Абхазская интернет-библиотека Apsnyteka

Виталий Харания

Об авторе

Виталий Харания

Витали Ҳараниа

Жәҩангәашәԥхьара аԥашәқәа

Витали Ҳараниа. Жәҩангәашәԥхьара аԥашәқәа (обложка)

Аҟәа, 2012

240 с.

Витали Ҳараниа, «Жәҩангәашәԥхьара аԥашәқәа» зыхьӡҵаны, ҿыц аԥхьаҩцәа ишәыдигало ари ашәҟәы аҿгьы, уаанӡа иҭижьхьоу: «Зиаҵәахә ҭамшәаӡо», «Аилыблаара», «Ашьаарҵәыра ашьҭақәа», «Зынасыԥ зцыблыз», «Ашацәа рылԥха» реиԥш, аиҳараӡак изызкугьы, иаанарԥшуагьы аԥсабара амаӡақәа (ауаҩы иԥсабара, иҩныҵҟатә дунеи) роуп. Уи шьаҭас иамоугьы адоуҳа иарҿиаз адинхаҵароуп. Иара аауеит аԥсуаа амарҭаҭра ҳәа изышьҭоу аҟнытә.
Ирацәоуп араҟа ҿыц изызхәыцу, ҿыц иара хаҭалатәи иԥышәа, идырра, иеилкаара ирыдҳәаланы автор иааирԥшуа, лабҿаба ихаҭа иибаз, Ашацәа иҵарҳәаны, ԥхыӡ ҳасаблагьы игәҽанҵагаха дызладырԥшыз, ҳара ҳахьгьы ииаганы ҳазгәылаирԥшуа, ҳахшыҩ ззишьҭуа.
Азныказ иџьазшьо дҟаларгьы алшоит, абарҭқәа зегь ҳара иахьа шьҭа иабаҳҭаху ҳәа, аха адоуҳа иазааигәоу, ҳбызшәаҿы зыԥсы ҭоу иарбанызаалак ахшыҩзцарақәа мыцхәхашьа рымаӡам, урҭ ҳмыцхраауазар, акы иаҳԥырхагахараны иҟам.
Ари наукам, ари адоуҳа ахала иарҿиаз ажәоуп. Ҳазшаз иҵаҳәарала иаԥҵоуп.
Убри аҟнытә, ҳарҭгьы мҩамш ҳәа азаҳҳәоит!

Скачать книгу "Жәҩангәашәԥхьара аԥашәқәа" в формате PDF (5,08 Мб)

Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
Абхазская интернет-библиотека, с гиперссылкой.

© Дизайн и оформление сайта – Алексей&Галина (Apsnyteka)

Яндекс.Метрика