Абхазская интернет-библиотека Apsnyteka

Об авторе

Чамагуа Александр Хаджаратович
Кандидат технических наук, главный инженер СФТИ АНА. Окончил Высшее техническое училище им. Баумана.

А. Ҳ. Чамагәуа / А. Х. Чамагуа

Аматематика аԥсышәала арцәажәара алагамҭа / Озвучивание математики на абхазском языке

А.Ҳ. Чамагәуа. Аматематика аԥсышәала арцәажәара / А.Х. Чамагуа. Озвучивание математики на абхазском языке. 1-е издание (обложка)

Сухум, 2010

422 с.

На абхазском языке

Изалшома аматематика аԥсуа бызшәала арцәажәара? Ари азҵаара аҭак аҟаҵара иазкуп аусумҭа.
Араҟа иаагоуп аматематика аҵакы шьҭызхуа, ҳбызшәа ианаалап ззуҳәартә иҟоу имаҷымкәа ажәа ҿыцқәа. Аусумҭа иаанарԥшуеит ҳбызшәа шбеиоу, аха иҵегь иҵауланы амаҭәартә бызшәақәа рганахь ала аҭҵаара шаҭаху.
Ашәҟәаҟны иарбоуп алгебра 5-ҭәи - 9-ҭәи аклассқәа рпрограмма иаҵанакуа. Ашьақәыргылашьеи амаҭәарҵаки реицааишьа убас еикәыршәоуп, рҵага шәҟәык аҳасаб ала аҵаҩцәеи арҵаҩцәеи рзы ахархәара алшартә, иара убасгьы аԥсуа бызшәа иазҿлымҳау рзы абызшәа даҽа ганкахьала иагәылаԥшыртә.

Работа посвящена исследованию возможности озвучивания математики (геометрии и алгебры) на абхазском языке. Предложено немало терминов, позволяющих осуществить это намерение.
Объем изложенного материала охватывает школьную программу математики с 5 по 9 классы.
Метод и последовательность изложения материала позволяет рекомендовать данную работу в качестве учебного пособия по алгебре на абхазском языке, кроме того, может представить немалый интерес для языковедов.

Скачать книгу "Аматематика аԥсышәала арцәажәара алагамҭа" в формате PDF (42,1 Мб)


Аҩбатәи аҭыжьымҭа / Второе издание

Аматематика аԥсышәала арцәажәара / Озвучивание математики на абхазском языке

А.Ҳ. Чамагәуа. Аматематика аԥсышәала арцәажәара / А.Х. Чамагуа. Озвучивание математики на абхазском языке. 2-е издание (обложка)

Аҟәа: Акьыԥхь аҩны, 2016 / Сухум: Дом печати, 2016

240 с. Тираж 250.

На абхазском языке

Аусумҭа азкуп абжьаратәи ашкол иаҵанакуа аматематика аҵакы аазырԥшуа, аԥсуа бызшәа иалоу ажәақәа рыҭҵаареи, иҟам раԥҵареи.
Иаарԥшуп имаҷымкәа ажәақәа, аԥсуа бызшәа иалоу аматематикатә ҵакы мҩаԥызгартә иҟақәоу. Иаԥҵоуп ажәа ҿыцқәеи ажәаеицааирақәеи терминқәак реиԥш ахархәара зылшо.
Имҩаԥгоу аҭҵаарадыррақәа реихшьалак аҳасаб ала аусумҭа иацҵоуп аԥсуа – аурыс, аурыс – аԥсуа аматематикатә жәарқәа. Ажәарқәа рҟын иаагоу ажәақәа, реиҳараӡак аусумҭаҿы ахцәажәара зыҭоуи урҭ ажәарқәа рыцхырааралеи ишьақәыргылақәоу роуп.
Аусумҭа аԥсуа бызшәа амҽхак арҭбаауеит, аматематика аԥсышәала идзырҵои изҵои рзын кыр зҵазкуа цхыраагӡоуп, иара убас, абызшәа аҭҵааҩцәагьы илаԥшықәырҵартә иҟоуп.

Работа посвящена исследованию возможности озвучивания математических понятии и терминов в объёме средней школы на абхазском языке. Предложены новые слова и словосочетания, а так же выявлено немало слов входящих в абхазский язык, могущих нести математическую информацию. Приведён как итог работы, абхазо-русский и русско- абхазский математический словарь, составленный в основном, из предложенных в работе терминов и их сочетаний. Данная работа расширяет возможности абхазского языка, может быть весьма полезной как учебное пособие по математике для преподавателей, и учащихся, а так же, может представить немалый интерес для языковедов.

АХҚӘА

  • Аредактор лыҟнытә  3
  • Ажәа ҿыц аԥсуаҭҵаараҿы  7
  • Аԥхьажәа  11

      АКТӘИ АХӘҬА

  • Аусумҭа зызку азҵаара хада аҭагылазаашьа  17

      АҨБАТӘИ АХӘҬА

  • § 1. Агеометриа аԥсуа бызшәала арцәажәараз иҟоу проблемақәак  32
  • § 2. Имариоу агеометриатәи ԥшынрақәак рыхьӡқәа  37
  • § 3. Аҟьаԥсра иқәу имариоу агеометриатәи ԥшынрақәак  51
    • § 3.1. Ахҵәахақәа ҩба аҟьаԥсраҿ ишьақәдыргыло аԥшынрақәа  51
    • § 3.2. Аҟьаԥсраҿ ахҵәахақәа хԥа ишьақәдыргыло аԥшынрақәа  54
    • § 3.3. Ахҵәахақәа ԥшьба аҟьаԥсраҿ ишьақәдыргыло аԥшынрақәа  57
  • § 4. Аҟьаԥсра иқәу ицәаҳәаиашам агеометриатә ԥшынрақәак  60
  • § 5. Аҭаӡара змоу агеометриатә ԥшынрақәак  67

      АХԤАТӘИ АХӘҬА
     
      Амаҭәар арифметика аҵакы мҩаԥызго аԥсуа ажәақәак  94

  • § 1. Ахыԥхьаӡареи аԥхьаӡареи  94
  • § 2. Арифметика иаанарԥшуа ихадоу аԥҟарақәа. Азеиԥш згәаҭарақәак  98
  • § 3. Ахԥхьаӡарцәаҳәаиаша (ахԥхьаӡарцәаҳәа)  100
  • § 4. Аҳасабтә алахәылақәа  105
  • § 5. Ашьҭыхра  108
  • § 6. Ашара  109
  • § 7. Ахышьҭыхрбага  111

      АԤШЬБАТӘИ АХӘҬА
     
      Амаҭәар алгебра аҵакы мҩаԥызго аԥсуа ажәақәак  113

  • § 1. Азеиԥш згәаҭарақәак  113
  • § 2. Алгебратә ҵакҳәагақәеи урҭ рлахәылақәеи  114
  • § 3. Аиҟаратә  121
  • § 4. Аиҟаратәқәа рыҳасабраан, лассы-лассы иаҳԥыло аҳасабқәҵагақәаки урҭ рыхьӡқәеи  125
  • § 5. Алгебратәи аихшара  128
  • § 6. Аизышара  133
  • § 7. Алгебратәи аиҟаратәқәа ртеориа алацәажәараз иаҭаху ажәақәак  136
  • § 8. Иҩхыцырку аҳарг  145
  • § 9. Иҩхыцырку аиҟаратә  150
  • § 10. Арҿиагеи алҿиааи  152
  • § 11. Ахԥхьаӡарқәа реишьҭанеишьа  155
  • § 12. Аибыҭарақәа  158
  • § 13. Алогарифм  159

      АХӘБАТӘИ АХӘҬА

  • Аихшьала  162

      АҦСУА – АУРЫС ЖӘАР  166
      АУРЫС – АԤСУА ЖӘАР  198
      АЛИТЕРАТУРА  230

Скачать книгу "Аматематика аԥсышәала арцәажәара" в формате PDF (2,71 Мб)

 

Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
Абхазская интернет-библиотека, с гиперссылкой.

© Дизайн и оформление сайта – Алексей&Галина (Apsnyteka)

Яндекс.Метрика