьам аибашьреи аполитикеи рситуациа имашәыру афакторқәа ирхьыԥшны иҟарҵоит, ари аҩыза аҭагылазаашьа аҭышәныртәалара иацхрааӡом. Урыстәыла Аԥсны ашәарҭадара агарантиа шанаҭогьы, аԥсуа експертцәа агәаанагара рымоуп, аҭагылазаашьа ԥсаххар ҟалоит Москвеи Қарҭи реизыҟазаашьа еиӷьхар, мамзаргьы Алада Кавказ агеополитикаҿы еиҳа имасштабу аԥсахрақәа ҟалар ҳәа. Убри азоуп аекспертцәа арҭ агарантиақәа рықәгәыӷра аҭахым ҳәа изырыԥхьаӡо.

5.3. Адәныҟатәи (мраҭашәаратәи аполитика) алалара ахьынӡаҟоу

Нанҳәамза 2008 ш. ашьҭахь ақырҭуа-аԥсуа еимакы азонаҿы адәныҟатәи (Мраҭашәаратәи) ауаа рыҟазаара маҷхеит. Қырҭтәыла Москватәи аиқәышаҳаҭра аденонсациа аныҟанаҵа ашьҭахь, лаҵарамза 14, 1994 ш. ООН (МООННГ) амиссиа аусура лыҵшәадахеит. ООН Амиссиа амандат ԥхынгәы 2009 ш. иаанкылахеит, ашьҭахь уи ар Аԥсны иалыргеит. ООН Амандат аанкылареи, иара Аԥсны алгареи аҽа зныкгьы идырҵабыргит аимак аганқәа ирымоу апозициақәа реиҿагылара рыҽшырмыԥсахыц.

Европатәи Аидгыла Аҟәа агәра агартә еиԥш лҵшәала аус азымуит, абжьаҟазара залымшеит.

Кәыдрытәи аҩхааҿы (2006) ақырҭуа ар аналала ашьҭахь иҟарҵаз ареакциа, Аԥсны аназхарҵа ашьҭахь Бриуссель уи аҿагылара, Аԥсны азхаҵара аанкыларазы аҳәынҭқаррақәа рықәыӷәӷәара уҳәа убас егь. Аԥсны агәаанагарала ииашам. Аԥсуа ган ақәшаҳаҭым Европатәи Аидгыла Аԥсны атерриториаҿы амониторинг аҟаҵара, уи ҵаҵӷәыс иҟанаҵеит, актәи, «Медведеви–Саркозии Рыплан» (нанҳәамза 12, 2008 ш.) аҳәахьақәа, аҩбатәи, Европатәи Аидгыла Аԥсны асуверенитет азҵаара ақәшаҳаҭымхара. Ара иубарҭоуп Бриуссель Аԥсны астатус азы анеитралитет шзыҟанамҵо. М. Саакашвили нанҳәатәи ахҭысқәа раан ихымҩаԥгашьа, иара убасгьы Қырҭтәыла авторитаризмтә хкы змоу амчра ашьақәыргылара ирыхҟьаны, атәылақәа кыр Қырҭтәылахь ирымаз азыҟазаашьа рыԥсахит. Анаҩсангьы, Қырҭтәыла: аенергоресурсқәа рыбжьыгара, атәым ар амч ахьалоугалаша, адемократиатә реформақәа ахьымҩаԥысуа атәыла ҳәа иамаз аимидж каҳаит. Мраҭашәаратәи атәылақәа, еиҳараӡак Иеиду Америкатәи Аштатқәа, рыҩныҵҟатәи аусқәеи, Афганистани Ирани рыпроблемақәа ирхыҳәҳәаны, Қырҭтәылахь аинтерес рзыҟаҵаӡом.

Убри аамҭазы иуҳәар алшоит, Мраҭашәара ақырҭуа-аԥсуа аимак ахь ирымаз агәаанагара аконтекст аԥсахрақәак аланагалеит ҳәа. Аиашазы уи макьана цқьа иубарҭоу стратегианы ишьақәгылам.

Ҳгәаанагарала, Мраҭашәара Аԥсны аганахь иаадырԥшуа разыҟазаашьа бзиақәа ирылҵшәахеит: Аԥсны адемократиа мҩала ашьақәгылара, амчра демократиала аԥсахра, аграждантә уаажәларра аҿиара, Аԥсны Урыстәыла ахылаԥшра шыҟанамҵо ацәыргара, Аԥсны Урыстәыла алалара агәы ишҭам (Аахыҵ Уаԥстәыла еиԥш акәымкәа) уҳәа убас егь. Мраҭашәаратәи аекспертцәа рыҩныҵҟа еиҳа-еиҳа азхәыцра иалагеит Аԥсны аизолиациа азура шыгхоу, уи ала Аԥсны ахырхарҭа альтернатива шамам Урыстәыла ада. Ҳгәаанагара, уи зыхҟьо Мраҭашәаратәи аполитикцәа иеилыркаауа иалагеит, Қырҭтәыла Аԥсны шацәыӡыз, убри азы иазхәыцтәуп Аԥсны Мраҭашәара иацәымӡырц азы. Убри азы, Аҟәазы иаԥҵатәуп аҭагылазаашьа адәныҟатәи аполитика адиверсификациа алнаршартә еиԥш. 2009 ш. анҵәамҭазы Аахыҵ Кавказ аҿы Европатәи Аидгыла ахаҭарнак ҷыда Питер Семнеби, иазгәеиҭеит Европатәи Аидгыла аполитика ҿыц аконцепциа—«ахьыԥшымра азхамҵакәа алагалара». Ари аидеиа алыршаразы иаҭахуп иуадаҩу аполитикатәи апроцессуалтәи ԥрыҟәҟәаарақәа риааира. Анаҩсангьы, ари аплан Қырҭтәыла ақәшаҳаҭым. Қырҭтәыла Аԥсны иаднагалаз аплан «Аоккупациа зызуу атерриториақәа рзы Астратегиа» аханатә инаркны иеилкаан аԥсуа ган ишрыдрымкылаз. Аха уи ала, Қырҭтәыла иаҭахын Мраҭашәараҿы ишьақәнаргыларц агәаанагара иара аимак аҽеиҭакра ишазыхиоу азы. Анаҩсангьы, Мраҭашәара агәаанагарала Аԥсны ари аплан мап ацәнакызар, уи иаанаго дара адеизолиациа рҭахым ҳәа ауп. Арахь, аиашаҵәҟьа уашьҭазар, Қарҭ Аԥсны аизолиациа шыҟоу ааныжьра ауп ирҭахыҵәҟьоу.

5.4. Аурыс-аԥсуа еизыҟазаашьа аҩаӡара

Аԥсны аизолиациа иҳәаақәнаҵоит иара Урыстәыла аганахь иҟоу аполитикатәи аекономикатәи хырхарҭа. Аԥсны аназхаҵаха ашьҭахь Москва азин аиуит араҟа аҟазаара арыӷәӷәара. Цәыббрамза 17, 2008 ш. Москва рнапы зҵаҩыз Аиқәышаҳаҭра ауасхыр шьҭанаҵеит аԥсуа-аурыс еизыҟазаашьа ганрацәала аҿиаразы. Иахьазы 20 инареиҳаны Аиқәышаҳаҭра рыбжьарҵахьеит, аҳәынҭқарратә шьақәгыларақәа зегьы рҿы.

Урыстәыла Аԥсны аҟазаара арыӷәӷәара, уи ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҿы анырра шыҟанаҵо атема ауп нанҳәамза ашьҭахь аполитикатә дискурс аҿы ихадоу.

Араҟа ихадароу зҵаароуп Аԥсны амчра заҟа ихьыԥшым. Анаҩсангьы иҟоуп агәаанагара, Москва иаҭахым Аԥсны ирацәаны аҳәынҭқаррақәа азхарҵар ҳәа. Аха, Урыстәылазы иқьараӡам Аԥсны ихьыԥшым ҳәынҭқарраӡам ҳәа агәаанагара ҟалар. Уи Москва агеополитикатә интересқәа ирықәшәаӡом.

5.5. Лкаақәак:

Нанҳәамза иаҵанакуа аҭагылазаашьа арезиуме ҟаҵо, иазгәоуҭар алшоит анаҩстәи алкаақәа:

1. 2008 ш. нанҳәа анаҩс ишьақәгылаз ареали азы Қырҭтәыла аполитика аконцепциаҿы ҵакыс иҟалеит «адеоккупациеи» ахьыԥшымра алмыршареи астратегиа.

2. Ақырҭуа-аԥсуа еимакы аетнополитикатә ҟазшьа шамоу, Аҟәа аимак иасубиектуп ҳәа ақәшаҳаҭымхара аимак аҽеиҭакра иаԥырхагоуп.

3. Ажәытәтәи илҵшәадоу азнеишьақәа шыҟоугьы, иубарҭоуп Европатәи Аидгылаҿы апозитивтә ԥсахрақәа.

4. Аԥснытәи аган Қырҭтәылахь аимак аҭышәныртәаларазы аинтерес аанарԥшуам.

5. Ишьақәгылаз аҭагылазаашьа Аԥсны Европатәи Аидгыла иацәыхараны иҟанаҵоит. Адунеитә политикаҿы Аԥсны аҟәыҭхара, аԥсуа жәлар рполитикатә хықәкы Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара иаԥырхагоуп.

6. Нанҳәамза ашьҭахь: аҭышәынтәалара, мамзаргьы аҽеиҭакра —Наҭелла Акаба, Иракли Хынҭәба

Иахьа Кавказ амилитаризм аҳаракра азгәаҭаны иҳәатәуп ақырҭуа-аԥсуа еимакы уи аҭышәныртәалара шаруадаҩуа. Убри аамҭазы, Урыстәылеи Аҟәеи рыбжьара рнапы зҵарҩыз Аиқәышаҳаҭрақәа «Аҳәынҭқарратә ҳәаа ахьчаразы аусеицура рыбжьаҵареи» «Иеиду арратә базеи» рышьҭахь иуадаҩуп Қырҭтәылазы Аԥснахь арратә агрессиа алыршара. Аха, аколлективтә шәарҭадара амеханизмқәа рыҟамзаара аҭагылазаашьа аруадаҩуеит, еиҳараӡакгьы, нанҳәамза 2008 ш. ахҭысқәеи Қырҭтәыла СНГ ианалҵи рышьҭахь 15 шықәса рыҩныҵҟа ишьақәгылахьаз ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҭышәныртәаларазы иҟаз амеханизмқәа зегь хыбгалеит. Хаз ҷыдала иазгәаҭатәуп, аԥсуааи ақырҭқәеи рыбжьара, уаанӡагьы имаҷӡаз, агәреибагара зынӡак ишыԥсыҽхаз. Арҭи, егьырҭ аргументқәеи шаҳаҭра ҟарҵоит, ақырҭуа-аԥсуа еимакы, егьырҭ зҭыԥ иқәҵам аимакқәа реиԥш, хылаԥшрада ишааныжьтәым. Араҟа Женеватәи адискуссиа аформат мацара азхом.

Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь, аԥсуа уаажәларраҿы Қырҭтәыла атема усҟак иалацәажәом. Избанзар аибашьра ашьҭахь иҟаз Қырҭтәыла абџьаршьҭыхла Аԥсны иақәлоит ҳәа ашәара актуалра маҷхеит, иара убри аамҭазы, Қарҭ зегьы ирыланарҵәоит агәаанагара Аԥсны Урыстәыла анапаҵаҟа иҟоуп ҳәа. Аԥсны атәылауаа реиҳараҩык Қырҭтәылеи дареи аимадара рыбжьаҵара аҭахны ирбом. Қырҭтәыла апозициа азгәоуҭозар, иҳәатәуп, 2008 ш. нанҳәатәи акризис Қырҭтәыла аиҳабыра Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи рахь ирымаз аполитика шамыԥсахыз. Уи анаҩсангьы, Қырҭтәыла ҳара ҳауп агрессиа ззыруз ҳәа ахьыӡ рхы иарҭоит, Урыстәыла аҩсҭаа цәгьахәыцк аҳасабала адунеиаҿ ицәырнагоит, иара убасгьы иԥшуп Мраҭашәара Қырҭтәыла «атерриториа апроблема» рзаӡбоит ҳәа.

Аԥсны аӡәырҩы ргәы иаанагон, Шеварнаӡе дахҳәаны Саакашвили амчрахь даннеи ашьҭахь, Қырҭтәыла 1992–1993 ш. рзы иҟанаҵаз аибашьра аобиективтә хәшьара азнауп ҳәа. Аха уи ҟамлеит, нанҳәамза 2008 ш. анаҩс, ақырҭуа еиҳабыра Аҟәеи Цхинвали рахь ицәырыргеит аполитика ҿыц, аԥсуааи ауаԥсааи Москва иазыӡырҩуеит, урҭ Москва иаҟараны асуверенитет рымаӡам ҳәа. Убри анаҩсангьы, Қырҭтәыла иҟоуп агәаанагара аԥсуаа Урыстәыла ргәы ахшәоит, нас ақырҭқәа рахь рхы дырхоит ҳәа. Цқьа иеилкаам, аԥсуаа рхала рус рзымыӡбозар, рхы иақәиҭны акы аҟаҵара иалхәдазар, Урыстәыла ахылаԥшрала, нас дара Қырҭтәылахь рыхынҳәра зыҟалома?

Аиашаҵәҟьа атәы уҳәозар, Аԥсны ишьақәгылаз аҭагылазаашьа, Қырҭтәыла ишаҳәо акәымкәа, шьаҭанкыла аҽакала иҟоуп. Аԥсны Урыстәыла астратегиатә ҩызак аҳасабала иахәаԥшуеит, иагьеилыркаауеит Москва аԥсуаа рхьыԥшымра ҳаҭырқәҵарала ишазыҟоу. Аха, убри аамҭазы иазгәаҭатәуп Урыстәылатәи политологцәақәаки журналистцәақәаки рыбжьара аԥсуаа рхьыԥшымра зҭахымгьы шыҟоу. Уи шаҳаҭра ауеит, Аҟәа аполитика акритика азызуа М. Колеров иажәақәа: «Аԥсны 190 % ишпротекторатугьы хықәкыс иамаӡам Урыстәылатәи Афедерациа алалара. Зегьы раасҭа изықәшаҳаҭу ассоциациатә еизыҟазаашьақәа роуп. Аԥсны еснагь иҟазаауеит хазы иҟоу ҳәынҭқарраны, уи иамоуп ахатә биурократиа, амилаҭтә қәԥараҿы аихьӡара змоу...» ҳәа.

Ақырҭуа-аԥсуа еимакы ауадаҩра уазхәыцны, анаҩсангьы, арегион аҿы иҟоу адәныҟатәи амчрақәа ринтересқәа реиқәымшәара азгәаҭаны, иуҳәар алшоит ари аимак аӡбара аперспектива амам ҳәа. Зегьы реиҳа иалыршахараны иауа ҳәа иаабоит аимак аҽеиҭакра азыҟаҵара, мамзаргьы, аимак аҵакы аҽеиҭакра. Атеоретик Џь. П. Ледерах ишазгәеиҭо ала: «аҽеиҭакра хықәкыс иамоуп ауааи аресурсқәеи аԥыжәара рыҭара».

Ари апозициа уақәшаҳаҭхо, иуҳәар алшоит, абжьаҟазара ари хара ицо процессуп, уи хықәкы хадас иамоуп аибашьра асистема атрансформациа азыҟаҵаны аҭынчра асистемахь аиагара, мамзаргьы, аконтекст, аструктура, акторцәа аҽеиҭакра рзура.

Иахьазы иазгәаҭатәуп, ақырҭуа-аԥсуа еимакы афакторқәа аимак шдырҵауло, арԥсыҽра ишамыцхраауа. Ҵаҟа иааҳгоит, Клем Мак-Картни иааиго афакторқәа:

—аимак аҩганкгьы амчра аполитика ауп изықәгәыӷуа;

—иҳараку аибацәымӷреи аиӷарареи, аимак еиҳа идырҵаулоит;

—аҩганкгьы ирымоуп агәреибамгара, ашәара;

—аимак иахылҿиааз агәырҩа ҵаула, аԥсҭбара;

—аҩганкгьы рыбжьара азеилибамкаара, иԥсыҽу акоммуникациа;

—иҳәаақәҵоу аусеицуразы амеханизмқәеи аструктурақәеи рыҟамзаара;

—аимак змоу ргәаанагарақәеи урҭ рыӡбаразы рызнеишьақәа реиҿагылара.

Иахьазы иеилкаауп, аофициалтә еиҿцәажәарақәа, мамзаргьы жәларбжьаратә бжьаҟазацәа рҽазышәареи арҭ афакторқәа рахь анырра шырзыҟамҵаз, аимак аҽеиҭакра аҭахуп аҩныҵҟатәи аспект ахь иҷыдоу азнеишьа, иара убри аамҭазы, адәныҟатәи акторцәа ринтересқәеи дареи азгәаҭатәуп. Ари аҩыза азнеишьа иаанагоит амчра мап ацәкра, аиҟарамратә знеишьақәа раԥыхра, аиҿцәажәара иҿыцу акторцәа рылархәра, уҳәа убас егь.

«Хәымштәи аибашьра» ашьҭахь Европатәи Аидгыла Қырҭтәыла ароль ҳаракуп, уи азгәаҭаны, агәаанагара ыҟоуп, Бриуссель ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҽеиҭакра азуразы иалнаршаша рацәоуп ҳәа. Убри аамҭазы иҳәатәуп, Европатәи Аидгыла Қырҭтәыла аганахь иҟанаҵо аполитика еиҳагьы иеилаԥаҭеит ҳәа. Бельгиатәи аполитолог Б. Коппитерс ишазгәеиҭо ала, Европатәи Аидгыла иамоуп аԥҟрақәа аганқәа ринтересқәа аизааигәараҿы. Аха, Қырҭтәыла жәларбжьаратәи азхаҵара зламоу ала, уи еиҳа иамоуп алшара, иазхаҵам Аԥсни Аахыҵ-Уаԥстәылеи раасҭа. Европатәи аинститутқәеи Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи реиҿцаара иацәшәаны, Қарҭ ЕА аусура ԥнакаауеит. «Ари Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рыҩныҵҟа иҟоу аполитикатә ресурсқәа рҿы ЕА аусура арҵабыргра иаԥырхагоуп» ҳәа иҩуеит Б. Коппитерс.

Абас ала иазгәаҭатәуп, Қырҭтәыла ақырҭуа-аԥсуатә еимакы иеиуеиԥшым аспектқәа рахь азнеишьа аԥсахра агәы ишҭам.

Қарҭаа зыӡбахә рҳәо «Астратегиа» ақырҭуа-аԥсуа еизыҟазаашьаҿы зҵааракгьы аҭак анаҭаӡом, уа зыӡбахә ҳәоу «амчра арԥсыҽра» анализ агәаанагара узцәырнагоит, Қарҭаа згәы ԥырҵәаз Мраҭашәараа, иргәаԥхарц азы иҳәоуп ҳәа. Аҽаганкахьала, Аԥсны Урыстәылатәи абџьар мчи аекономикатә цхыраареи иақәгәыӷуеит, аимакгьы ҭышәныртәалоуп ҳәа ихәыцуеит.

6.2. Аҵыхәтәажәа

Хыхь иаҳҳәаз зегьы ааидкыланы, анаҩстәи алкаақәа ҳрызкылсып:

1) нанҳәамза 2008 ш. ахҭыс ашьҭахь Аахыҵ Кавказ ишьақәгылеит ареалла ҿыц, уи иахәҭакны иҟалеит зҽызыԥсахыз ақырҭуа-аԥсуа еимаки аурыс-қырҭуа еизыҟазаашьеи рконтекстқәа. Џьоукы ргәаанагаралагьы, Аԥсны ахьыԥшымра азхаҵара аимак амыӡбаӡеит. Ақырҭуа официалтә политика ақырҭуа-аԥсуа еимакы аетнополитикатә еиҿагылара ҟазшьа мап ацәнакуеит, уи иахьа иаҭахуп аимак аԥсуаа раламырхәра. Аимак аӡбаразы азнеишьақәа убарҭаӡам, иара убри алагьы, аԥхьаҟатәи ашәарҭадаразы ашьаҭақәа ҟаҵаӡам.

2) Ақырҭуа-аԥсуа еимакы аҳәаақәҵара залыршахом, уи ашьаҭаҿы аиҟарамра ыҟанаҵы.

Аимак аҭышәныртәаларазы ицәырырго амодельқәа зегьы апаритеттә принцип иқәныҟәозароуп. Аетнополитикатә еиҿагылара аҳәаақәҵаразы иадугалар ҟалоит аимак аҽеиҭакра аконцепциа, уи иаанагаӡом ирласны астатус аӡбара, аха убри аамҭазы, ауааԥсыра рҭахреи рзинқәа ахьчареи алнаршоит. Анаҩсангьы уи иаанагоит «ассиметриатә еизыҟазаашьақәа еиҿцәажәарала абаланс рзыҟаҵара;

3) Аҩганкгьы аиҿцәажәаратә процесс алҵшәақәа ирықәшаҳаҭым, уи зхарарҵо дара реизыҟазаашьаҿы аиқәшаҳаҭрақәа ахьыҟами, абжьаҟазаҩцәа русура алҵшәа ахьамами роуп. Аиашаҵәҟьа уҭахызар, ипроблема хадоу аҩганкгьы агәреибамгара ахьрыбжьоу ауп. Иаҭахуп аимак аҳәаақәҵаразы астратегиа аиҭазхәыцра, уи уажәшьҭа ииагатәуп аҽеиҭакра астратегиахь.

4) Урыстәыла Аԥсны аназханаҵа ашьҭахь обиективла ицәырҵит аимак аҽеиҭакра иҿыцу аопциақәеи аҭагылазаашьақәеи. Уаанӡа Аԥсны адгылаҩцәа амаӡамызт, уажәы амчра абаланс аҽаԥсахит, Аԥсны аҭагылазаашьа ӷәӷәахеит, агарантиа ҟалеит Урыстәыла Аԥсны абџьар мчыла ацхыраара шанаҭо ала.

5) Кәыдрытәи аҩхаа афактори, 2006 ш. акризиси рышьҭахь аиҿцәажәаратә процесс аанкылахеит, уи алҵшәа ыӡит 2008 ш. нанҳәатәи ахҭысқәа рышьҭахь. Аԥсны аиурисдикциа аиҭашьақәыргылара анаҩс аиҿцәажәаратә процесс иацҵахар алшоит.

6) Аԥсны партнерс иамоу Урыстәыла шакәугьы, уи Мраҭашәарахьгьы аинтерес амоуп. Избанзар европатәи акультуреи Кавказаа ркультуреи еиқәшәоит. Убри аамҭазы Аԥсны ирацәоуп иҟаҵатәу ауаҩы изин ахьчарази Аԥсны иқәынхо амилаҭқәа рзин ахьчарази.

7) Европатәи Аидгыла макьаназы изацәхьамҵыцт аеффеқтра злам ажәытәтәи азнеишьақәа август 2008 ш. иҟаз. Қырҭтәыла акзаара еиқәырхатәуп ҳәа иҟарҵо аҳәамҭақәа аимак аҳәаақәҵара иацхрааӡом, иара убасгьы, ЕА аимак аҿы анеитралитет амоуп ҳәа узҳәаӡом.

8) ЕА арегион аҿы аҭышәныртәалара аҟаҵаразы алагала ду ҟанаҵон Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара амчра ахы амырхәаразы Аиқәшаҳаҭра рыбжьаҵара аидеиа иадгылазҭгьы. Ари Аиқәшаҳаҭра ацхраауеит жәларбжьаратәи амчрақәа Аԥсны рыҟазаара аинституционализациа. ЕА Қарҭ иалнаркаароуп ари адокумент ароль, уи ақырҭқәеи аԥсуааи рдиалог ишацхраауа.

9) ЕА Урыстәыла аинтерес изаԥырхагахаӡом. Урыстәылеи ЕА‑и русеицура аҳаракреи, иара убасгьы, Европатәи арегион аҿы, Аахыҵ Кавказ налаҵаны, иеицырзеиԥшу ашәарҭадаратә система аԥҵареи азгәаҭаны, иуҳәар алшоит Европатәи Аидгылеи Урыстәылеи ирылшап ҳәа алҵшәа змоу амеханизмқәа рыӡбара ҳәа. Урыстәылеи ЕА‑и реимабзиара Аԥсны аинтерес иацхраауеит, избанзар урҭ рҳәоу еиқәымшәара аусеицура иаԥырхагоуп. Урыстәыла ароль арегион аҿы ҭоурыхлеи геополитикалеи инвариантуп.

10) Қырҭтәыла аԥхьаҟатәи аԥеиԥш аҿиараҿы ихадоуп ҳәа азаҳаԥхьаӡоит Қырҭтәыла ауаажәларра иазханаҵар аԥсуа-қырҭуа еизыҟазаашьа ажәытәтәи амодель ахь шьҭа ахынҳәра шзалымшахо. Ҟалашьа амаӡам Асоветтә Еидгыла аҳәынҭқарра анхыбгала ашьҭахь, иара иахәҭакыз Қырҭтәылатәи ССР аиқәырхара. Аԥсуаа рыстатус азгәаҭаны, аԥсуаагьы ихьыԥшыму рзин аназхарҵалак ашьҭахь ауп ақырҭқәа Қырҭтәылеи Аахыҵ Кавказтәи арегиони рзы аԥеиԥш бзиа аӡбара анрылшо.


(Благодарим Ираклия Хинтба за предоставленный материал.)

Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
Абхазская интернет-библиотека, с гиперссылкой.

© Дизайн и оформление сайта – Алексей&Галина (Apsnyteka)

Яндекс.Метрика