Омар Беигуаа
Асҭампылтәи аԥсуа бжьы
Ажәеинраалақуа
Еиқудыршәеит:
В. Агрба,
Р. Агуажәба,
Џь. Аҳәба,
В. Аҵнариа.
Аредактор Н. Ҭар-ԥҳа
Ашәҟуҭыжьырҭа "Алашара"
Аҟуа - 1990
Омар Бейгуаа
Голос абхаза из Стамбула
Стихи
На абхазском языке
Cкачать книгу "Асҭампылтәи аԥсуа бжьы" в формате PDF (984 Кб)
HTML-версия:
АСҬАМПЫЛТӘИ АԤСЫУА БЖЬЫ
Ажәеинраалақуа
Аԥсуа шәҟуҭыжьра зҭысхьоу ақура абар шьҭа 60 шықуса иреиҳауп, иҭыҵхьоу ашәҟуқуагьы ҵакылагьы хыԥхьаӡаралагьы шьарда инаӡоит, аха иахьала иалыршахаз Ҭырқутәыла инхо аԥсуа поет, аԥсуа ҵарауаҩрккаҩы Омар Беигуаа ипоезиатә ԥҵамҭақуа реизга аҭыжьра ҳмилаҭ хаҿреи ҳмилаҭ ҿиареи рзы даара ихарацагоу, игухутәыхьӡароу ус дууп.
Енакузаалак идыру усми, «иҟалом» зырҳәаз ҳара аԥсуаа ҳҟны изқьынтәны «иҟамло» ак шакухо, знык «иҵасым» ззырҳәазгьы аамҭак ааины зехьынџьара ианҵасхогьы, ҳа ҳҟны «ишҵасым» инхоит зегьы рҵыхуанӡа, ихьшәаӡа.
Убас иахьанӡа ихьшәаӡа иаауеит абри еиҧш иҟоу ауаҩ ду иҩымҭақуа иара дыззыгук'уа, «ихы иҭау, игуы иҭау» итәыла-ԥсадгьыл Аҧсны рҭыжьра (уарла-шәарла «ҳаԥсы иахмырӡаауа» акык-ҩбак иажәеинраалақуа акьыԥхь ахьдҳарбаз рацәак храс иалоузеи!), иахьа аԥсуа ԥхьаҩы инапаҿы иоуеит Омар Беигуаа ду Аԥснынӡа иааӡахьоу иажәеинраалакуа еидкыланы. Шаҟа ҩымҭагьы макьана амаа иқуузеи Аԥсныҟа, Аԥсныҟа ҳәа! Агура дугьы ҳамоуп, «амшьҭа» бзиахоит ҳәа ари ашәҟуы! Иашьҭагылан иаашт, егьҭыҵышт ауаҩы нарҳа,
ауаҩ ду иҩымҭакуа: ипоезиатә ԥҵамҭақуа. Кавказҭҵаареи аԥсуаҭҵаареи ирызкыу хра злоу ишәҟуқуа. Урҭ рҭыжьра аиҿкаара ҳҵарауаа рыламыс аҿы иҟоуп макьаназ.
Ари ашәҟуаҿы аҧхьаҩ ибоит зыпату ҳхы иқуу автор истили иҩышьаԥҟареи иахьынӡазалшоз акыр ишеиқурхоу. Ус иара авторгьы иҭахыуп, ҳаргьы иахуҭаны иазыҳаԥхьаӡоит. Жәеинраалақуак ирыцуп убас автор иҟеиҵаз иазгуаҭакуак, ажәақуак реилыркааразы ихаҭа иҟеиҵаз ажәаргьы.
Аредактор
4702010202
Б -------------------- б/о-90
М623(06) 9
ISBN 5—8144—0281—4
(с) Ашәҟуҭыжьырта «Алашара», 1990
----------------------------------------------
АХҚУА
- «Быҷкун сара, ччара зхашҭыз...» Н. Ҭар-ԥҳа
- Саушәыжь!
- Гулиа Дырмит ишанаҿы
- Еидчалара ныҳәа
- Ԥромеҭе ибжьы: «Аҳ, ԥсеивгарҭак!..»
- Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы
- Беигуаа Омар инышәынҭра хаҳә ианыу
- Заза ҭыҧҳа
- Хьажәак аҵыхуа
- Аԥсны! Аԥсны!
- Аҳ, угуаны сыԥсында — сааугуыҵаукрын, Колхида!
- Ажәытәтәи аԥсыуа ҭарчеи ианыз анапы цқьа еиҵых
- Аԥсышәа
- Умаиааикуа уызгуырӷьауам
- Акаҩара ҳакунакыу?..
- Мҷышь азы
- Қьеца-ԥҳа Елыф лылақмар
- Грамерқы иахҳәаау
- Аҭаҭыҩрқь
- Иаԥсыуаан
- Арҵара
- Амуча ҽырдыу
- «Исыцәтәымуааым арԥызбак...»
- Ԥхаду
- Ҳабацәа анцәана Цыуына лыла ԥхьа ауаҩышәа шаԥырҵаз
- Албааҽеареи Ԥрометеи
- Жәытәтәи аԥсыуа еизарак
- Ӡызлан
- Ақулҭуыреи ақулҭҩыреи
- Ацҳа
- «Аҷаратәи (амсылман гурџьы) авокаҭ Џьаҳит...»
- Иырцахуыи Ныгу иыхаҳәыи
- Ҭауадын, урт аҳымызт
- Хьажәа ԥшьҟықуак
- Зда сымам сыбжьы
- Аӡхыҵәаи Иырцахуыи
- Адарымбаа Қьамал инышәынҭра ианыу
- Ҟаза машәыр иымҟыҵҟьаом
- Ажәаҩычаҩ иыгукышьа
- Чачхалиа Кьыршьал инышәынҭраҿы
- «Зыԥсаҭа бзыиахаша Џьонууа Ҷиҷико рыцҳа...»
- Мшышәҭауп, Аԥснаа!
- Хьажәа цыԥжәахақуак
- Ра
- Апоет В. Ахьиба изкыу ажәеинраалақуа
- Аиаша ҵәҟьа
- Ажәҩан ԥааҩцәа
- Уыбжьы зымгаои, сахьшьаԥа?
- Аԥсынтәыла аӷьаца ҭгаоит
- Ԥхыӡ иысбаз аикунҵәара
- 50 шыкуса раԥхьатәи гуалашәарак
- Ҳашьцәа, шәымш аабзиахааит!
- Аинтервиу аҟынтә
- Ааԥсара зқум агуы (Омар Беигуаа ибиографиа иаазыркьаҿны) Р. Агуажәба
«БЫҶКУН САРА, ЧЧАРА ЗХАШҬЫЗ...»
Омар Беигуаа иуазашәа-ергьашәа
Аԥсны аиацтәи амш, аиахьатәи амш, ма ауаҵәтәи амш уаназхуцуа, иугуаламшәар ҟаларыма ҳазну ашәышықуса аҩажәатәи ашықусқуа раан ҳашәҟуҩҩы-классик
Миха Лакрба Дырмит Гулиа ду изикыз ажәеинраала ҟаимаҭ.
Аԥсуа шәҟуҩҩыратә поезиа ахы аныцнах'уаз Дырмит Гулиа ииҩыз ажәеинраала «Аҳы, сышәҟуы, уеиҵамхан!..» — аамышьҭахь ари ажәеинраала, хымԥада, программатә трактатуп азуҳәар ауеит уи изҩызи изызкызи рзы адагьы иара Аԥсны ахаҭа азгьы.
Ушнеиуа унеи, уус гурҩагаз,
Уаҟумҵын, уашьҭаз, инагӡа!
Иуцәыхьанҭоугьы — мчыла уаҵаз,
Узхьымӡо — цасҳәа уҽахьыгӡа!..
Убас-убас, алада ицо ацәаҳәақуа, ажәақуа, аки-аки рҵаки рыкапани хеибарҭәаауа, дасу дунеик-дунеик, аха хықукы зеиԥшк иеицаҵаны.
Узырхуцша, иҩуижьҭеи 70 шықуса шҵуагьы (1919 ш. раахыс) иахьагьы иацәыӡым ажәеинраала актуалра, уаҵәгьы иацәыӡуам, ус иҟоуп Аҟазара, Аҟаза иажәа, Аҟыбаҩ ду анарха, алахьынца! Аха иҟоуп даҽакгьы, уи Омар Беигуаа иажәақуа рыла акумзар, даҽакала ҳәашьа аманы иуадаҩуп: «аԥсуа анцәа дишаны адәы дзықуиҵаз — дԥишәаларц ауп... ҳашԥишәауа мацара хааиуеит...» (уаху. ашәҟуы анҵәамҭаҿ О. Беигуаа иинтервиу).
Абри «хашԥишәауа мацара ҳааироуп» леитмотивс иаҵоу Дырмит Гулиа раҧхьатәи ипоезиатә жәҵыс «Аҳы, сышәҟуы, уеиҵамхан!..» «Ҳашԥишәауа мацароуп» ашәа знырҳәало аԥхьарцеиԥш, зыӡбаху ҳамоу Миха Лакрба иажәеинраалагь зынҳәалоу. Амала, шаҟа иҵәаа-ҵәаауазеи уи «аԥхьарца» бжьы!
Ажәеинраала зегьы шьахууп, ҳәарада, ишедевруп аԥсуа литература «аарыхраҿы», ҵакылеи формалеи акы узавбом. Иҟам ажәак усгьы изҭыԥым, имыцхуу, иҟьалахан иқунагалаз, акы аҵкыс акы ӷуӷуаны, зегьы апыҟҟаҳәа «ахҭыԥқуа» ирҭашәоит. Аха иҟоуп усгьы зегьы ирыцкыу, илымкаахыу, ажәеинраала зегь ақукы ныҟузго, «аԥсы зхоу» ацәаҳәақуа:
Уԥшишь! Иубома, амра гылоит!
Уажәнатә ицәывҵыҷҷоит иара!..
Убас хуҷы-хуҷла иҿыхоит,
Ҳара хазҽеихар, ҳ-Аԥсынра!
Егьа угуы алаҟаны, егьа ԥагьа ухы убо уҟазаргьы, абри ажәа «ҳара ҳазҽеихар» угуы амырԥшаар, ӷуӷуалагь уамырхуцыр залшом, убасҟак ауаҩы «иԥсырҭа» иақукыу ажәа еидароуп, ажәа ҭынхоуп, иуҳәар ауеит: ҭоурых ажәоуп!
Ҳабацәа урҭ рабацәа рҟынтә «абшьҭрала», абхуҭак еиԥш ирымдан иааҳго, зхацхуы уаха инкаҳмыршәыз убри «хашԥишәауа мацара ҳааира» бырҵкал кылхырҭас иаиуз жәларлеи дасу хаҭа-хаталеи хара ҳамхуцреи, ҳхы инагӡаны ҳамыхуареи, аҽеихараз ҳақуҧара, икуадамзаргьы, аӷьараҳәа аҟамлареи уҳәа, иарбан иамҳәо ари ажәа!
«Ҳара ҳазҽеихар...»
«Ҳазҽеихар, ҳазҽеихар, ҳазҽеихар...» — уааҟумҵӡакуа иуҳәалар цәгьа ишԥоуҭахыу зны-зынла!..
«Ҳашԥишәауа мацароуп» Аԥсны аҵеи гулымҵәах Гьаргь Чачба (Шервашиӡе) и-Аԥсны анхара дақуиҭымкуа, дахыганы тәым дгьыл ҳасабла Қырҭтәыла (Қарҭ) изихигаз аҵыхутәантәи ишықус хьанҭақуа. Уи «аԥышәара» мыжда дареиџьноуп уаҳа еиҭазҳәо акы акум ҳәа, иԥсадгьыл Аԥсны иазԥҵәаны ауеимадахәа тәым бызшәала изырҩыз иашәа хьанҭа «Уарада».
Шьҭрала адуцәа иреиуаз, Аԥсны аҳцәа иршьаз, иҟуш дууз, ҵара дугьы змаз аҳ-иԥа Гьаргь, еиқурхатәуп, абаа, ишәыхьча ҳәа ақырҭ бызшәа атрактатқуа аназиауаз, қырҭуак ишимыхьчара ианихьчоз, изгуамҭеит ивараҿ дышгылаз еихьымӡа-еиԥымӡа иааӡаз, амҳаџьырра зыԥсы ацәынзырхаз анхаҩ ӷар иҷкун, анхaҩы ҷкун Дырмит Гулиа дера ҿыцны ижәлар дышрылагылаз.
«Аҳы, сыжәлар, шәеиҵамхан!..» ҳәа аанарго, «Аҳы, сышәҟуы, уеиҵамхан!..» хәа иҿшынеихаз, дагьшахьӡаз ижәлари иареи ргухутәы.
Бжеиҳан ажәлар дуқуа рҵеицәа дуқуа, ҭауади-аамсҭеи аҳцәа рхылҵшьҭреи ракузар зыжәлар еиқузырхоз, алитература дуқуа, акультура дуқуа рзызчаԥоз, Аԥсны анхаҩы ҷкун иакухеит уи аԥеиԥш бзиа азызыӡбаз!
Анхацәа рҵеицәа ракухеит, рыдгьыл дацԥашәла ишазааигуаз еиԥш, дацԥашәрагь азызуз,
ԥхьаҟатәи аитаҿиара ацҳа хьанҭа иқусны...
Иаҳхылаԥшхуу, лахь сумҭан,
Ас сахьашшуа чҳарада.
Уа зны-зынла иаасырӷызлап
Сабацәа рашәа, уарада!..
Ишуазашәаз, уаҳа ергьашәак зхымҩыз Гьаргь Ачачба ахуаша иуарада!
Дзазҽеимхеит уи уаҳа ижәлар рлахьынҵа!
Еиҭах и-«Уарада» еиҭаганы, иара ишаимырҳәарыз аԥсышәала иуаз арҳәаны, Аҧсны аҵеицәа гулымҵәахқуа дрылазыргылаз — шьҭрала анхаҩы ҷкунцәа роуп!
«Хашԥишәауа мацара ҳааира» иԥнашәаз, уаҳагь лахьеиҵыхра змоуз Аԥсны ауаҩы хаҭара!..
Аԥсны «ааҵра» дшыҟаз, Аԥсны уаҳа изымааӡаз, забацәа рыдгьыл аҿы анышәнап иаҳәаз, нышәнапсгьы изауз...
Усҟан дгьылнырцә, нахьхьи Ҭырқутәылан, аҳәира илиаан зызҳаз аҵла шанеиԥш, тәымтәылан ижәлар рлахьынҵа хьанҭа далиаауан Омар Беигуаа, аарцә иԥсадгьылаҿ Дырмит ду иргаз ибжьы ҿаца зыбжьы ацзыргаз! Зыԥсадгьыл иацәыӡыз аԥсуа жәлар рҟуҵәак
амшын иалаӡыз цәыкубаршәа иналамӡырц, иагьалазмырӡыз!
Иара убригьы анхаҩы ҷкун иакуны!!!
Абри зегь илшеит Омар Беигуаа, убри «ҳашԥишәауа мацара ҳааира» даиааины!
Убри «аԥышәароуп» егьызхылҵыз, нас, О. Беигуаа ихьӡ ахны тәымдгьылынтәи — Асҭампылтәи — аҧсуа ибжьы акуны, ус анакуха, аԥсуаа — нырцә иҟа, аарцә иҟа — зегьы-зегьы руазашәа акуны, рергьашәагь акуны иҟалаз иажәеинраала-иашәа «Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы» (абраҟа исҳәар сҭахыуп ааигуа ҳкомпозитор Ражден Гумба сыширгурӷьаз — ашәа алихит уи !).
«Аҳы, сышәҟуы, уеиҵамхан!..» «иашьҭамнеир ԥсыхуа ыҟамызт Миха Лакрба иажәеинраала «Дырмит Гулиа уахь».
Урҭ ирышьҭамнеиргьы «ҵасхомызт» Омар Беигуаа иаԥҵамҭа гулымтцәах «Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы».
Аԥсны ала хҩоуп, алымҳа дагуоуп,
Лашарак зааишам, илашьцоуп...
Ихьанҭоуп Лакрба иуаз бжьы! Аха, мап, ишцац имцеит! Ихтит уи абла, алымҳагь ҵархеит, алашара иааиуагь — иахьанӡагь ирацәам, аха Асар рымҩеиԥш ҩаԥхьа игулҳәаа игахеит:
Иазылухт амҩа, маҷӡак угыуп,
Лашара иааиуа рацәаӡоуп!
Миха Лакрба илаԥш ҵар икылнакааз Дырмит Гулиа илихыз амҩоуп наҟынтәи, ҳәаанырцәынтәи, иаԥыҩланы изыргаз Асҭампылтәи аԥсуа ибжьгьы. Лашара иааиуа арацәароуп зышьҭа жжаӡа ажәҩан ианылаз аныхашьҭеиԥш, харантәи иаазыгӡаз аԥсуа ибжьы:
Амшын еиқуа сыҽԥынгылоуп,
Иасымша нырцә сыҧшыуа...
...Сгуы-сгуаҵәа нырцәҟа иынхаит,
Сзыӡысаом, сзыԥыруам...
Нас аҩныҵәаабжь еиԥш аӷьаҵәыӷьаҵәбжьы, аԥа, тәым дгьыл иқунакыз, амшын измырыз аарцә иан лахь иҿҭыбжьы-ҩныҵәаабжь:
Амшын анырцә иҽԥынгылау,
Сан, абааԥсы, бгуы камҳааит!
Сгудбыкларцы бнапы иеиҵыхыу
Бгуы каҳаны ихьамыҩрааит!..
Агуԥшаара, агуԥшаара, алаӷырӡ еидара — угуы икылачуа, уԥсы еихулазырхауа...
Изҳәо-изыҩуа илаӷырӡ, игурҩа хьанҭоуп дашьуа аҿынӡа, — хымԥада, иалшоит уаргьы уашьыр! — ус егьакухар ауеит, аха алада, алада иацуп аиқурхага-ԥсҿыхга; уаҩы ҳасабла адагьы милаҭ ҳасаблагь аиқурхага:
Быҷкун сара, ччара зхашҭыз,
Бгуҳәԥы схы нкыдҵаны,
Аҵәыуара зны сақуиҭхар,
Саагудбыклап срыӷуӷуаны!
Абра иаацәырҵуеит ажәеинраала агуцә хада, алыреиҧш автор ихуцра хьантақуа зегьы зхагьежьуа, еиҳагьы изырхьанҭо, аха еиҳагьы игуакьазтәуа, илымкаахызтәуа:
Быҷкун сара, ччара зхашҭыз... (!!!)
«Ҳара ҳазҽеихар» ажәа гуҭлыха, ажәа ҭынха аеҳәшьа, аешьа гуакьа!
Жәлары ҳасабла ҭоурыхла ҳаҿиара амҵәыжәҩақуа хьыдзыжәжәаауа ари «ҳазҽеихар» мыжда аиҭабзахара— аиҭаҿиара ҭоурыхтә етапк ахь, аҽеихарахь ианҳаԥхьо, Омар Беигуаа иажәа ҭынха ччара зхашҭыз, анаџьалбеит, закутә ҭоурыхтә трагедиоузеи, иажәа заҵәны, apaxь шәҟуы ианымӡало ҭоурых дуны иаҳәо!
Ашьхагуара шьхагуаразтәыз ашьхакуа зегьы аҽрылырҳәҳәаны, дара рыла аҽеибаркны, иара алагь дара еибаркны абаҟеиԥш ирылиааз ашьха кьоукьоу иаҩызоуп ари ажәа, ажәеинраала аҵакы зегьы азы, ахшыҩҵакқуа еизнагаз зегьы рзы! Омар Беигуаа ирҿиара ду зегьы азы!
Быҷкун сара, ччара зхашҭыз...
Азхуцра, аҵгуара даара ихьанҭоуп ари ажәа, «соуп» зҳәо хаҵакгьы изныҟумгаша, дзырҟушша еидара хьанҭоуп, аха ахаҵа данхаҵаха (ажәларгьы — аныжәларха!) иныҟугатәуп, иаҵгуатәуп ԥсыхуа змамгьы! Убри азоуп автор алада изиҳәо:
Сзымӡысао, сзымҧыруа,
Мшыни жәҩани саиааины,
Арсӡа ицарым, аамҭак ааиып,
Саагуыдбыклап срыӷуӷуаны!
Азхуцра. аҵгуара хьанҭоуп, хәарада, ишыхьанҭаз дарбан изымбоз аргама, лаԥшҿаба, уи ажәеинраала иара Омар ихаҭа игуҭыхажәа ибжьгьы даҵасны иацырӷызуа ҿырҳәала данҳзаԥхьоз уа Сҭампыл, ажәытә мҳаџьыр рыцҳақуа ирхылҵыз ирҭынхаз аԥсуааи Аԥснынтәи уа анеира зразҟхаз ԥшьҩык ашәҟуҩҩцәеи (Алықьса Гогуеи, Кумф Ламиеи, Платон Бебиеи, сареи) ҳаиԥылараан, 1988 ш. октиабр 9 рзы.
Хара-ныҟуаҩ иеиԥш, 90 шықуса дуӡӡа иоухаз — ԥшӡалагь иҵегь инажәразгаша! — ақура ду зҽырӷуӷуаҟаца иаҵагылаз, аха даара акыргьы шьта изқуӷуӷуоз ауаҩы ԥааимбар (дԥааимбарҵәҟьоуп Омар Беигуаа!) ари иажәа ҭынха данаԥхьоз, инапы ззынамӡоз, илаԥш
зхьымӡоз, аха гула-ԥсыла еснагь дыззааӡоу, збылра-зшыра еснагь дабылуа-иншуа итәыла-ԥсадгьыл ацәыхарара, азыгукра ахьаа ауаз еиԥш ианеихиҳәалоз збоз-изаҳауаз иарбан иеиҳаз ланарԥшыра хьанҭас ҳаԥсы ахьынӡаҭаз иаҳтахыз! Уажәымзар-уажәы игуы ааҿҵәоит, даахԥсаауеит, иаууеи, иуаз, уҳәарын, убасҟан идуун ауаҩы-ԥааимбар игунхьаа, аха дхаҵамыз, дԥааимбар уаҩымз Омар Беигуаа! Ибылны-иҷыҷны еиҭабзахаз аҵыс лаку феникс еиԥш, деиҭабзахеит Омар, анцәагьы исахьа аахуаны дасу ҳгуы дахьынкыдлаз — уа дкыдуп иахьагьы, ԥсраҽнынӡагьы!
Угуы изамбарыз, нас, анцәа ихаҭа дгыланы хара ицәынхаз, иԥсы зыӷраз идгьыл-џьанаҭ ауаз, агуаҟашәа ахиҳәаауан ҳәа! Аергьашәа ахиҳәаауан ҳәа! Аиеи, анцәа ихаҭа дгыланы! Аԥсынгьы, ирымҳәои, анцәа зегь реиҳа иԥсы зыҕраз, ихы-иԥсазы иҵәахны имаз, аԥсуа ида аҽаӡәы изыҳәа изымгуаӷьыз идгьыл хуҭа ссир акун ҳәа!..
Eгьа разҟыцәгьара ҳахтысхьеит аԥсуаа, егьарааны аччарагьы ҳхашҭхьан, аха аҵәыуара, аҵәыуараҵәҟьа ҳҽаҳамҭацызт! Ҳҽагьахамҭароуп ԥшӡала наҟ-наҟ! Иубаз еицәоу убеит ҳәа, иаабахьоу еицәоу шәырқыҭ иҟоуп! Усгьы «ҳашԥишәауа мацара» ҳааимгои...
Зхы ладырхаз ацәымзеиԥш, егьарааны ҳлахьынҵа ахы лахарц акгьы агымкуа ҳтагылахьеит, аха ҳааиҭашәаны, иккаӡа идырлашаз аҵх еиҧш, иааҳакушаны, даҽа зныкгьы ҳҭысуан анцәа иҟынтәи уи «ҳԥышәара».
«Имԥсыша аџьма амаҵә азылаҟууеит» ҳәа, егьараан егьа маҵәы ҳзылаҟуит, ҳхы ишаҳархуаз, «ҳшазҽеихаз атәакугушьоуп иахьатәи ҳамчымхарагь, аха иаҳзылаҟухьаз аҽа «маҵәык» даҩызамкуа дхазгылар акун усгьы аӡәы! Дагьҳазгылт. Уи Дырмит Гулиа ду иакухеит. Уи игуныҩит Омар Беигуаа ду, уиоуп егьзиҳәаз араатәи каламк ҳара иаҳзамырҳәаз: «уҧсы аҵаҟа сыԥсы ыҟауп!» Аха ихаҭагьы, аԥсуаа — уахь иҟа, арахь иҟa — ирзылаҟуз аҽа маҵәоуп!
Гула-ԥсыла, хшыҩла-наӡарала иуцзымҳәогь дҟаларыма: Дырмит Гулиа иҳаракыра ахуы ицықугылоу, хымҧада, Омар Беигуаа иоуп!
Дагымхароуп Омар Беигуаа уи Аҳаракыра!
Иахьа нахьхьи, дгьылнырцә, тәымтәылан, деилызкаауа раҵкыс деилызымкаауа, иху ӷба ишҭам ззымдыруа рацәоуп макьаназы. Уи ҳара уа инеиз ҳалалагь иаҳбеит, гунхуҵысҭалагь иаҳнырит. Убригь аԥсуаа наџьнатә ишаҳҵасхуу, ишаҳқуашьхуу еиҧш, ҳагьшзацәымцац еиԥш...
Аҳ, иаҳауеи, ԥсеивгарҭак,
Лашара ԥыҭк, наԥшырҭак,
Шьапҟьарҭа ҭыԥк, гуӷырҭак,
Бжьы заҳауа ҩызацәақуак!..
Убри «иаҳҵасхуу» аилибамкаара ауп, ҳәарада, изырҩыз Омар Беигуаа арҭ ацәахәа хьаақуа! Аха уи хуарҭа змам акы акум! Зынгьы дырзеилкаауамызт иаамҭалатәқуак Дырмит Гулиагьы!..
Иумҳәац џьышьа ҿыц иуҳәалар шԥоуҭаххои зны-зынла: шаҟа зқьышықусқуеи шәышықусқуеи аҭаххазеи усҟангьы аԥсуа илахьынҵазы убри ауаса иира! Аха диит!!!
Диит Омар Беигуаагь — ччара зхашҭыз Аԥсны аҵеи-шьауардын!
Атәым дгьылаҿ Дырмит Иуаҩдура имыздаз!
Иҳаракыра ицықугылаз!
Анцәа иумҳәан, ауаа, иахьыҟазаалак, рыдгьыл гуакьаҿ аку, тәымдгьылаҿ аку, анцәа иеиҧш изҵаԥшуа уаҩы наӡак, уаҩы ԥааимбарк рылахь данымкуа!
Убри иҵаԥшра аҟны мацарагь иаангылом, нагьаанымгылароуп ауаа!
Ицхалароуп дзықугылоу и-Аҳаракырахь!
Иагьыҟалароуп, нас, иԥсабаратәу азакуанеиуаршәара: урҭ шаҟа иҳаракхо, шаҟа ицхало, — убриаҟара иаргьы еиҳа-еиҳа дҳаракхоит!
Убриаҟарагь адунеи ду еиҳагьы иҭбаахоит!
Уагмыз, уагмыз — анцәа шьарда зымчу-у! — Омар Беигуаа, амҳаџьыртәи аԥсуа ԥааимбар ду уи Аҳаракыра!
Уагмыз Аԥсынра!
Даҽа зныкгьы иаӡахааит уи угудкылара урӷуӷуаны!
Нели Ҭар-ҧҳа
Аҟуа, 1989 ш. декабр мза
--------------------------------------
САУШӘЫЖЬ!
Сыузыгунқьуа ԥсык ала,
Сыузыӷызуа гуыҟ ала,
Хышәнызқьыҩы идырӷызуа,
Зыуарада сҳәао, стәыла,
Хышәнызқьыҩы аԥсыуаа
Еицырӷызуа бжьык ала,
Схы иҭау, сгуы иҭау, Аԥсны !
Сеиӷразбылуа, Аԥсны!
Аԥсабаран уа уҷыда
Акы сашьҭам, Аԥсны !
Аҳ, угуаҿы сыԥсында,
Сааугуыҵаукрын, Аԥсны !
Сеиӷразбылуа уволқан ауп,
Исыхулҟьао уылаҩ ауп,
Сааихсыӷьыргьы здыррыда,
Сыԥҟаҭарауп, сыԥжәарауп!
Саушәыжь! Сыҭҟуац, сыԥҟаҭа!
Сволкан лауха иҭыстарауп,
Сволкан лауха иҭыстарауп!
ГУЛИА ДЫРМИТ ИШАНАҾЫ*
Жолар ҿаҳа зырцәажәаз,
Гуы лашьцакы зрылашаз,
Бзыи гуыи рыхура зыҟазаз —
Рыхьы Гулиа Дырмит дыу!
Хурыи хуҿыи злаужьхаз,
Хшыҩ ҵары зырҿыхаз,
Хымчи гуымчи зырҿыиаз —
Рыхьы Гулиа Дырмит дыу!
Рыџьабара злархыргаз,
Рыгуырӷьара злаԥшьыргаз,
Зыхарҭа дыу ҳаихырхуаз —
Рыхьы Гулиа Дырмит дыу!
Иуаҭәау сзымҳәао, сгуы иалауп,
Ухьыӡ сгуы ианҩаалауп,
Уԥсы аҵаҟа сыԥсы ыҟауп —
Рыхьы Гулиа Дырмит дыу!
-----------------
* 1976 ш . февраль 15 рзы Омар Беигуаа С. Куҵниа изааиҭиз асалам шәкуаҿы ари ажәеинраала аҵыхуала иҩыз абра ианҵатәны иҳаԥхьаӡоит: «Гулиа Дырмит дыу ииымҭа а-101 шықусҵымҭа аҽны ҳарҭгьы хагукуа уаа загьы ишэылауп. Иеиԥш ашьаҭа ҳаҩцәа рацәаны ҳажәлар ираураны ҳныҳәаҩуп. Зынарцәы бзиахаша уыи иаҭәамзаргьы, изысҩыз ажәеинаала имузеи аҿы иысбеит, школк аҿы иаԥхьеит, аха иахьабалаак аицакракуа алан, ирасҳәақуеит, аха абри сҩыра бӷьыц иадҳәалау ишаныу ала иыриашаны шәгазеҭ ԥхаду ианыланы ауаа ирылаҩыр, загьы рҿы ииашахаон. Убригьы сазшәыҳәаоит...» Ҳаргьы араҟа ианаҳҵоит атекст иара ишиҳәаз ала, истильи иҩышьаԥҟареи азныжьны. Автор ишазгуеиҭаз
еиҧш, усгьы 30 инреиҳаны иажәақуа шьоуки иҩышьаԥҟарақуеи еилаганоуп иахьанӡа акьыҧхь шабахьоу ари ажәеинраала. Ашәҟуы анҵәамҭахь шәахуаԥш уи инапҩымта ақуҭых. — Н. Ҭ.
ЕИДЧАЛАРА НЫҲӘА
— Анцәа, ухьыӡ ԥхьа иаҳҳәауеит,
Уара заҵәык ҳуыҳәауеит:
Гуырӷьарыла ҳаицырчала,
Гуырҩеи гуы ӡреи ҳарцәыхьчала!
— Анцәеиҳәааит!
— Ҳаздеизалаз ргуырӷьаҵәа,
Ирыдеизалаз ҳаицырӷьаца!
— Анцәеиҳәааит!
Қуҿиара ҳагыумыжьын,
Ҳаиҵаханы ҳаныумыжьын!
— Анцәеиҳәааит!
— Ҳаԥсуара ҳцәыумырӡын,
Иҳагхауа ҳақуыумырӡын!
— Анцәеиҳәааит!
— Ҳхы ҳазмырхуао ҳартәыумтәын,
Зхы ҳазмырхуао ҳархыхьыумтәын !
— Анцәеиҳәааит!
— Ҳхы рлаша, ҳгуы ырлаша,
Ҳаибаргуырӷьао ҳаицыркуаша!
— Анцәеиҳәааит!
— Ажәларақуа еицәымӷыумтәын,
Аицхыраара рыцәымгыумтәын!
— Анцәеиҳәааит!
— Ауааԥсыра еицәымӷымхааит,
Иеибашаҭао иныҟуибагааит!
— Анцәеиҳәааит!
— Ҳныҳәа ԥхылда ҳуыхәаҩуп,
Ҳанцәа ҳазшаз ухьӡ ҳҿакыуп!
— Анцәеиҳәааит!
ԤРОМЕҬЕ ИБЖЬЫ: «АҲ, ԤСЕИВГАРҬАҚ!..»
Амардақуа срыгуҭахаит,
Сызымҵысуа срыбжьахаит,
Сыԥсы сзеивгаом, сеихулахаит,
Сызықугылоу хаҳә дысхаит.
Ахра сыкушауп, саунашьҭуам,
Шьапҟьарҭакгьы снаҭауам,
Стыша ҭшәаӡауп, наԥшырҭам,
Сҭаҟыҟит, сызҵысуам...
Сыҳәҳәан, ажәҩан иамаҳаит,
Аҿаҟьа дыс сыбжьы анԥаит.
Сыбжьынԥара са исаҳаит,
Ҭахуаҽырҭак сҭахаит.
Сыҳәҳәабжь ажәҩан иаҳауам,
Стыша ҵҩадауп, иҭыҩуам.
Сҭаҟукит, ԥшак ҭасуам,
Мархуагакгьы ҭаԥхауам.
Хуынхыҵ џьара дәы ыҟаума?
Бжьымга заҳао ықуума?
Ахра иалԥш срызбаома,
Марда зҧыша мчы ыҟаума?
Аҳ, иаҳауеи, ԥсеивгарҭак,
Лашара ԥыҭк, наԥшырҭак!
Шьапҟьарҭа ҭыԥк, гуӷырҭак!
Бжьы заҳауа ҩызацәақуак!..
АСҬАМПЫЛТӘИ АҦСЫУА БЖЬЫ*
Амшын еиқуа сыҽԥынгылауп —
иасымша нырцә сыԥшыуа.
Мышын ҵареи зегьы ыисуеит —
рыԥба ыҟам са сзынхьыуа.
Сгуы-сгуаҵәа нырцәҟа иынхаит,
Сзыӡысаом, сызҧыруам,
Згуахутәы иахьӡау ргурӷьа бжьы нгао,
Сара сгуы хууп, схьаа тәауам.
Мрагылантәи ԥшак аасысыр —
рыҧсы алаушь ҳәа сахуауеит.
Мрагыла ицао ԥшак аасысыр —
«Сымшра рызга!» — ҳәа сҵәаауеит.
Амшын анырцә иыҽԥынгылау,
сан, абааҧсы, бгуы камҳааит,
Сгуыдбыкларцы бнап иеиҵыхыу
бгуы каҳаны ихьамыҩрааит!
Быҷкун сара, ччара зхашҭыз,
бгуыҳәԥы схы нкыдҵаны —
аҵәыуара зны сақуиҭхар —
саагуыдбыклап срыӷуӷуаны.
Сзымӡысао, сзымԥыруа,
Мшыни жәҩани саиааины,
арсӡа ицарым, аамҭак ааиып,
саагуыдбыклап срыӷуӷуаны.
Згуаӷь мԥыcya ирыцхырааҩыу
аамҭеи гуаӷьи ҳахуаны,
зны ҳаиндыриап, ибацарыи,
саагуыдбыклап срыӷуӷуаны.
Быҷкун сара, ччара зхашҭыз,
бгуыҳәԥы схы надҵаны,
аҵәыуара зны сақуиҭхар,
саагуыдбыклап срыӷуӷуаны.
1968 ш. декабр 25,
Истамбул**
-------------------------------
* Ари ажәеинраала аԥхьатәи авариант аҿы игурԥшаагоу даҽа хьӡык аман: «Сызцәыхкьоу caн рыцҳа, исцәыӡыу, сашьцәа!» — Н. Ҭ .
** 1968 ш. анҵәамҭазы Ш. Д. Инал-иԥа ихьӡала Омар Беигуаа Ашықус ҿыц адныҳәалара иҟеиҵаз аҿы ианын абри ажәеинраала. — Н. Ҭ.
БЕИГУАА ОМАР ИНЫШӘЫНҬРА ХАҲӘ ИАНЫУ
Ихазы арс акы аҩра ԥхашьаразаргьы, знышәынҭра хаҳә аԥсышәала аҩра зтахыу рзы ихсаалагахарацы иҩит, даҭанашәымҵарцы дшәыҳәауеит.
ДНАӠАӠАТӘХААИТ БЕИГУАА ОМАР!
Беигуаа Баирам дызабыз,
Шамҳа Мыкыд дызаныз,
Беигуаа Омар дышьҭауп абра,
Ԥсшьарҭахааит идамра!
Зқьыи жәышәи акын диын,
Иахьа инарцә дазнеиын,
Днаӡаӡатәхааит шьҭа нахыс,
Анцәа дыиҭауп уажә нахыс.
Аԥсыуара ихарҭа адҵа,
Аԥсабара ишьҭа анҵа,
Дцеит, зыԥсаҭа хаахаша,
Аԥсыҭхаџьра ианиаша!
Ԥсныхәара игымхааит,
Ԥсыҭхаџьра иҭыԥхааит!
Иԥсы зкуиҵаоз абызшәа,
Дыззыгуыкыз аҧсышәа
«Аҳаш ианны иҿаҿаӡа,
Ихчнызазааит наӡаӡа!
---------------------
Автор иазгуаҭа:
Аҳаш — ахаҳә шкуакуа, амармалташь, аха амар-
малташь ҭырқуа ажәоуп. Аҧсышәала аҳаш ҳәа
ҳашьҭауп.
ЗАЗА ҬЫԤҲА
Заза ҭыԥҳа, Заза ҭыԥҳа,
Аху гуырӷьахуқуа ркаҷҷа-каԥха!
Была иҽырбауп сыдәы, сышьха,
Стәыла акакаҷ, Заза ҭыԥҳа!
Аӡқуа зҿаҽҽао бҿаҟьаи бахраи,
Ӡтәа хаа зыгуҭау бдәы иаҵәараи,
Џьанаҭ иеиҧшыу быԥсхақуаи,
Зла икакаҷыу, Заза тыԥҳа!
Бхылԥа гьежьы бхаҵашьала,
Быхцәы ԥаны ауыжьшьала,
Бычаԥашьаи баушьаи рыла
Шьха зла ԥшӡау, Заза ҭыԥҳа!
Бышьыжьы мра наакаԥхауа,
Быдә гуырӷьахуы нааҿыхауа,
Сараи ҳәараи, арыбаи уаа
Шәыбжьы шԥеицхаау, Заза ҭыԥҳа!
Боура камлаҳ ашьқьырышьа,
Быжьы хаала башәа ҳәашьа —
Гауа, шьжьымҭан бахуша ҩышьа —
Сгуы рҟуыҭәаауам, Заза ҭыԥҳа!
Заза ҭыԥҳа, Заза ҭыԥҳа!
Мышра бымауп, Заза ҭыԥҳа!
Колхидантәи сыла бзаацҳа,
Мшы бзаалышьҭит аԥсуа ҭыԥҳа!
---------------------
Автор иазгуаҭа:
Заза зыхьӡу ажәлара Ҭыркутәылан амрагылара иқунхаоит. Акурдқуа ирылазыԥхьаӡао ыҟауп, axа рыбызшәа курдшәаӡам, ихазыуп, заза бызшәауп. «Сараи, ҳәарыи, арыбаи уаа» — асари, аҳәари (аҳәарақуа), ацә, арбаҕь уҳәа ахацәа ркатегориа иаҵанак‘уа зегьы.
ХЬАЖӘАК АҴЫХУА
Ҷылау иҭакыу ҳаб Промеҭе,
Ԥсырӡха ишьҭау Зусҳан Тата,
Рыбжьы ҳаҳаот иҳаԥхьауа,
Уышьҭа ҳанылт Иафраҭ иышьҭа.
Ҳаҿиаот, иаҳкыу ҳтарчеи мышыуп,
Напы цкьа еиҵых ҟаԥшьы ианыуп.
Напхы еиқуаҵәеи нап раҵәеимкуа,
Зегьы ирыхушәу напы цқьа аныуп.
Шьҭа хазрааԥсаом аџьа еиҭа џьа,
Шәҿырхасҭа Аԥсны шәеиха, амарџьа!
Шәымца ишәыӷрау еидызхалаша
Шәҭарчеи шәаԥыуп, шәацца, амарџьа!..
Аԥсны,
19 ӡынгумз*, 1975 аш.
-------------------
Автор иазгуата:
* Ӡынгумз — октиабр мза.
Ҳҭарчеи зыхьӡу абираҟ ауп. Ажәытәтәи аԥсыуа бираҟкуа рыԥштәы ауп араҟа излацәажәо. Аҧсыуа ҭарчеиқуа кны Ҭырқутәылантәи ҳаауеит ҳәа акум иысҳәарц иысҭахыу. Ажәытә иаҳкын абираҟ, уажәы ҳгуы иакыуп, хахшыҩ иҭауп.
Сара 16-ҟa — 18-ҟa шықуса схыҵаанӡа сызҭаз ашколқуа аԥсыуаа иахьырзааигуаз акуын, аԥсыуаа сыԥшылан исыԥшылан. Раҧхьаӡагьы аҩыра-аԥхьара зласҵаз аԥсышәауп. Аԥсышәала аҩра саҿын, аҧхьара саҿын, аԥсыуара акуын сыԥшылаз. Аԥсыуаа иахьырзааигуаз ашколқуа санрылга, иахьыхараз лицеик аҟны сцеит, Едырне. Аԥсыуаа сырцәыхаран. Уаа инанагаз аԥсыуаақуак Адарымбаа Қьамал, Адарымбаа Фаиық ҳәа
ыҟан. Уа сшаԥхьоз раҳахьазаарын, иԥшаан, сырбеит. Уырҭ дареи ҳареи ҳанеибаба нахыс есы ԥсшьан иааны сыргоон, адәахьы ҳтәаны ацәажәара ҟаҳҵоон. Ҽнак уыс ҳаицын, ҳаицындахоон. Уа Елдырҭа ҳәа ыҟоуп, бнарак ыҟоуп. Ауаа цаны рыҧсы ршьооит, еимдаоит адауаҭ уаа. Ҳаргьы уа ҳцеит, аха агьырҭ атәым уаа ҳарцәыхараны џьара ҳтәан, ашәа ҳҳәоо, аԥсышәала ҳцәажәоо, амш наҳагӡеит. Убри убысҟан дараи Қьамал
рыцҳаи ииҳәаз Зурабеи иуаз ашәа арӷызрагьы Адарымбаа Фаиықыи иараи сараи иҟаҳҵоон. Ахумҽха анааи, даргьы ртыԥ ахь имцар ҟалуомызт. Ханхынхәын, ҳҭыԥкуа рахь ҳцеит. Уыи ахаара, уыи аҽнытәи ахаара, игухьааоз аԥсыуара аасгуалашәан, убри иыснарҳәаз убыржәы иыуҭаххаз:
АԤСНЫ, АԤСНЫ!
Сы-иахьагьы уа уыла иыҭәны иыиыст, Аҧсны!
Еихсыӷьра зқум уымцаны сара усыӷрауп, Аԥсны!
Уымбадара сзычҳах'уам, уыгухьаасгаӡеит, Аԥсны!
Ных, шьҭа сыблааит уымцала, уысзычҳах‘уам, Аԥсны!
Хаҭа заҵәы адәы сықууп, уыла сҭәы, сыуцәыхара,
Уыда хуцырҭак змау ауаа са сырцәыхара.
Уыда хуцырҭак змам саԥсыуаагьы сцәыхара.
Адәы сықууп сбылуа, абзанӷьара сцәыхара!
Ари амҩасшьеи ҳареи арс ҳабанӡа еибаркурлаша,
Ари агуршеи сыжәлареи абанӡа еибахурлаша!
Ҳанцәа ҳазшаз — иазымхаои — цәгьа мчы абанӡа халаша?
Тәылеи жәлареи абарсӡа иабанӡа еизынхьылаша?
Ма, стәыла, уҿы сыԥсында, ма суызхьаауа сыбзазааит!
Уара убара сԥеиԥшымзар — сышуызхьаауа сыбзазааит!
Уара ухашҭра сзыгуыӷьуам, уысхамышҭырц сыбзазааит!
Уыгухьаа иага саблыргьы, саблааит, уымда салазааит!
Хашҭрауп цәыӡрас иыҟаӡау, наӡаӡа сгуы уҭазарауп.
Гуы ҭазара бжа ниарауп, сгуы уҭаз, уысцәымӡыӡарауп.
Мчыла ҳаимырхт, ҳаибатәыуп, ҳзышьҭа заҵәыу еибаиыухрауп,
Ҳанцәа ҳазшаз иаҧыиҵеит: «Аибаиыухра* еишьҭазарауп».
Уымца харԥны уысшәында, ных, сҳәарымызт, Аҧсны!
Уымца гуаӷьны усыӷразааит, Сгуыӷра ԥымҵәааит, Аԥсны!
Мамау, мамау, сгуыӷра ԥҵәам, зны ҳаибаиыухп, Аԥсны!
Ҳаиниахп, аха уаанӡагьы уышԥа сычҳарыи, Аԥсны?
Зны иысҭахыу бзазарауп, сыла уабахрымеишь ҳәа.
Зынгьы ԥсрауп иысҭахыу, сыԥсы уабахрымеишь хәа!
Абарҭ аҩба рыуакы ауыҟамлахра зыны хәа,
Cгуыӷ'ya сныҟуаоит, ҳаибаиыухп, иабацарыи зыны ҳәа.
-----------------
* Аибаиыура — аиқушәара
АХ, УГУАНЫ СЫԤСЫНДА — СААУГУЫҴАУКРЫН, КОЛХИДА!
Мшыни, наараи, мардараи,
Хураи, бнараи, ԥсҭараи,
Ӡылбааҽҽараи куара цқьаи,
Рха ҭшәаи, шәҭыи, иаҵәараи,
Махуы ҧхьаӡа ҵыс бжьы,
Дәы ианыҩуа са сыбжьы!
Жәҩани мшыни цқьаӡаӡа,
Уыи сы тәыла иаҵәаӡа,
Анцәа ишәырҭра чаԥаха аиҧш,
Шәҭыла, шәырла иҩычаӡа,
Иҽырба уаа ԥшӡала,
Ихьычԥыԥырха сы тәыла!
Ԥсҭаи нааи уаа ауп иахьыԥшӡау,
Шәҭылаи шәырлаи иахькуазау,
Ашәыршәыр ҳәа аԥша хаа ауп
Уаа абзазара злагуыкӡау.
Ӡы еилы бзыраа, куар ҭыџьџьаа,
Дәы хаа, қыҭ хаа ыкуџьџьаа!
Ла иабао зегь — аԥсыуа,
Лымҳа иаҳао — аԥсыуа,
Уыи адгьыл гуы рцәыцәыга,
Аиқуҩычашьа — аԥсыуа.
Ԥшахьыи гуаӷьыи — аԥсыуа
Ашәа нҵәара рныха уаа.
Ҩны ԥсаҟьа, дәы какаҷ,
Шҭа ҩыча, ҩны какаҷ,
Шәырҭраи, уыҭраи, ԥсҭа хааи,
Ԥырԥлыкьыи, шәҭыи, бӷьыи какаҷ,
Дгьыл какаҷы уаа уырҭ рыла,
Аԥшахьы чах, уаа уырҭ рыла!
Ҩны ԥхьаӡа шҭа ԥшӡа,
Шҭа ԥхьаӡа ҵла ԥшӡа!
Иызеихырхуао ԥшӡарауп,
Мҩасшьа ԥшӡа, уаа ԥшӡа!
Ры бзазашьа гурӷьарауп,
Хааи ԥшӡеилаи гуы чахрауп.
Ах, убраа аԥшахь снахуахыр!
Снахуа-нахуао сгуы счахыр!
Бжьыи, ԥштәыи, бзы хааила
Шьҭа сыԥсы сыжьжьахыр!
Сы гуахутәы убарс снахьӡанда!
Стәыла хаа ала сгуы счанда!
Схы иҭау, сгуы иҭау, Аԥсны,
Сы бзанҵыра, Аԥсны!
Аԥсабара иысзаныу,
Сы-ԥсы, сы заҵәы, Аԥсны!
Ах, угуаны сыҧсны —
Сааугуыҵаукыр, Аԥсны!
1918 аш.
АЖӘЫТӘТӘИ АԤСЫУА ҬАРЧЕИ ИАНЫЗ АНАПЫ ЦҚЬА ЕИҴЫХ
Аԥсыуаа рҿы лабжьарауп,
Иеиҿырҵаауа хаҵарауп:
«Еиқуаҵәара мысарауп,
Шкуакуаи цқьаи қьиарауп».
«Арӷьа напы чаԥагауп,
Арма кыгауп, цхыраагауп»,
«Арӷьа напы рыӷьагауп,
Арма напы мап кыгауп».
«Анап раҵәа хыбаагауп,
Анап еиҵых рчагауп».
«Ҭаҷкум қшагауп, еисыгауп,
Напы цқьа еиҵых ааӡагауп».
«Напы еиқуаҵәа цәгьаугауп,
Аӷа напыуп, мыждарауп».
«Напхы еиқуаҵәа хурыгауп,
Алашьцара иыҵагуауп».
«Напы шкуакуа гуыӷырҭауп,
Напы цқьагьы рыӷьагауп».
«Напы цқьа еиҵых ааӡагауп»,
Ҟаԥшьы ианны — сҭарчеи ауп.
Ҽнак Аԥсны аӡәы аԥсышәа иагымкуа џьаукы иналарҵао атәым ажәақуа дреиқьерезны, ихаам цәажәашьала гуыбӷан иымхасыҭеит, сара иара гуыбӷан иысымҭеит, аха абрыи самхаҩит:
АԤСЫШӘА
Аԥсышәа аиԥш бызшәа куаза дгьылтәылангьы ианым.
Уыи наӡаны иыздыруа изалымҳәара ҟаларым.
Иалаичаԥаз ажәацкыгьы иазҟазау изы тәымхарым,
имаҳацзаргьы, иыниаҳалак, изымдыркуа даанхарым.
Аԥсыуа жәлар атәым тәылақуа иыԥсаҟьаны ирылаԥсауп,
Еишьеи еижьреи зеибамбауа, еизынхьыуа иеизрыцҳауп.
Изымеиӡаргьы, уыи раҧсышәа дара рзыҳәа гуыртәагауп,
Тәым ажәала раԥсышәақуа еицәыхазхар, ирыцҳауп.
Иеицырдыруа атәым ажәақуа иаԥсышәам ҳәа икаҳмыжьааит,
Зегь иырзеиԥшым ажәақуагьы ҳшеицәдырӡыша ҳхамышҭааит!
Иыргуыӷырҭау раԥсышәа еицәмырӡ, ргуыӷра ԥымҵәа иыбзазааит,
Аԥсыуа жәлар ишеизҵәыуац иеизҵәыуаӡао иаанымхааит!
Хатәышәала реицәыӡра ҽнак ргуахутәы иахьнагӡап,
Иеибарӷьаца ауаҩышәа рхарҭа дыу уырс иадырҵап.
Хатәы жәларгьы тәым жәларгьы иаҳа ирыхуао икалап,
Иышӷам, иышуау ззеилымкаац, ӡәыр ыҟазаргьы, иԥыршәап.
Гуреибагареи, еицхыраареи, еибааӡареи рыбжьалааит,
Даусы ртәылеи рхатәышәеи рықуиҭзаара раӡалааит!
Даусы ртәыла алахьынҵа дара ичаԥо игурӷьалааит,
Еизгуакьара дыу рыбжьалааит, ԥсы еизыцәгьара рыбжьамлааит!
Агулацәа жәларқуа мау ахараагьы ирыхуалааит,
Аицгургьара, гуы еизыбылра шахҿыиаауа рхамышҭлааит!
Ныҳәаҿаны абрыи шаҳҿакыу тәымгьы ҩнатәгьы ихарҵалааит:
«Аԥсыуаагьы ираӷацәамгьы аҵәыуара рԥеиԥшымхааит!»
* * *
Умаиааикуа уызгурӷьауам,
Умықуԥакуа узаиааиуам.
Баҩла ақуԥара шәҭанархап,
Хшыҩла ақуԥара шәӡырнагап.
АКАҨАРА ҲАҚУНАКЫУ?..*
Аҳәба Џьума иахь
Ҵауп, ҳақушабеит акаҩара,
Ашаураха, ӡыда аккара.
Аӡба иашьуа ҳауаажәлара
Ррыцхара шҧа ҳачҳара!
Ажәҩан шаҟа қуа унамҭара,
Акаҩара ӡы шԥа ыҵыҵра!
Ҽеи жыга араа иышԥа ҳаура,
Иаҳуалымхеи гурла ҽеи жра?
Акузааит уиыгьы аҵахара —
Ҳзаҭәашьаом ахаҵара!
Гуы ақуыӡра ма гуы ақуԥҵәара —
Аҵасыума афырхаҵара!
Хьымӡҕыуми аҽаҭара,
Хаҵарауми аԥсы ақуҵара,
Шәас, амарџьа, Аԥсыуа жәлара,
Гурла акузаргьы, ҽеи жра!
Цәгьаи уадаҩи шԥа ҳаиааира —
Ҳашԥа ацәаашьо гурла аҽеи жра!
Ихашәҵа ҳгуахутәы ҳашахьӡара,
Фырхаҵала ҳашаиааира!
Зхала иааиыз амазара —
Ԥудырмшьаои ахьырԥара!
Иықуԥа идырҳаз абзиара —
Ауми ираҭәау афырԥара!
Шәа шәышҟа шәыуаа шԥа шабара!
Напхыцла акузааит рыӡы ыҵыхра —
Шәыхьымӡҕыуми рыхьырԥара?
Шәах, амарџьа, ӡы рзыҵыхра!
3 мшаԥымз, 1978 аш. Асҭампыл
-------------------
Автор иазгуаҭа:
Ари шәара ишәыгым, сашьа, изаҳаша тәымџьаратәи ҳарԥар рауп.
* Вариантк аҿы «Шәах, амарџьа!» ахьӡуп ажәеинраала. — Н. Ҭ.
МҶЫШЬ АӠЫ*
70-ҟа шықуса раҧхьа ҭакуажәык убрантә (Аҧснынтә. — Н. Ҭ.) даан, Мҷышь ҳәа ӡык аӡбаху лҳәеит. Ҳнеит, аха уи абарагьы ҳмаӡеит. Уи ишылҳәаз ала, ицәқурԥаны алеишьа, џьара иаҿаччаны... уи заҳаз уаатәи агухьаа зыӷраз аԥсыуагьы игухьаа абас ҳәашьа аиҭеит:
Агуараҳәа уцәқурԥауа,
мардеи шьхеи урақуԥауа,
Уҭаапкыны, уҭабгаҭа,
Мжа узымҭо шԥыла урысуа,
Зқьынтә урынԥар, зны ирбгауа,
Ҿаҟьеи бахуи еиҟуырԥауа
............... ушьхангыла,
усас еихраҳауа, ушԥы ргыла,
Ҵәҩанҵәахьынтә уахьылбааҽҽао,
мра шкуакуа ушәах хаччыла,
Улбаабгаҭа, улбаабгаҭа,
Ахреи ҿаҟьеи урҿабгаҭа,
Атышацәгьа уахулабгаҭа,
Быжьра-бысаху уаҵабгаҭа,
Адауабрагь уидгыланы,
Адгьыл аҵа иҵарбгаҭа!
Иҵарбгаҭа, иҵарбгаҭа,
Иҳәагужь уа иҵарбгаҭа!
------------------------
Автор иазгуаҭа:
Адауабрагь изакуда? Амца адауы рнапы ианыныз, ауааԥсыра инрырымҭоз, уи амцала ауааԥсыра ираиааины ианындырҵәооз, убарҭ адауабрагь амца рыцәганы ауааԥсыра ирылаздаз иауп адауабрагь зысҳәоо: «Адауабрагь уидгыланы, адгьыл ада иҵарбгаҭа». Адауабрагь иҵашьыцыз Анцәақуа Ҷлоу ахракны Ԥанау (иара ишиҳәаз. — Н. Ҭ.) (Ҷлоу Ԥанау ҳәа храк ыҟауп) Ԥанау ахраҿы ҳәагужьла дкыдырҳәалеит, ԥсра иқум, уа дкыдҳәалоуп. Ари ацәажәара аҟынтә «Адауабрагь уидгыланы, Адгьыл аҵа иҵарбгаҭа» изхиҳәаауазеи ани «аҵа иҵарбгаҭа» зҳәо? Ани аҳәагужьгьы ахы иақуиҭхаоит, адауабрагьгьы даужьхоит. Убри аҟынтә ари аҟыжәбыжә еиқузыршәаз ииҳәар зиҭахыу уи ауп...
---------------------------
* Ари ажәеинраала амагнитофон ианысҵеит Сҭампыл, 1988 ш. октиабр 9 рзы, Омар ихаҭа дгыланы ҿырҳәала данаҳзаԥхьоз, азгуаҭақуагь убасҟан иациҵаз ауп. Усҟан даҳзаԥхьеит егьи иажәеинраала шьаху «Асҭампылтәи аԥсыуа бжьы». Ибжьы ианысҵаз схы иархуаны кыр ажәеи ҳәашьеи шьақусыргылеиг ари ашәҟуаҿы. — Н. Ҭ.
ҚЬЕЦА-ԤҲА ЕЛЫФ ЛЫЛАҚМАР
Аԥсны мчыла иахырцаз аԥсыуаа Ҭырқутәылан аӡхыҵырҭақуа рҿы иеиқунҵәаон. Керкен аӡхыҵырҭангьы уыс иеиқунҵәаоз аԥсыуаа рнышәынҭрақуа рыла адә дыу хырҟьеит. Ааигуанӡа уа «Аԥсуа нышәынҭра» ҳәа ахьӡын.
Зыԥсы еиқухаз ауаа хыхумыхук ирбаз анхарҭақуа рахьы ианеиха, Қьеца-ԥҳа Елыф аԥсыуа нышәынҭрақуа кажьны дрыцымцеит. Ачамгуыр алырҳәаон, лыбжьы бзиан, лчамгуыри лылақмари еицырцәажәо, иасымша аԥсыуа нышәынҭрақуа дрылан...
Асулҭан диаҳан, игуы ԥшааит. Уаҩы дылзышьҭны, «Хьаа рхашҭгас ибмоура акы ыҟам, арахь бааи!» — хәа лзыицҳаит. Лара аиҭаҳәаҩ арс цҳәаҭԥ* (* аҭак) илҭеит: «Асулҭан исзыихуыцыз абзиарақуа сыҭабууп. Упату схы иқууп, аха аччара зхашҭыз изы аҵәыуара хьынӡахау ҳанцәа ҳазшаз асулҭан иыимырдырааит! Шьҭа сынзымччахо аҵәыуара сахьақуиҭыу сыҟазааит, шәысҟуаҵ гушьа. Арҭ сыбаҩқуагьы сырҟугамхааит, сыԥсыргьы, дара снарыварҵап. Сашьцәа, сыҷкунцәа рыцҳақуа ирмауыз бзиаракгьы сара исҭахым...»
Ацҳаражәҳәаҩгьы: «Уыс накуха, сара Османлы исымҭаны ламҵымзар** (** лаӷырӡымзар) иаанхази. Сақуиҭыбтәуазар, саргьы сыламҵ нышәынҭрақуак инарықуҭәаны снабыдҵгуышьап. Аллаҳ дыбыхушәхааит!..» — иҳәеит.
1. Қьеца-ԥҳа Елыф ллақмар ажәақуак
Нан, нан, нан, нан, сышәзымаахыи, нанаа!
Шәара абас шәынзырҵәаз, шәашәа инҵәааит, нанаа!
Нанаау, нанаа!..
Нан, шәара абас шәырыцҳазтәыз,
Иаԥсыуаашәа ирыцҳахааит, нанаа!..
Нас шәара абас шәықуызхыз,
Шәашәа иқуӡааит, нанаа!
Шәлахьынҵа рлахьынҵахааит, нанаа!
Рцәажәахуы қыдбажәхааит, нанаа!
Ргуыӷырҭа цгуы ҵыхуахааит, нанаа!
Мыткумамзар ашәа рымҳәааит,
Ччара-хумарра рмауааит, нанаа, нанаа!..
2. Қьеца-ԥҳа Елыф ллақмар иалау даҽа ажәақуак
Лашьцәаа, лашьцәаа!..
Шәахьшьа абарс дгуыгуҭажьны,
Дышԥа ншәыжьыи, лашьцәаа!
Шәыџьҳәарҭаш шәызнымха,
Шәаџьҳәаҩыкгьы дышәҭнымха,
Шәышҧа нықуӡааи, шәахьшьаа!
Аԥсыуа ԥҳәыс лашәа ҳәа,
Аԥсыуа ԥҳәыс лчамгуыр ҳәа,
Схьаа ззымдыруа снеиҭарҳәауа,
Сгуыгуҭашәмыжьи, шәахьшьаа!..
Шәахьшьаа, шәахьшьаа!..
3. Қьеца-ԥҳа Елыф лыҿала
«Ҳара абас ҳрыцҳазтәыз
Шәаҧсыуашәа шәрыцҳахааит!..»
Амшын иалау аҧсыӡқуа мшынымзар крырбаома,
Иарцаху аху дыу иалырдырааи, ашьха рхы-ргуы иҭалаома?
Аԥсыуа жәлар ррыцҳара мшынны иалау даҽакыума?
Ԥсабареи, дәыи, гуырӷьареи убри ала иабаома?
Аҽа ӡбахук ахьырҳәао даниар, ирҳәао иаҳаома,
Иаҳагьы иалыидыраауа аԥсыуамкуа ҽакыума?
Зегьы хгуырӷьао, згуы ҵәыуо — даԥсыуамкуа дҽакыума,
Иа азы бжьы хааи ашэа хааи лақмарымкуа ҽакыума?
Шәаԥыџьаԥи аԥсыуааи рыда кры рныибаалаома,
Ҵыси ҳәыҳәи, бӷьыци шәыци, ԥшаи ирҳәао ҽакыума?
Иԥхыӡ иалау ҽакыума, дпатар — иыҿҟьао ҽакыума?
Аԥсыуамзар крыубаома, рыбжь ада кыр уаҳаома?
Ччара зхашҭыу аԥсыуа ҵәыуара дақуиҭыума?
Аргама дизымҵәыуааит, нкаҵәыуарҭак урфҭаома?
Аԥсыуа узы гуыжьжьагас убриҵәаҟьа рацәаума,
Шәаԥсыуашәа шәрыцҳахааит ҳрыцҳазтәу, ишәаҳаома?!
ГРАМЕРҚЫ ИАХҲӘААУ
«Ауаҩ бзыи сыиыниеит» — ажәауп,
Арыи ажәа ԥшь-ажәацк алауп.
Хы дҳәалак уырҭ ирыдҳәалауп,
Ахы дҳәалак: -а, -ит, -уп рауп,
Арыи ажәа еицҳәарак алауп,
Уыи аицҳәара «ауаҩ бзыиа» ауп.
«Ауаҩ бзыиа» — ԥшатәы еицҳәарауп:
«Ауаҩы» — хьӡыуп, «бзыиа» ԥшауп.
Адҳәалақуа «ԥраҳәа»-уп, «цраҳәа»-уп.
«А» ԥраҳәауп; нас «ит» цраҳәауп,
Ԥраҳәеи Цраҳәеи кыр ирацәауп:
Шәыи хынҩажәа иынареиҳауп.
Ажәа наӡауп, ажәац наӡауп,
Аха адҳәала наӡам, иыбжауп,
Иыдҳәалахар нардыр змау ауп.
АҬАҬЫҨРҚЬ
Уыи заку бжьы ԥҟаҭашьаззыи!
Убрыи заку ҭҟуацшьаззыи!
Иыԥсыз-иыӡыз ажәлара
Заку ԥсы рхаҵашьазыи!
Уаӷа цҟьага уыбжьы хыст,
Утәыла дыу иықумацәыст:
«Шәҿархасҭа амшын шкуакуа
Шәыҵҟьа!» ныуҳәа, уфыр мацәыст.
Уаӷацәа рыр ифы рыст,
Уажәы-уажәы уыбжьы хыст.
Уфыр наӡеит иахьрауҳәаз,
Уҭарчеи дыу уаа иадырст.
Напхымзар, бџьар зызнымхаз,
Згуаӷь ада акы зызнымхаз,
Уыжәла ӷьацеит уыбжьала,
Амра иасхаит узыххаз!
ИАԤСЫУААН
Дгьылтәылан ԥхьа ианылаз,
Ауааԥсыра ԥхьа ирабхаз,
Аден-Сеилан зтәылаз
Адем Тата даԥсыуан.
Зда ан дыҟамыз, ԥхьа ианхаз,
Ауааԥсыра ԥхьа иранхаз,
Ава-Хауа ҳәа зыхьӡы рҳәаз
Ан Татагьы даԥсыуан.
Нымха-хҵәара анызҵаз,
Нханҵыра ԥхьа ианызҵаз,
Қыҭеи цыуҭеи ԥхьа иызхаз
Шьиҭ Татагьы даԥсыуан.
Ҩыреи ҧхьареи аԥызҵаз,
Ҵара дыуқуа аԥшьызҵаз,
Крырҵара ԥхьа иызчаԥаз
Идрис Тата даԥсыуан.
Адгьылтәылан иахыҵәаз,
Аӡхыҵәа ауаа алызгаз,
Ӷбагаҩ ҟазас иыҟалаз
Нуҳ Татагьы даԥсыуан.
Анцәа хьымҩа ҳзырҵақуаз,
Ԥхьатәыи абжьҩык иырыуаз,
Ибраҳим ҳәа зыхьӡы рҳәаз
Атата дыу даԥсыуан.
Ауаҩышәа ԥхьа иызҳаз,
Аԥсабара зыртатаз,
Ажәеи ҩыреи аԥшьызҵаз —
Арҭ аху Татак аԥсыуан.
Аԥсабара ианылаз
Абызшәақуа ԥхьа иыҟаз,
Ҩыреи ԥхьареи ԥхьа изырҳаз,
Абз Тата аԥсышәан.
Аԥсшәа ҽеила иизҵаз,
Ҵара дыула иызраӡаз,
Аҵара уаа иеиҭарҳәаз —
Идыртәыу ԥхьатәыи бызшәан.
1987 ш., 28 ҧхынгумз
АРҴАРА
Баҩ чаԥара заа иаҭа,
Махуыи бжьырҭәааи нас иаҭа,
Ажәа ркьаҿла заа идырҵа,
Ажәа еиҵыхла уыи нагӡа.
Рҵара мариа иамҩауп уыи,
Рацәа рҵага иамҩауп уыи.
Ажәа ркьаҿла ҵара ҳа,
Ажәа еиҵыхла азырҳа!
АМУЧА ҼЫРДЫУ
Уысыи дыуреи еиҭәамшьа,
Иыхы хуҷра иаҭәамшьа,
Дынкыдчалао, дымуы ча,
Иыҩны дынхар — дмала ча.
Цгуы ӡбаа дыӡбаон иысӷыҵан,
Муы аарыхшьа ӡбао анӷыҵан.
Ныӷыҵысын уыс ҟаҵан,
Дынкыдсаслао дҽыбӷаҵан.
Даашьаҩызар — деимдаозма?
Кыр иуыртәы дхуыушыума?
Зегь иырсасра раҭәаума?
Амра дасхеит иаԥшәыма!
Исыцәтәымуаҩым арԥызбак «Ашықус ҿыц уыдысныҳәалаоит» хьыиҳәашаз «Ашықус ҿыц
уеиӷьасшьаоит» ҳәа нысзыиҩы, абарс цҳәатә иысҭеит: Зыкша узымдыруа ажәа ахаҭагьы уыздырам, сыҷкун!
Иашеи хуахуеи еицәы кшауп,
Бзиаи бааԥсыи еицәы кшауп,
Ԥшӡаи гумхаи еицәы кшауп,
Еиӷьеи еицәеи еицәы кшауп.
Иаша хуам, хуахуа иашам,
Иӷау дуам, ихаау ашам,
Еицәа еиӷьым, еиӷь еицәам,
Исаиӷьушьаз аиҳа саицәам.
Исаиӷьаушьазар, саицәаушьеит:
«Иуаӷьысшьеит» ҳәа сауҳәеит,
Исыдуныҳәала џьыушьеит,
Иузымдыркуа уысацәҳаит.
Уықулакгьы абарс сыиныҳәеит:
«иузеиӷьасшьауеит» иҳәеит;
Са сзы иеиӷьишьаны иҳәеит,
Уырс дсыдныҳәала џьыишьеит.
«...иуаҭәасшьаоит»-гьы ныҳәарам,
«Иуқунагауп» ҳәауп, ныҳәашьам,
«Еиӷьшьа»-и «ҭәашьа»-и ныҳәа ажәам,
Ныҳәагас уырҭ ҟалауам.
Иышәзымдырт, губӷан шәымам,
Дырра зҭахым ираҭәам,
Ҵара змаӡаз иа ихарам
Ҳаргьы арҭ ҳамҳәар ҟалауам.
ԤХАДУ
Иышәзымдыруа ишәаҳҳәаозеи,
Ҳгуӷырҭа ду шәара шәауп!
«Ҳабз еиқушәырха» ҳәа ҳзыҳәао,
Шәҳагымхааит, шәа шәҳамауп.
«Ԥха»-и «ԥхаду»-и ҳхашҭ џьышьа,
Иҳашәҳәао «ҳаҭыр» тәым ажәауп,
Ҳара уырҭ ҳхамышҭыцт:
Уажәы-уажәы иаҳҳәао рауп.
«Ҳаҭыр» тәымшәауп, аԥсышәам,
Аԥсышәала «ԥха» ҳҳәауеит;
«Ҳаҭыр ду»-гьы бжа аԥсышәауп,
Уыи азгьы «ԥхаду» ҳҳәауеит.
«Ҳаҭыр ду зқуу»-гьы аҧсышәам,
Аԥсышәала «ԥхаду» ауп.
Аха уыигьы ҳамҳәакуа
Зегь иаҳҿакыу «ԥхаду» ауп.
«Ҳаҭыр ду зқуу», «пату зқуу»
Рзы иаҳҳәаогьы «ԥхаду» ауп.
«Пату»-гьы аԥсышәауп, аха
Уыигьы зхылҵыз «ԥхаду» ауп.
«Салам» гуакьам, тәым ажәауп,
Иызбызшәау иырзымшхааит.
Ҳара аԥсышәала ишәаҳҭап:
«Зегь ҳамшра шәымазааит!»
ҲАБАЦӘА АНЦӘАНА ЦЫУЫНА ЛЫЛА ԤХЬА АУАҨЫШӘА ШАԤШЬЫРҴАЗ
Нымха хҵәара анылҵеит,
Нханҵыра анылдеит.
Еикуанхара аԥылҵеит,
Еиланхара аԥшьылҵеит.
Кыр еицыуара чаԥахеит,
Еиц аарыхра леишәахеит.
Раарыхрақуа рзеилахеит,
Еилахуыра рыҵасхеит.
Иысы шәахьа еизарахеит,
Уысыи хуҭаи шарахеит.
Цыуына уаа днеиҭарҳәеит,
Дныҳәа-ныԥхьа илеихырхуеит.
Руыс ныҟуцара еизарҭахеит,
Цыуырҭа ахьыӡхеит.
Цыуына уаа лныхахеит,
Леихырхуарҭа уаа акухеит.
Џьаукы еиҳабра рызырхеит,
Уырҭ ауысқуа ныҟурцеит.
Уысыи хуҭаи уырҭ иыршеит,
Реизарҭагьы хуҭа арҭеит.
Аҽны ашәа рҳәеит, икуашеит,
Рыԥсы ршьеит, ргуы ӷьацеит.
Рымчыбжьы хуқуа рыма ицеит,
Адырҩа уыс иазыхиеит.
Убарс аҽны шәамҭахеит,
Кры ршәеит, ишәеит, икуашеит.
Амш ахьыӡгьы «шәахьа» акухеит,
«Ԥаша» шырҳәаоз, «шәахьа» рҳәеит.
Ица ҧхьаӡа руыс иазҳаит,
Аилыргара уадаҩхеит.
Уысыи хуҭеи рҵәаӷуеит,
Аҩыра уырс иааԥылеит.
Рыҵәаӷуара ҩырахеит,
Рныҳәарҭа ианыхеит.
Хьӡыи хуҭеи уа иаанхеит,
Рныҳәарҭа уырс «ныха»-хеит.
Рныҳәа еиҳабцәа ԥхьаҩра рхеит,
Ианыз иаԥхьеит — иныԥхьеит.
Ианыз рҳәеит — иныҳәеит,
Иныҳәа-ныԥхьа кыр ыршеит.
Убарсала Цыуы азҳаит,
Цыуыи цыуҭеи рацәахеит.
«Цыуы зрииыз ан» рҳәеит,
Анцәа лыхьӡ «Цыуына» акухеит.
Цыуыи цыуҭаи тәырыԥсеит,
Рцыубжьарақуа еинылеит.
Рлаҵа лыхра еибарӷьацеит,
Рынап лыхра ҭхаџьгахеит.
Цыуыра ҭыԥ ныхахеит,
Цыуына лҭыԥ уаа акухеит.
Уырсала уаа неиҭарҳәеиҭ,
Аԥсышәала ахьӡ ырҳәеит,
«Цыуыр-ҭа» ахьӡыхеит,
Иааркьаҿны «Цыуыраҭ» рҳәеит.
Атәым «Зигураҭ» рҳәеит,
Сумер* ҳәашьа уырс акухеит.
Аныха цыуыраҭхеит,
Иыс шәахьа уаа еизарҭахеит.
Аныхаԥхьаса дырыԥхьеит,
Рыхуҭа даԥхьан ирыиҭеит.
Раԥхьа рыхы дыиыԥхьеит,
«Хы-ԥхьа» ҳәа «Хыԥхь» ихылеит.
Насгьы иыцыз дырыԥхьеит,
«Цы-ԥхьа» ҳәа «Цыԥхьы» рхылеит.
Хы-ԥхьаи Цы-ԥхьаи рыхуқуа ргеит,
Иеибаргуырӷьао иеибагеит.
Игуырӷьатишәа иеибаркуашеит,
Уыи амш убарс «шәахьа»-хеит.
Ԥхьаӡанатә уыи мчыбжьы хыхеит,
Ԥхьаӡатәыи ахьӡ «Ԥаша» акухеит.
«Ԥаша» иааҟуыҵ, «шәахьа» ахьӡыхеит,
Шәара ишамшыу унардыруеит.
Нымха хҵәара икажьхеит,
Хымҵәа нхара чаԥахеит.
Рыуыс ахьӡы «нхара» акухеит,
Ҳабацәа уырс иы-«нхаҩ»-хеит.
«Қы-ҭа», «Қы-н-ҭа», «Кы-рҭа» рҳәеит,
«Цыуы», «Цыу-ҭа», «Цыу-бжьа» рҳәеит.
Нханҵыра уырс иырчаԥеит,
Ауаышәа ашьаҭа рҳаит.
---------------
* Сумер — Шумер.
АЛБААҼҼАРЕИ ԤРОМЕҬЕИ
Абаху рыбга иылбааҽҽао,
Сылбааҽҽара хьылкаҽҽао,
Шәазыӡырҩы иаҳәауа:
Иҭабгаҭа агуараҳәа
Иыҳәҳәа-ҳәҳәоит «Ԥромеҭе!..» ҳәа.
«Сымардақуа ыҵызжәаоит,
Уаргьы уҳәагужь жәжәа!» — ҳәа.
Иырдыдыхт, иырымацәыст,
Адау рбарагь иыбжьы хыст,
Албааҽҽара дақуҳәҳәаит:
«Суыхшеит, суыбжьеит, крысуырҵеит,
Гумчи хымчи сылауҵеит,
Мдеи мархуагеи иырхыбааз,
Уырҭ ашацәа срыжәыуҵеит.
Мцаи мырхуагаи рцәысӡеит,
Сыуаажәлара ирыласдеит,
Ҳҩыџьагьы уи ҳахдырҟьан,
Ашацәа ахра скыдырҳәалт,
Быжьрабыжьҵәа утышарҳәалт.
Аха зны ҳарзымҳәынҷацт,
Ҳрыжәжәа ԥхьаӡа ҳаԥсы ҭалт.
Ҳрыжәжәа ԥхьаӡа ҳгуаӷь азҳаит,
Ҳгуахутәы, ҳхымч, ҳгуамч азҳаит,
Цәгьа мчы шьҭа ҳаихсыӷьрым.
Уымырдақуа ыҵыҳжәарауп,
Са сҳәагужьгьы ҳажәжәарауп,
Зегьы жәжәа-цҟьа иқуҵаны,
Амысара хуаҳжәарауп.
Саргьы сыуаагьы иыушаз ҳауп,
Гумчи хымчи злауҵаз ҳауп,
Ҩызас ҳара уҳаигуыӷла!
Иыиҳәаз аԥсы ԥысра ақум,
Амца еиҵысхаит, цәара ақум.
Урыс, абааԥс, амардақуа,
Ҳара ҳгуамч мхара ақум!
ЖӘЫТӘТӘИ АԤСЫУА ЕИЗАРАК
Еизара дыук аԥсыуаа,
Реиҳараҩӡак анхаҩы уаа,
Рыхыԥхьыкгьы ахьыуаа,
Маҷҩы рыцҳак атәы уаа.
Маҭәеи ҟунҵеи, ацәҩыча,
Абџьар маҭәа, ҽы цәҩыча,
Рыла жәлара еиламҩашьа,
Даус иушиаҭәау дыҩыча.
Аԥсыуаа рҿы ажәа хаак
Иҿакын иаацәажәалак:
«Ҽык-куадырк, кьарахук-сааҭк»,
Ныҟузымгаодаз хацхыраак.
Ркумжәы ауԥашәыл рышәҵаны,
Рмаҟа ҽырба рымӷаны,
Рҟама ԥхьаҟа иырҟунны,
Раԥсыуа шәақь ркыны.
«Ахаҳә иалхыу шанаушәа,
Ауаҩ ҽыԥхь иҭарҭәаушәа,
Кьаҿи кьаҳәик рызшамшәа,
Рҭеиҭыҧш...», уырсгьы руаҩышәа.
Раура шшапа, акамлаҳӡа,
Рыбӷаӡара па, иԥышӡа,
Руышьа-ҳәашьа, ауԥашәылӡа,
Хамышҭхуха, иҽырбаӡа!
Уаа инеилау зегь раасҭа
Аҳы, ҭауад, аамысҭа,
Иҿаԥха-ҿаччаон рылакҭа...
Бзыиа ааӡара зԥеиԥшымда?
Ауԥашәыл цәа рыҟуныҷҷа,
Рхылԥарчы хаа рыхаҷҷа,
Рыҽы маҭәа, рыцәҩыча
Хьы-раӡныла иыҩыча.
Аҳәа зыкуныу дара рауп,
Уыи иақуиҭыу хьыжәларауп,
Иыҧхьагылау дара рауп,
Рыцхырааҩцәа аамысҭауп.
Анхаҩцәагьы мҩашьахуӡа,
Рыхҭырԥашқуа ҽырбаӡа,
Иырынраала иырхаҵа,
Ар иыхьрылау иӷьацаӡа.
Уырҭ рыхьыуаа иеикануам,
Рыҭауадцәа ирацлабуам,
Хьыла рыҽырҩычауам,
Ҭауади ҭәыи дыршьыцуам.
Ҭәы дҩашьаома, рыцҳаӡа,
Даҿагылауп амаҵа.
Кумызцәа кьаҿк дҭаҟаца,
Иуапцәа хылԥа ихаҟаца.
ӠЫЗЛАН
Ӡы за иалау ан лыхьыӡ Ӡы-з-л-а-н,
Ӡы зла иалау лыхьыӡ Ӡы-з-л-а-н,
Aҩы хьӡыкгьы иара акы ауп,
Иызыхьӡыугьы уи Ӡызлан.
Зы заи ӡы злаи ран уыи лауп,
Ӡы аҳкуажә Ӡызлан зырҳәао лауп.
Ашхуа Мақьаԥсыс лаӡә иауп,
Дызхықуаауа иара иауп.
Лыԥсы злау иоуп Мақьаԥсыс,
Дызнықууа иауп Мақьаԥсыс.
Қуыга ажәаны илҿакыуп:
«Ашхуа Мақьаԥсыс иныс!»
Афырхацәа дырчычауп,
Дрыԥҳәысхарцы дырышьҭауп,
Лымч аазықухаз фырхаҵак
Дыҳәынҷаны дылгарауп.
Шьаукгьы лара илыиааиуеит,
Лыхцәы дакны дыдырқууеит.
«Ашхуа Мақьаԥсыс иныс,
Сшыуԥырхагамхао!» — лҳәауеит.
Дызиааиуа лыгауеит,
Аӡы иҵалгалауеит.
Уыи хаҵара лызхауа,
Кырӡа илыдхалауеит,
Лыхцәы аԥшьыуп, хьыхуԥштәылауп,
Иыҳәаны уыи илықуԥсауп.
Лцәа ҟуашуп, лыла зыуп,
Лара даууп, лыбӷа пауп.
Зы цаулауп лынхарҭа,
Аӡы аҵан ауп лыԥхьарҭа.
Иыиасуа ауаа лыԥшыхууеит,
Дызԥныу амҩасырҭа.
Афырхацәа дрыԥхьауеит,
Зегьы рыхьыӡ лдыруеит.
Дычча-хумаруа ихылхыртә
Быжьы хаала дрыԥхьауеит.
Ла дыԥсыӡыуп, лыбжьы хаауп,
Лыцәажәашьа, лыбжьы хаауп,
Зыԥсымч маҷыу иыхаша,
Дыхызхыша ччабжьы лхауп.
Иылызхымхыз диақуԥауеит,
Дызаиааиыз дылгауеит.
Иылаиааиыз дидқулаоит,
Длымк‘уа ажәа иылҭауеит.
Аарҩара ауаа анықунак‘уа,
Ақуа ауырцы изыҳәауа:
«Ӡызлан ӡы аҳкуажә» зырҳәауа,
Ақуа аруҩы Ӡиуауа!
АҚУЛҬУЫРЕИ АҚУЛҬҨЫРЕИ
А-«қулҭ» зегьы иражәауп,
Зегьы иражәау аԥсышәауп.
Уыи зыхылҵыз тәым ажәауп,
Аха ҳаргьы иҳалаҵәауп.
Иыҳалаҵәаз аԥсышәауп,
Иаԥсышәамшәа икаҳмыжьрауп.
А-«қулҭуыра» тәым ажәауп,
А-«қулҭуыра» аԥсышәауп.
А-«қулҭуыра» «қулҭ уыра»-уп,
А-қулҭҩыра» «қулҭ ҩыра»-уп.
«Қулҭ» рҳагас иыҟоу ҩбауп:
Ма шьцыларауп, ма ԥхьаруап.
А-«қулҭ» захьыӡыу «уаҩышәа»-уп,
Наплых, бызлых хшыҩ лыхрауп.
Ҩыра лыхзар — «қулҭҩыра»-уп,
Шьцылахзар — «қулҭуыра»-уп.
Мҩеи, мҩашәагеи, цҳаи рыхьыӡқуа аԥсышәала иаԥылан, тәым бызшәақуа
ирылаҵәеит. Уырҭ рыҟнытә ацҳа азы.
АЦҲА
Ӡыхы уҳәаргьы,
Ӡыха уҳәаргьы,
Цыҳауп зыхьыӡ уҳәауа.
Ӡыхырагьы
Ӡыҳарагьы
Цҳа чаԥахыуп иырҳәауа.
Аԥсышәалеи
тәым бызшәалеи
Цыҳа хьыӡыс иырҳәауа,
Ма ӡыхырауп,
Ма ӡыҳарауп,
Арҭ рауп уырҭ зхылҵыуа.
Агреқ Гьефир,
Араԥ Џьесир,
Аҭырқу Қьиоԥру иыҳәауа,
Францызшәалеи
Немсшәалеи
Ԥонт, рҩкье рыҳәауа,
Инглызшәала,
Фарс бызшәала
Бригде, Дизфол рыҳәауа,
Цыҳа ахьыӡ
Цыҳа иахылҵ,
Азыху Зелҳа рыҳәауа,
Уырс иҵагьы
Тәым бызшәагьы
Убарс иеицак ирыҳәауа,
Иырзанҵаны,
Иыдырҵаны,
Цҳа чаԥара, Аԥсыуа —
Иыуыҿбааны,
Иыуыҿҵааны
Ацҳақуа хҵао, иықусуа,
Хшыҩ ҟазала,
Нап ҟазала
Аԥсабара ҩычауа,
Ауааԥсыреи
Аԥсабареи
Уышьҭа рнымлеи иымыӡуа!
Џьышьа дыуып,
Иҭабыуып,
Ухарҭа дыу, Аԥсыуа!
1958 аш.
Амшымҭан, ааԥгумз.
АҶАРАТӘИ (АМСЫЛМАН ГУРЏЬЫ) АВОКАҬ ЏЬАҲИҬ
ИЛҲАН АԤСЫШӘАЛА ИИҨЫЗ АХЬАЖӘА
Уахыи-ҽныи сыбзыԥшыуп,
Сыхуыцуеит изыурыи ҳәа.
Бшәара сыгуы иҭауп,
Даҽаӡәы быигарыу ҳәа.
Сызкуыхшау, бзиа исбао,
Бабаҟау ҳәа сызышьҭау,
Бара бгуырӷьа беимдауеит,
Мемурк сигарыу ҳәа.
Ҳарҭ аԥсыуаа ҳабзыиан,
Дуниаа милаҭ ҳрыԥсан.
Уажәы ҳазагь ҳрыцҳауп,
Иҳақушәаз ҳаигарыу ҳәа.
Бааи бара, бзиа исбао,
Аԥсыуа жәлар ран заҵәы,
Бымахуарқуа ааиҵыхны,
Сыугар ақууп сара ҳәа!
--------------------
гурџьы — ақырҭуа
авокаҭ — адукаҭ
мемур — ачынуаҩы
ИЫРЦАХУЫИ НЫГУ ИЫХАҲӘЫИ
Ӡхыҵәа зхымҵәац хуык ыҟауп,
Иырцаху зырҳәао уыи ахуы ауп.
Ӡхыҵәа иырц ҳәа ахьыӡ ыҟауп,
Уыс ала ахьыӡ Иырцаху ауп.
Ӡхыҵәан зегьы неиныӡаа,
Уыи алыҳәҳәаон иызаҵәӡа.
Ақу убауан иыкуаҩӡа,
Иықутәаз ԥшуан иыкьаҩӡа.
Ӡхыҵәан зегьы иреиҳарҭауп,
Ԥсеиқурхарҭауп, гуыӷырҭауп.
Ӡхыҵәа иырц аху уыбри ауп,
Ӡхыҵәа иацәшәаз рыҩырҭа ауп.
Аӡхыҵәа дыу нхыҵәауа,
Аԥсабара нахуаҽуа,
Дгьыли ԥсыи нныҳәауа,
Иырцаху ақуцәа ауп иынхауа.
Уаа изынаӡаз нықутәауан,
Гуыӷырҭада иыхуыцуан,
Аӡхыҵәа аапкы цәқурԥауан,
Иынхыԥшылао ргуы ҭыҵуан.
Уыи ахуқу қьышә неиҭарҳәаон,
«Ныгу иыхаҳә» ҳәа ахьыӡ рҳәаон.
Зуы-зҳәа ччархуу уыс иарҳәаон,
Иычча-хумаруа уыи иарҳәаон:
«Уых, Ныгу иыхаҳә уықунда,
Уышԥашәа ыҟау, амыжда!»
«Ах, аӡхыҵәа уаганда,
Ма Ныгу иыхаҳә уықутәанда!»
ҬАУАДЫН, УРҬ АҲЫМЫЗТ
Ҭауадреи тәреи ираамҭаӡан,
Аҭауадцәа рымч хаӡан,
Џьаук қьиан, џьаук мысаӡан.
Тәыра рзызхао хԥараӡан.
Рыҭауадцәа иранахаон,
Аҭауад мыч дырныҟуаон,
Ҭауад мчы тәы иырхаон,
Анхаҩ рыцҳа иықудырхаон.
Атәы гаӡа дымчырхаон,
Иымч ахара игу иахуаон;
Иҭауадгьы уыи иыхуаон,
Ҭауади тәыи уырс иеихуаон.
Тәы дытәнаҵы — имыч хаон,
Дажәыр, ихы дақуиҭхаон,
Уырсҟан дара дрыцҳахаон,
Нхаҩгьы иаҭәам аӡәы иакухаон.
Иҵеи рызҳаанӡа тәыра ихаон,
Ашьҭахь ихы дауыжьхаон,
Ԥсы мышьҭыгак наиырҭаон,
Ԥацхак наиыздыргылаон.
Ҭауад қьиа тәы диыхуаон,
Иызқьынагьы дыихаҩаон,
Иытәгьы иара диылаҽхуаон,
Иыгыу иымбао игуы дахуаон.
Иыхшара тәыс иаанхауан,
Рҵеи еихьӡаанӡа кырыруан,
Аҳҭы ҳәса аҩны уыс руан,
Аҳҭы рԥар адәы уыс руан.
Ҭауади тәыи уырс иеихуаон,
Анхаҩы рыцҳа иыгуныхаон,
Ԥхьа дцашазар — иыцрыхаон,
Иызҳашазар — иыхьныхаон.
Нхаҩы наӡаӡа дырыцҳан,
Ҭауади тәи иыхаԥан,
Тәы изымдыркуа дырыцҳан,
Иытәра далгар — дрыцҳаӡан.
Атәылаыс иахыуааз,
Рыи ԥсҭрыи иырхыуааз,
Аҳы-ҭауад кыр иаԥсаз,
Ирыцхырааҩын иаамысҭаз.
Аҳы-ҭауад ҽыжәлаҩын,
Раамысҭцәагьы ҽыжәлаҩын,
Шьныҟуеи шьныҟумеи ныҟуаҩын,
Иынхаон, иыӡбаон, иеибашьҩын.
Аҳы-аамысҭа ныҟуаомызт,
Аныҟуара раҭәамызт,
Анхаҩ бжеиҳан дызҽыжәмызт,
Аҽаҩцара дақуиҭмызт.
Атә рыцҳақуа қыҭ уаамызт,
Еизыԥхьара иаламызт,
Маҵа урамзар, уыс рықумызт,
Еибашьрагьы ирыԥхьаомызт.
Рыкумызцәа кьаҿ рышәҟаҵа,
Руапцәа хылԥа рхаҟаҵа,
Ахуы ҟаҵа, аԥхьы ҟаҵа,
Агьырҭ дырчаон наӡаӡа.
ХЬАЖӘА ԤШЬҞЫҚУАК
Анапҟаза днапҟазауеит,
Инаплых маҷ аху дыухауеит.
Анаплыхҩы днаплых‘уеит,
Инаплых зегь аҩычауеит.
Бызшәа ҟаза бызшәа ираӡеит,
Бызшәа иаша уыи идырҵеит.
Ажәаҟаза хьажәа ираӡеит,
Хьажәа ҟапан аху шьа иыӡбеит.
Ажәеинраалаҩк иажәа хьӡыркыуп,
Ажәеинраалаҩк хьажәа иҿакыуп.
Ажәа ҟаза ӡбара дазкыуп,
Ажәа ҟаза хьажәа иҿакыуп.
Ԥсра зқум ҳәауп аҟазагьы,
Аҟаза ҳәауп аказагьы.
Аԥсабара наӡаӡагьы
Иышьҭа анхалаоит аказагьы.
------------------
ԥшьҟықуак — ԥшьцәаҳәак
ЗДА СЫМАМ СЫБЖЬЫ
Ҿахуы рхаашьа сыздырам,
Ҿахуы рхаахагьы сымам.
Зықьнызқь-зықьнызқь ҳәҳәабжьы
Заҳао сгуы ада ак сымам.
Ҳәхәабжьы мгар, «цәгьара ыкам», —
Зҳәаша сыбжьы дсырхуруам.
Иырҿаԥҟаҭа иырҿаҳәҳәао
Сыҳәҳәабжьы ада бџьар сымам.
Рҭаҷкум шыкшац иыкшалааит,
Рыгушьыга ажәа рыҟьалааит,
Саргьы зыхы рнызҟьаша
Гуаӷ сыӷрауп, уыи рынҟьалааит!
Аашьа-ааԥсара зҵасым сауп,
Ԥсра зқум Ра иыԥсы схауп.
Промеҭе иауп сызышьҭау,
Иырӷьацаҩу гуаӷь сыӷрауп.
Сеиҭаҳәаҩуп, сыҳәҳәаҩуп,
Ацәгьауыра сабашьҩуп,
Арыцҳацәа срыдқуылеит,
Ацәгьауцәа рзы схыҭҟьаҩуп.
Уышьҭа сыбжьы шәагаҩуп,
Сызла еиӷраҭәыу — волқануп,
«Ацәгьауцәа шәрыс!» — ҳәа игауа
Сыбжьы ԥҟаҭа лау быжьыуп.
-----------------
Автор иазгуаҭа:
Зықьнызқь-зықьнызқь — инымҵәаӡо аҟара ирацәоу.
Иырҿаԥҟаҭа — иырҿакша.
Сыбжьы ԥҟаҭа лау бжьыуп — сыбжьы еиҧшыуп итҟуацыз асыԥса.
АӠХЫҴӘАИ ИЫРЦАХУЫИ
Ауааԥсыра мҩахыҵыит,
Раублагьы иыхымхуцыит,
Аӡыр рысын, иықунахыит,
Аӡхыҵ иахуаҽ иықунахыит.
Ӡыри ӡхыҵәеи еилалеит,
Аӡхыҵәақуа ааҟалеит.
Ӡхыҵәаи ӡхыҵәаи еилалеит,
Аӡхыҵәа дыу ааҟалеит.
Шьоукы ауыбла дыхарҵеит,
Ашьықухамсаа иықуиҵеит,
Дрыԥхьан, иыӷба иыҭеиҵеит,
Иыӷба аӡхыҵәа иынхылеит.
Зхыҵәа ӡхыҵәа хуы-ԥхьаӡа,
Иынаӡхыҵуа, уыи-ԥхьаӡа,
Аӡхыҵ дыугьы нарыхьӡа,
Уыс-уыс, ахуқуа инарықуҵа,
Аԥснынӡа иканацеит,
Уаа ӡы зхымҵәоз хуык раӡеит.
Рхы адныҳәала иықулеит,
Рхы еиқухарҭа уаа акухеит.
Иага ӡхыҵәа ҟалахьеит,
Аԥсабара ахуаҽхьеит,
Ауааԥсыра ықунаххьеит,
Зегьы рааны уаа нхахьеит.
Уаа шьақузырхац уыи ахуы ауп,
Аӡхыҵәақуа иырырц ауп.
Аӡхыҵәа дыу иырц ахуы ауп,
«Иырц ахуы» Иырцаху ауп.
АДАРЫМБАА ҚЬАМАЛ ИНЫШӘЫНҬРА ИАНЫУ
Гунхак змырҳаӡацыз,
Уаҩык имырџьаӡацыз,
Адарымбаа Қьамал ҳәа
Зыхьыӡ бзыиа раҳацыз,
Ауыебара иа далан,
Ауыс ҳәара иа далан,
Адарымбаа Хыгу иҧа,
Ииымҭа зқьыи жәшәыи ҩбан.
Хынҩажәи жәаа ааихыҵны,
Хьыӡы рыҽхуа ааиҭынханы,
Ҳагуы ҭыжаа днаҳалҵыит,
Ԥсаҭа бзыиа иыманы.
Ԥсҭхаџьырҭа уыи иҭыԥхааит,
Ԥсныҳәара иыхьӡалааит.
Ԥсныҳәара изаԥхьаогьы
Абзыиара рзыҟалааит!
1974 аш.
ҞАЗА МАШӘЫР ИЫМҞЫҴҞЬАОМ
Иыузыҟамҵао шыузымдыруа хауҵалар,
Иыҵа икаҵао, иыкаҵа иҵао икауҵалар,
Уызмышьцылац шыузымҵацгьы хауҵалар,
Машәыркгьы уымҩахнамгао уҟазахар,
Уыпатаргьы, иыуҿыҵҟьауа иашахап,
Ухагахаргьы, иуымҟыҵҟьао иашахап.
Уымшәаргьы машәырымкуа иыхиалап,
Мацәақукыла иаурбазшәа уақушәалап.
Уышьҭа мыӡуа уыс аԥсабар уанымлаои,
Ауааԥсыра ргуы уансааала уыҟамлаои?
Уыбзазара аиԥш уыԥсырагьы хуарҭамхаои,
Ԥсра зқум уыс афырхаҵа уакумхаои?
Афырхаҵа ифырхаҵа ҳәа унеиҭарымҳәаои?
АЖӘАҨЫЧАҨ ИЫГУКЫШЬА
— Амза каԥхаот иыкаҷҷа,
Бара бкаԥхаот быкаҷҷа!
Сџьыба ҭацәыуп, ԥара ҭам,
Бареи сареи ҳаихуарҭам!
Сара мамда исыурын,
Бара бышԥа сычҳарыи?
— Амамдара гыраума?
Амазара дыураума?
Ажәа ауԥашәыл — гуы ԥаагауп,
Гуаӷь ауԥашәыл — гуы ааӡагауп.
Агушәа еилкааҩы, афырхаҵа,
Агуы ҧааҩы, ахаҵа!
— Сыҧсабара акакаҷ,
Сгуыи сыԥсыи рыкакаҷ!
Бара ибаҭәау иысҳәарыи?
Бара сышԥа быниарыи?
— Афырхаҵа дычҳаҩыуп,
Дыгуаарыхҩы— гуы хуҳаҩыуп.
Уымыццакын, лыхаара,
Леишәала дхых уыхаара!
— Арс бабанӡа сычҳара,
Шьҭа иазымхаои, сыхаара?
— Лылашара, лытаташь,
Уа дыузыԥшуп уытаташь!
— Бнапы сыркы, сыкакаҷ!
— Ҳнапы еибакыуп, лыкакаҷ!
— Ҳаицгурӷьара еиԥымхааит!
— Ҳаицгурӷьара еиԥымхааит!
ЧАЧХАЛИА КЬЫРШЬАЛ ИНЫШӘЫНҬРАҾЫ
Ҳашьа Омар......................
Аԥсны ҳаузыԥшуп, ҳашьа, —
Ԥсыхуак амазар, ухы ҳаҭәашьа!
Салам уаҳҭоит угудкыл,
Гуы разыла иудкыл!
Кь. Чачхалиа
Сзыҧсам ала усыԥхьауан,
Саԥсахарцы схандеиуан.
Иысы аамҭа сыгуы уҭан,
Уыбаразы сыгуаҟ‘уан.
Аамҭантәи арыцҳара,
Аибамбара, ашьаҳара
Сырзымиааит, аҳ, сара!
Иысԥеиԥшымхеит убара!
Зегь ахьыудырша — ушьҭа уцеит,
Сеилыукаауеит, уыи сдыруеит.
Унышәынҭра сызныхахеит,
Иаагудкыла сагуыӡуеит.
1975 аш., Аԥсны.
Зыԥсаҭа бзыиахаша Џьонууа Ҷиҷико рыцха исыиҭаз алабашьа иахҳәааны
Гургулиа Борис ииҩыз ажәеинраала ацҳәатә:
Гургули Борис, уара,
Сгуы алақмар уаҳах‘уеит,
3ыӡбаху уҳәаз алабашьа
схьаа арҿыхан, сҳәацәах‘уеит.
Игуы ҵарыуп аԥоиет уаҩ,
агуы, ажәа бжьы иаҳауеит.
Уырҭ иысҵәыӡыз рнышәнапқуа
сышрызхьаауа еилыикаауеит.
Срываҵара ԥсыхуа аиыурым,
мыцхуы сырцәыхарахаит.
Рнышәнапқуа сгуы иықуԥсахар,
Срыниарашәа сгуы сжьауаит.
Аҵабыргы иамраҭҳаџьыз
агуы жьара даҳәауеит.
Ҳлахьынҵа нымцыурахах,
саргьы сгуы урс иысжьауеит.
Чачхалыи Кьыршьал гуакьа
сышиызхьаауаз, дысыцәцеит.
Аџьонууа Ҷиҷико дыу
сышиыхьҵәыуаз дысыцәцеит.
Сангуылиа Сандрагьы дцау?
Ах, абаақуа, шьҭа иазхаит!
Уышьҭа иаанхаз са сааныжьны
Иысцәымцарцы срыҳәауеит.
Сан Шамҳа Мкыд лҳәашьала,
«Уышьҭа Анцәа сиыҳәауеит:
Шьҭа Аԥсыуак дысцәымгакуа
сыԥсы га!» — ҳәа сныҳәауеит.
Ҳа, Гургулыи! Уыи слабашьа
изымҭау дадысбалауаит,
Сханы икыдыуп, уажәы-уажәы
Снадҵәыуалао схырхуауаит.
Зыххьысгара! Схьаа рацәаӡауп:
Аԥснаа зегьы сшәынхьыуаит.
Бза шәгудкылао, ԥысы дҵәыуа
сахьшәылаӡам схьаауаит.
МШЫШӘҬАУП, АԤСНАА!
Ауаа ҩ-ҿакны иеивархуау,
Ҳарыбжьысны ҳаицырхуау,
Ҳаҿархасҭа Аԥсны
Амҩа ҳанылт ҳаишьҭархуау.
Ҭыԥҳаи ҭацеи шәашәа рҳәаон,
Аиҳабацәа шәырныҳәаон,
Ҳааскьарган, ҳааит ҳаимархуау,
«Ҳамшра рзышәга!» — ҳәа иыҳәҳәаон.
Рымшра шәзааҳгаит ԥха дыула,
Ишәыдышәкыл гуакьала!
Шәеицәыхазым, шәеиуакыуп,
Шәеимадауми зегь рыла!
1975 аш.
ХЬАЖӘА ЦЫԤЖӘАХАҚУАК
Ҳаԥсы еизакыуп, ҳазныибажьуам,
Ҳаӡәгьы шьҭахьҟа дыҳазныжьуам.
Ҳашьҭыибах‘уеит, ҳазкаибажьуам,
Ҳаӡәгьы саара даҳзышьҭажьуам.
Абарҭ ҳара иаҳуысхуыу рауп,
Ианаҳҭахым— ҳԥыдхар ауп.
Абарҭ ҳара иҳақунагау рауп,
Қунагаа зҭахым — тәра зҭахыу рауп.
Ҳаԥсыуаауп ҳарҭ, ҳақунагаадам,
Қунагаа ҳҭахыуп, ҳқабадам.
Ҳаицәаашьаом ҳарҭ, ҳаԥсымч куадам,
Ҳаб Ԥромеҭе игуаӷь ҳалахудам.
РА
Даныҟамыз ыҟамызт,
Даныҟамгьы ҟалауам.
Дахьыҟамыз ыҟамызт,
Дахьыҟамгьы ҟалауам.
Иылымшауаз ыҟамызт,
Иылымшауа ҟалауам.
Иылымшаз акы ыҟамызт,
Илымшаша ҟалауам.
Ибзоурамкуа акы ыҟамызт,
Иыҟам, иагьыҟалауам.
Иыҵкармыз мчы ыҟамызт,
Иыҵкарым мчы ҟалауам.
Уи иылымҵыз ыҟамызт,
Иыҵкарым акы ҟалауам.
Иыда ԥсык ыҟамызт,
Дызлам ԥсык ҟалауам.
Ҳхатәра далауп, дҳалаҵәауп,
Иыда иҳалау мычы ыҟам.
Иаҳуа ҳзыруа иара иауп,
Иыда лшарас мыч ҳамам.
Дырреи ҭахреи иҵасуп,
Лахьыи лыԥхаи ыҭаҩуп.
Агуаҭара иыҵасуп,
Цәгьеи бзиеи дреилыхҩыуп.
Мцеи лашареи, ӡыи нышәыи
Ԥысыс, мычыс дрымауми?
Аинышәара зчаԥаз уыи
Аиныҟара зла еиныу уыи.
Хшыҩк идыура ҭаӡауам,
Иылшара хшыҩк ахьӡауам.
Хшыҩк наӡа даздыруа —
Уиҟара хшыҩк ҳауам.
Иыда наӡа дыҟаӡам,
Иыда акы згым дыҟаӡам.
Иыда шаҩы дыҟаӡам,
Иыда цхырааҩ диымаӡам.
Ҳабз иалауп ихьыӡ Ра,
Ҳаныҟузцао ажәауп Ра.
Қурҿыиагауп ҳа ҳзы Ра,
Зымчы ҵҩадау хьыӡыуп Ра.
Уыс даҳдырҵеит ҳабацәа,
Даныԥшуеит ҳаԥсышәа,
Даныубаалаоит уыи ҳажәа,
Уыс данвалауп ҳагуаҵәа.
АПОЕТ В. АХЬИБА ИЗКЫУ АЖӘЕИНРААЛАҚУА*
Сара сгуыӷ'уа схандеиуеит
Амшын сырга иуулакгьы...
В. Ахьыиба
«Аԥсра иацәшәаз — дшыбзаз
дахьыржышаз данымиаи».
«Амца иацәшәаз — аӡыршы
далаԥалеит», — рымҳәаои?
«Џьабаа рацәа ззымычҳаз —
џьабаа иыгхаом», — рымҳәаои?
«Ҵых ныиасуеит, мышы ааиуеит» —
ҳабацәа уыс рымҳәаои?
Зтәыла аџьабаа ззымычҳаз —
тәым тәылан дтәымхаои,
Зтәылеи збызшәеи ирыламҳәыз —
ԥхьа дԥыдха нас дмыӡуои?
Ртәыла нкарыжь, гуҭынчра
иеигуыӷ‘уа рхы рымжьаои?
Хатә тәылан иеизыибага,
хшыҩла иныҟуаз мыҿиаои?
Сеиҳа итаӷсаз ассақуа
ргуахутәы ишахьӡаз сымбаои,
Уырҭ ргухутәы иызлахьӡаз
рҟаза мҩа санымлаои?
Ԥрымца* аҟуара иаҿыиҵааз
саргьы иаҿысымҵааои.
«Зқьынтә ианԥар — акы амырҽеио,
аху дыу рхуаша иамаиааиои?»
Зхала иааиз ацәгьара —
ҟазарыла исмышьҭуои,
Зегьы здыруа иыҟада,
«ҵаара хьы аҵоуп» рымҳәаои?
Ҵаареи ԥшаареи сыгымхар—
ԥсы еикурхагак сымбаои?
Смаашьа-смааԥса схандеиыр —
сгухутәы сахьымӡаои?
Гухутәы бзыиа, гуыӷра
ааԥсара ихамышҭуои,
Сӷам, суауп, схацхыраауп,
уырҭ сышҧа рықуиҭымхаои?
Ԥсыхуак змам кры ыҟаума,
ԥсыхуа шԥасымбаои?
«Згуы каҳаз — иҽы мыҩит»,
Сгуы иышҧа касыжьуои?
Убзыи утәылеи каужьыр,
мыш шыуԥеимԥшыу уымдыруои?
Ҳаи, абааԥсы, Аԥсыуа,
уыс угуы шԥа кауыжьуои?
Еибааӡарауп иаҳԥеиԥшыу,
уыбри угуы шԥа унажьуои?
Уа иуымҳәаргьы, усхуыцуеит,
иааигуа-ихара сымнеиуаи?
Сашьа ауԥашәыл, ҳаи, абааԥс,
уҵәыуо убжьы шԥагаои?
Ҳаиҟуызыкукуааз харзымаиааит,
ас ҳабанӡа еизыхьуои?..
1973 аш.
---------------------------------------
* Ԥшь-ажәеинраалак изикит Омар Беигуаа апоет В. Ахьиба. Дасу зхала иҟоу, зхатә форма, ҵакы змоу роуп аҟынтәи рыԥшьбагьы ара ианҵазар ахуҭаны иҳаԥхьаӡоит. — Н. Ҭ.
** Ԥрымца — Прометеи иоуп автор иззиҳәо. — Н. Ҭ.
Ахьыиба, сашьа!
«Шә-хык ирыԥсау ахы заҵә»
Зыҳәаз аҿы сакуыхшауп,
Ҳаба иҭынхаз уи ажәа
Згуы ианҩаалау срыкуахшауп.
Шә-хык ирыԥсау ахы заҵә
Ҭызырҟьауа — ихиау иауп,
«Анаԥшыҩы дыхысҩуп» —
Зырҳәауа уи иауп.
Иыла ҵары, ахы ҵары,
Игуы ҵары ихиау иауп.
Дызеихсышеи, дыхысшеи,
Дышхысшеи здыруа иауп.
«Абџьар ҟаза фырхаҵа» —
Зырҳәауа убарҭ злау иауп.
Ҳзеихсыша маҷума,
Ҟаза рацәа ҳарҳарауп.
Зыгуаӷь ԥсыу ахаҵа
Ҳа ҳзы иԥсыу дырыуауп.
Афырхаҵа ԥсра зқуым
Дыԥсыр, хуарҭа зҭаххао иауп.
Ажәа уапак иаласҳәаз
Араа иаҭа инасҳгарауп,
Гуахутәы ахьымӡа ҭаҳмадак
Хьажәам, аха игутых ауп:
«Арҵәыра хуац аԥсы ҭауп»,
Иышаҭахыу иыуауа,
Џьара гурҩак амамкуа
Ауац илаҭҳаџьаауа.
Агуаӷь жәлар уи имам
Ахуамц иакуҵәан иыҿиаит,
Зыуаа ирыҟуҵәаз агуаӷьда
Иара убри даиԥшхаит.
В. Ахьыиба иахь сыцҳәатә
«Згурага рацәау иажәа рацәауп» рҳәауаит,
Сгуы аасыртәап ҳәа зегь ирдыруа еиҭасҳәах‘уаит,
Иамыцхуызаргьы, цәгьара злам ҳәа сыгуыӷ‘уаит,
Иеицырдыруа еиҵызымҳәао еицәыӡуаит.
Уара мҩасуа иахьынӡа ыҟау уыгымхан,
Уара зҭахым уаӷа дужәлар уаҵамхан,
Уеиҳа зымчу уаӷа бџьарла уимаахан,
Сиаҵахаит ҳәа уҽаҭангьы уытәымхан.
Аҳаҳаи, џьара ԥасара уиы умысамхан,
Амысара ԥасара ахҟьап, уыс умхан.
Аҳаҳаи, џьара кьасара уны еиҵамхан,
Уҳәалахар, убаандаҩхап, утәымхан.
Абџьар мыса зызнагӡатәхаз иҟада?
Наӡаӡа уыи иарыҭҳаџьхьоу иҟада?
Абџьар қьиа ззеиӷьымхац иҟада?
Бџьар мацара иыннархарцгьы иҟада?
Хшыҩла, хаала, қьиарала укуԥала,
Уаӷа иымуи, уара уымуи еидшәала,
Дызлауаԥыу амч ҳәа, иа еиԥш ирҳала,
Узлаиаԥыу амчқуа уиақуԥала.
Маашьа-мшәареи гуԥымҵәареи ираиааида?
Наԥҟазареи хшыҩҟазареи змаиааицда?
Зхатәы бызшәа ҵара амҭакуа иҿиада?
Урҭ идрыӷуӷуоз имаҷҩызаргьы ираиааида?
Уеиҳа срацәауп, ҳаимадахар ҳаҿиауаит,
Ҳҽеибыҭа ҳаизыибагар — мыч ҳауаит,
Ҳаԥсышәақуа еицәыхазымхар — ҳазҳауаит,
Иаҳзеиԥшым тәым ажәа алаҳҵар — ҳаицәыӡуаит.
Ҳаԥсышәа аиԥш бызшәа куазаны избаууам,
Цқьа издыруа изаламҳәаша ҟалауам.
Дынцәажәо урҭ џьаракгьы зны ихы иҭашәауам —
Аха иаҳар, изымдыруа ҟалауам.
Ҳагушәа, ҳгужәла еизакыуп — ҳа ҳаимадам,
Ҽеигарамзар, жәлар нырхагак ҳа иҳамам;
Ҳхатә тәыла ада ҽеизгарҭак ҳақуиҭхауам,
Тәылеи, бызшәеи, жәлари неимадам — бзара ыҟам.
Омар уыихашҭым, Ахьыиба Хьы!
Омар уыихаштым, Ахьыиба Хьы!
Дажәы џьышьа дыузыԥшы дтәан.
Иаҟара уа уажәым ҳәа, схьы,
Унаишьҭаԥшып ҳәа дгуыӷ‘уа дтәан.
«Уажәыма, Омар, сыухашҭма?» — ҳәа,
Шыуҩыз ныизырҩы, даигурӷьеит.
Иызҩыз рзы «иҭабууп» ҳәа,
Иырҩыз дагуӡы игуыдикылеит.
Аха рҩымҭа ԥыҭк иеилаган,
Арс иыриашеит, арсгьы ирыкшеит.
Аԥсышәа цқьа зҭахқуау гуыбӷан
Иырҭарым, дреигуыӷ‘уеит.
Убжьы сыумырҳаоижьҭеи кыр ҵыит,
Уажәыма, ма сыухашҭма, схьы?
Сҵыс ԥшӡа иҭакыз аусышьҭын,
Иыԥрын, ажәҩан ихалт, схьы!
Цаԥха уҭахызар — иуысҭап,
Иаарты аихац, уҵыс ҭахар.
Ҳаҩ-ҵыск рызгьы ԥеиԥш хаахап,
Ажәҩан ҳәаадаҿ иеиқушәар.
Ирыг-ирыбзоу зегь еибырҳәап,
Рҵыс бызшәала, рыԥсадгьыл хуыц,
Аарцә акум, нырцә уаа иеибырҳәап,
Иаԥырҵап Аԥсыуа ашәа ҿыц!
24 ӡынгуымз, 1988 аш.
-------------------
Автор иазгуаҭа:
Асҭампыл ацута иалатәау Аԥсыуак икынтәи Aҟya иалатәау Аԥсыуак иахь.
АИАША ҴӘКЬА
Адгьыл иаҭәау иырзынхаоит,
Иахьынӡа аҭәау иыннархаоит.
Ианаҭәам иаҭәам иалхудахаоит,
Иаҳа иаҭәау ирыхуҭахаоит.
Адгьыл зызшау ауаа рауп,
Иарыҭхаџьуа иаҭәау рауп.
Иыкунҵәауа иаҭәам рауп,
Рышьҭа иаанхао рҿыхагауп.
Дгьыли уаҩыи еибааӡеит,
Тәылеи жәлареи еибарӷьацеит,
Иаҭәам ажәлар ықунҵәеит,
Хамышҭхуны рышьҭа анхаит.
1975 аш.
АЖӘҨАН ԤААҨЦӘА
И. Гагарини В. Терешковаи ирызкны
Иынзымԥыруаз ауааԥсыра,
Иырцәыҭшәаӡан аԥсабара.
Ирыҵашьыцуан ԥсаатә жәлара,
Иазынхьыуан жәҩан хаԥырра.
Жәытәнатә иашьҭан афырԥара —
Мреи, мзеи, иаҵәеи зегьы рыԥшаара.
Шьтахьӡа иыԥрыит ҩыџьа дара,
Ҵәҩынҵәаҟьа ихалт жәҩан ԥаара.
Жәҩантәыла иха иыцаон фҩызак,
Уыи дыҭатәан ҭыԥҳа ԥышӡак.
Иеиҭа иха иыцаон аҽа фҩызак,
Уыигьы дыҭан арԥыс фырхаҵак.
Жәҩани иаҵәеи еилыдрыхыит,
Жәҩан тәыла еимда амҩа ылырхыит.
Шәареи гуы ӡреи дгьыл ианырхыит,
Даргьы хьыӡла иыхыибахыит.
Ажәҩан зԥааз, афрыԥҳәызба!
Иеиҭа зԥаахыз, афрарԥызба!
Шәгуыԥхаибамшьаи шәанеибаба,
Бара аԥҳәызба, уара арԥызба!
Иеиҭәау шәа шәауп, шәыгурӷьао шәеимаз,
Адгьыл тәылаа рныҳәа шәымаз!
Жәҩани иаҵәеи, мреи мзеи иышәԥааз,
Шәрылагуырӷьа, нхьахьс ишәымаз!
Бегуаа Омаргьы иымшра шәымаз!
-------------
афҩыза — аракета
УЫБЖЬЫ ЗЫМГАОИ, САХЬШЬАԤА?
Иуыхьзыи, уара сахьшьаҧа,
Уыбжьы сԥыуҵәеи, с-Гуажәба?
Уаншьа алыгажэ иыгухьааит,
Уыбжьы ааирҳах, арԥызба!
Аԥснаа шәыбжь сазгушьын,
Уаргьы Аԥснаа урыбжьын;
Уҿала исаҳаон Аԥсны бжьы,
Бжьы ԥҵәала сгуы каумыжьын.
Зыбжьы гауа иыԥсы ҭауп,
Бжьы заҳауа иыԥсы ҭауп,
Ҳаи, абаақуа, ҳкашәмыжьын,
Шәыбжьы ӷьаца ҳаҳарауп!
Ӷара аҵасым сгуыжәла,
Зегьы срыуауп гуакьала,
Ауа икажьра шәа ишәаҭәам,
Ааҳақуҿыҭла уа гуыла.
Аԥсны уабжьын кыр аамҭа,
Узысмаҳаои уажәышьҭа?
Слымҳа кыдуп уыбжьахьы,
Изысмаҳаои нас шьҭа?
Хар ҳамам ҳарҭ зегьы,
Ҳамшра рыҭа уахь зегьы!
Шәыбжьыи шәыҩхьеи ҳагымхааит,
Шәымш аабзиахааит зегьы!
Уаншьа Беигуаа Омар
Исҭамбул, 30 ӡынгуымз, 1984 аш.
АԤСЫНТӘЫЛА АӶЬАЦА ҬГАОИТ
Шаҟа зқьынҵы раахыи —
Ауыбла дуу иыбжьы гаом.
Жәлар рынҵәамҭа изырӷьацаоз —
Иыбжьы игалаоз уажәы игаом.
Иылашара каԥхах‘уам,
Иыҿыҭы бжьы саҳах‘уам,
Иеизыԥхьа бжьы хуаҽым,
Игуы сыхшәама? Исаҳах‘уам.
Шьҭа сыхулакы-лашьцакын,
Сыҵа хиаҽыит, сыҟьалеит.
Уыи ихьымҩа сацәҩахьан —
Абна тыура сылалеит.
Багеи қуџьмеи срыгуҭаҳаит,
Сыҟьҟьа-сыҵәҵәа срыхуҭахеит.
Иабаау, сыԥсы ԥсра ақум,
Ԥеиԥшы цәгьала сгугуҭахеит.
Ауыбла мҩа икасыжьыз —
Сныуклахында, аҳ, шьыри!
Икасыжьрымызт даҽа зны —
Иылашара, аҳ, шьыри!
Сҟьала-ԥала сныҟуаоит,
Скаҳа-бӷала сынеиуеит.
Акы саиааи — акы сиааи,
Сынҟьа-нԥао сацауеит.
Ауыбла дуу дказыжьыз —
Рԥеиԥш цәгьа сԥеиԥшхеит,
Атыша цәгьа снахулаҳан —
Амца қьуқьад салаҳаит.
Сызы хулажьыу сахуыруеит,
Аҵан лашьца сахуыҽуеит,
Уыи аблыга еилаҳанта —
Салабылгьао сықуԥауеит.
Сықуԥаоит, афыр срыцкарыуп,
Ԥсра зықум сырхылҵыит.
Аҽыҭара сыхьымӡӷыуп,
Ԥромеҭе дуу сыиышьҭрауп.
Аинаржьыи иыӡыирыжәыз —
Афырхаҵа сыиыжәлауп.
Сагьы ԥыҽрым, сагьы ҟьацрым —
Амчқуа ираԥыу са сгуыжәла ауп.
Сеиха ҿаҳәауп ҳәагуыжьла,
Дара абџьарла иеиқуныхла.
Аха уырс сеисыӷьуам,
Иымчырхаоит сгуыжәла.
Схы аԥсынгьерыи иыкуҵаны —
Иыркуакуалааит жьаҳәала,
Сырмабашьлар рымбарыи —
Иабџьарҵәаҟьау гуаӷь дыула!
Хшыҩ џьыршьао иԥырыххаз,
Хы куапеиуп иырҟуаҟуаз.
Ԥысыи гуаӷьыи кьацхьаума!
Мҵысҭауп иыжәжәа иԥырххааз!
Сыршьы-рыжхьеит иагараан —
Аха сыԥсы ԥсра ақум.
Сгуаӷь ԥсыма, ишәымбаои —
Сыбжьы ӷьаца ԥҵәара ақум!
Оршьелими Ирландаи —
Ргуаӷь шыӷьацах шәымбаои?
Исраилааи Аиреуааи —
Рыбжьы ӷьаца шәмаҳаои?
«Макьедониаи, Филиԥи,
Скьендери ԥсыижьҭе!» — рҳәаоит.
Аха рыбжьы шәмаҳаои:
Макьедониа аӷьаца ҭгаоит.
Ԥромеҭегьы даиааины,
Ауыбла игуаӷь ӷьацаны—
Саргьы аҿиа мҩа санымлеи,
Аӷьаца ҭгаоит Аԥсны!
Агуара ҳәа, сыкуара,
Аӷьаца ҳәа, сытәыла,
Аӷьара ҳәа, саԥсыуа,
Рыбжьы еиқургао гуакьала,
Иеиба ргуырӷьао иеиманы,
Иеиба рӷьацао иеицны,
Тәым тәылантәыи рыуаа ирыԥхьо,
Рыбжьы ҭыҩуеит Аԥсны!
Еизыԥхьа бжьы ҳақургао,
Иҳаԥхьаоит Аԥсны!
Ацәывҵыра идәыҵыԥхаа,
Ца мҩа ҳнарбаоит Аԥсны!
Гурӷьеи еинҟьареи шьҭыбжьны —
Аӷьара ҭгаоит Аԥсны!
Ҳаихеит шьҭа жәларала
Иаҳҿахарсҭау Аԥсны.
Аӷьара ҭгаоит Аԥсны!
21 ааԥҵыхумз, 1987 aш.
ԤХЫӠ ИЫСБАЗ АИҚУНҴӘАРА
Сысасы ԥыҭк неиҿасҵап ҳәа,
Саргьы ԥыҭкы кры сфацәеит.
Ҳамцагьы кыр ҳанаарыԥха,
Хаа еиқушьшьырак ааҳхатәеит.
Цәа хаа хьынҭак анааҳхаԥа,
Ҳфа рсахагьы ааҳмаӡеит,
Ҳаҩыџьегьы «Цәамҭахаа!» — ҳәа,
Неибыҳәаны, цәара ҳцеит.
Ҳагуы ҭыжаа ҳаззы ашшуаз
Адәгьарақуа сгуы иҭаҳаит.
Сыцәамҭагьы сгуы злажьыз уырҭ
Ԥхыӡлагьы снарылаҳаит.
Реимак рацәан ауааԥсыра,
Ԥхьа аибажәжәара еиҿырҵааит.
Иышнеи-неиуаз, реиӷара азҳан,
Аиба хуршьа еиҿырдааит.
Иыца ԥхьаӡа еидаапкылан,
Ҷаны ҷаны еибафеит.
Аиба ааӡага хшыҩ бзиаху
Ықуибахга мыждахеит.
Рыԥрыгақуа ҵәҩанҵәаҟа ихауп,
Рхы аԥсабара иагудҵао,
Рбомба мыжда «агуақь-агуақь!» — ҳәа
Қыҭеи цыуҭеи иырыжәҵао,
Атәылақуа хҟьа бзарбзанла,
Агуз-гуз ҳәа иыԥҟаҭао,
Қыҭеи жәлареи жәжәа-иыцҟьа,
Ртәыла хуаша иықурыттао,
Амакьынатә шәақь мыждақуа
Аҵықь-аҵыкь-аҵықь иыхысуа,
Аԥсабаран ԥстәы аанмыжькуа,
Уаҩыи рахуыи рыхыуа,
Уыи иаацәынхао хахумыхук ауаа
Анап шәақь ргуыдҵауа,
Аӡә даанмыжькуа, рыгуы ҵыблаа,
Ауааԥсыра нырҵәауа.
Бжьы цәгьас иыҟоу зегь неилеиҩын,
Дгьыли жәҩани ирыбжьаууы,
Хы ҭҟьаганы, гуы ԥжәаганы
Рхагагахеит иеилаууы.
Рыԥсы ҭаны хугьы нымхааит ҳәа,
Ршәақьқуа аԥса рхаҵаны,
Аҳәеи, ԥсеи, рыи еиба рхага,
Амҵысҭақуа ҟьҟьа-ижәжәаны.
Амшынгьы цқьа мшынҵа ӷбала
Иынхалао рзы еиқунҵәарҭауп,
Еисыга ӷбеи мҩасга ӷбеи
Иынҭау рзы ҵаҩрырҭауп.
Тәыла иаҵәа шьараанҵәыра,
Шәаԥыџьаԥы еилы блаа,
Дгьыли жәҩани алҩа бжьаббы,
Аԥсабара еиқуы блаа.
Ақуылацәа дара рыдак
Данықумха аԥсабара,
Иынеилаҭәа-неилагылеит,
«Оҳ, гушьа!» — ҳәа ԥсшьара.
Дгьыли жәҩани ирыбжьачыз
Алҩа бааԥсы иахуыҽуа,
Аԥсабара иынахыҵәаз
Афҩы цәгьа иахуыруа,
Ԥшаԥсыи ԥсыԥи иырылачыз,
Азҩа иыхужәа иархуаауа,
Убарс даргьы неикунҵәа ицеит,
Шәаԥыџьаԥы иыршәиуа.
Жьы баала ичао лаҳәа ԥсыра
Еибарҟыруа, ихагьежьуа,
Аҟырсыр ҳәа иырхаҟыруа,
Амҵысҭакуа еиӷрыжәжәауа,
Лa ҵәыуа бжьыи, уыу быжьыи,
Ты бжьы мыждеи ықуҩуа,
Ацгуы ԥсыра хынхадақуа
Дәы ҭынхада иықукьиуа,
Жьы бааи шьа бааи рхаҵәаны,
Атәылақуа еила баа,
Баа фҩыи зҩеилеи еилаҵәаны,
Ԥшеи ԥшаԥсыи уыс иеила баа
Ԥшаԥсыи ԥсыреи зеиба мааӡао,
Иеиба рҵаԥа инеиқунҵәеит.
Аԥсабареи шәаԥыџьаԥи
Уыс иеиныӡаа инеиқунҵәеит.
Гуы зҟумҭәаауаз аԥсабара
Шьҭа заҟа ишәарҭаузеи!
Иубао, иуаҳао гуыҭҟьаганы,
Гуаламшаатәны иныиысыи!
Иысба-саҳаз сыдырхаган,
Схы хьынахао сыҵҟьауа,
Схы хьынахао царҭа еилымкаа,
Ахы кыдҟьара сазыҩуа,
Сыла хҩауа, слымҳа жәыгуао,
Схы сымҟьаны сыбжьахаит.
Сыгуаҭеиуа, царҭа смаууа,
Сыҳәҳәа-хуаауа сааҿахаит.
Иысзеиҭамҳәао сыԥхыӡ бааԥсы,
Санҿыхагьы салажьын.
Сҳақьы-ԥсықьуа, алҩа схыббы,
Ԥхӡы хуаҭак сылажьын.
Ԥхыӡи ԥеиԥшыи ааиԥыншьала,
Шьҭа сгуыи сыԥсыи чмазаҩхаит.
Мысеи ԥсыцәгьеи сраӷахаӡан,
Арыцҳа изы сҵәыуҩхаит.
Арыи иеиԥшыу аиқунҵәара —
Иага жәлара иырыхьхьеит.
Арыи иеиԥшыу аиныӡаара —
Иага тәыла аниахьеит.
Даус итәыла иара изыҳәа
Зыда иымам ԥсабарауп.
Иыжәларагьы ауааԥсыра
Зегь неилакны иырыԥсауп.
Аиқумчыра — уаҩра иаҭәам,
Аиқумчыра — куџьмарауп.
Амысара — уаҩышәаӡам,
Иыуашәау — қьыиарауп.
-----------------
ԥшаԥсы — аҳауа
ԥсыра — ауааԥсыра
ԥсабара — адунеи
амҵысҭақуа — акорпус, ахуамц
50 ШЫҚУСА РАԤХЬАТӘИ ГУАЛАШӘАРАК
Иагӡа* рыҳәсас ашәауан,
Аҽага ашәа рыҳәауан.
Шьааиыб иыԥҳа лыбжьы аауан,
Аҽага кы ашәа лыҳәауан.
Агьырҭ уыи инашьҭарҳәауан,
Рҽага ашәа уыс иырҳәауан:
«Уаа рауау! Уаа рауау!
Уаа сараида, Мооқуаа!..»
Арахьгьы ахацәа ашәауан,
Иагьашәаон, иагьцәажәауан.
Ажьыи Мамеҭ Жьыиба,
Халыл Иагба дырылан.
Аиҳабацәа уыҭ ракуын,
Хшыҩ ажәа зҳәаоз ракуын.
Иырҳәаоз хаара зҵаз ажәан,
Уаҩ, дызмырааԥсауаз ажәан.
А-Жьыиба ԥыҭкы даԥхьаҩын,
Кыр иҿыхаз дыуаҩын.
Иагӡа рыҳәсас рыбжьы аауеит,
Рҽага ашәа абжьы гауеит.
«Уаа рауау! Уаа рауау!
Уаа сараида, Моокуаа!..»
Мамет Жьыиба ибжьы аагаит,
Аиҵбацәа иынарықуиргаит:
«Дадраа, анҭ рашәа шәаҳаома?
Иеиҭанаҳәао шәдыруама?
Шәазхуыц, дадраа, издыруа,
Ԥсшьаа исҭаоит, бзиаума?..»
Аиҵбацәа еицҿак рыбжьы аагеит,
Ӡәырҩы акака хҳәаа ҟарҵеит:
«Шәызхҳазҵааз ҳа игуыԥхаҳшьеит,
Аха иақуу хьмыӡӷаҳшьеит.
Шәа шәырашәао, ҳа ҳтәаома?
Шәышҳаигуыӷ‘уа уыс аума?
Иаҳзымдыруа ҳазхуыцуеит,
Иахьа иышәҳәа иаҳҵауеит.
Иаҳҵаҩ ҳа ҳзы хаҳасҭауп,
Ҳартәара аиҳа уи гуахуауп.
Ацәшьыра** аҵан ацәара,
Иаиӷьуп шәарҭ кыр шәыҿҵаара.
Акы ақуҵара қунагауп, дад,
Шәаргьы леишәа шәыгым, дад!
Ҳшәеигуыӷ‘уеит, шәынаӡааит,
Ҳанцәа ҳазшаз шәҳаҭәеишьааит!
Шьҭа азхуыцра шәақуыиҭыз,
Ҳшәазҵаар, ишәҳәап ижәдырыз...»
Мамеҭ Жьыиба уыс иҳәеит,
Зегьы ҳамҭакы ихуыцуеит.
Иашәао ихуыцуеит аиҵбацәа,
Иашәао иыҧшыуп аиҳабцәа.
Уыс ԥыҭк аамҭа ныиасит,
Уыи иақунагаз аамҭа ҵыит.
Мамеҭ Жьыиба ибжьы аагаит:
«Даус иудырыз шьҭа иҳәа!» — иҳәаит.
Даус иалыидрааз иҳәауеит,
Аиҳабацәа ӡырҩуеит.
Иахьышәао еимҭахауеит,
Даус иидырыз рынхууеит.
Анаӡаран ибжьы аагахт,
Мамеҭ Жьыиба уыс ааиҳәахт:
«Шәыцәгьаҵәҟьам, дадраа», — иҳәеит,
Кыр алыздырааз ӡәыр шәҟалеит.
Инагӡаны адырра зылшао
Маҷхап уыи дара.
Уыи ашәа зегьгьы иырҳәаом,
Ҳәсамзар хацәа иырҳәаом.
Иалау ажәа аиҳара
Арҩашьауеит арӷызра.
Иыжәыижәыхыу ашәак ауп,
Иыжәыижәыхыу аԥсышәауп.
Кыр ажәа налыудыраауеит,
Уыҭ рыла агьырҭ удыруеит.
Рӷызра амҭакуа иыуҳәао,
Ажәа удыруеит иаҳәао.
Уыс ҳәа аҳәара днаԥылеит,
Иымырӷызкуа арс иааиҳәеит:
«Уаа ар аауау, уаа ар аауау?..»
«Уаа ас ар ааитеи, Мооқуаа!..»
Моқуа иқыҭа ар ақулеит,
Иыр еизаанӡа дҭахауеит.
Иыҭахамҭа дуалашуеит,
Ар аауау ҳәа дыҵаауеит.
Дызызҵаауазгьы цҳәа аиҭеит,
«Уаа ас ар ааитеи, Моқуа!» — ихәеит.
Ма: «Уаа сыр ааитеи, Моқуа!..»
«Уаа ас ар ааитеи, Моқуа!»
Ашәа иаҳәао арҭ рак ауп,
Уажә иадыруа уи aҟapa ауп.
Уи амҩа ала шәаргьы шәхуыц,
Иаиԥшу ашәақуа шәрызхуыц.
Рыуа изакуу аилкаара
Шәа ишәусхуыуп, ҳахьҿара!
Ҳазышәазҵааз ашәа аҿы,
Идыртәқуоу рдырра аҿы,
Ҭырԥшьы Маҳмуд дышәаԥыуп,
Ԥсшьаа тәара дақуыиҭыуп.
Ҭырԥшьы Маҳмуд уыс иҳәеит,
Еиҳабы-еиҵбы еибаныҳәеит.
Ишеицәажәац иеицәажәеит,
Уыс иеибархаа инибакӡеит.
Шьыбжьаанӡа уыс иеицашәеит,
Шьыбжьон кырӡа рыԥсы ршьеит.
Рҿы, рнапы, ршьапы рыӡәӡәеит,
Крыфа иныҳәеит, нас ицәеит.
Ԥытк аамҭа ҵит, нас иааԥшыит,
Ашаурагьы шьҭа иаахҽыит.
Рҽагакуа аашьҭырхыит,
Ацәшьырҵа хаа иныҵыҵыит.
Уыс ашәара инаԥылахт,
Мамеҭ Жьыиба ибжьы аагахт:
«Ҭырԥшьы Маҳмуд, дад, уара,
Уажә ҽага ашәак шуҳәара!
Уҩызцәагьы идырӷызып,
Аҭаҳмадцәагьы ҳаӡырҩып!»
Ҭырԥшьы Маҳмуд цҳәа иҳәеит,
«Шәхы шәсырхьыр, дад? — иҳәеит. —
Ишәықунагау сызҳәарым,
Аха саҭанашәҵарым.
Аҳәса рҽагашәа иеиԥшу,
Зажәа еилкаара сҭахыу,
Ашәак сҳәап, идырӷызып,
Иаҳәо ҳашәҳәап, иыҳшәырдырп.
Џьабаазаргьы, ҳазшәыҳәоит», —
Иҳәан, ашәак дынаԥылт.
Маҳмуд: «Уа Рирашьа, оираа!..»
Агьых еицҿакны: «Уаа рауау!..»
Уи ашәа акыр ирҳәеит,
Рҳәашьа анҵәамҭа икьаҿхеит.
Махмуд: «Рирашьеи!..»
Агьыҭ: «Оираа!..»
Маҳмуд: «Уаа рауау!..»
Агьыҭ: «Уаа Рирашьеи!..»
Уысгьы кырӡа еицырҳәеит,
Насгьы аиҳабацәа ирыҳәеит:
«Арх ажәақуа зыхҳәааузеи?
Рынардыркуа закуызеи?..»
Мамеҭ Жьыиба уыи цҳәа аиҭеит,
«Исҳәап, дадраа, шәӡырҩы», — иҳәеит.
Рирашьа ҳәа ажәак алауп,
Рирашьеи ҳәагьы акы алауп.
Уаа ҿыҭыбжьыуп, ҿыҭыгауп,
Рирашьагьы хьыӡуп, ԥшауп.
Уаа рирашьа!.. — ҿыҭарауп,
Уи ишәдыруа ажәак ауп.
Рирашьеигьы уадаҩым,
Ишәзымдырша акы акуым.
Рирашьа ахьыӡ уыи иалауп,
Аиаша Рыи Рашьеи ауп.
Рирашьагьы иара уыи ауп,
Изыхьӡыу зегь ры — Рашьа ауп.
Рашьагьы ашәа аԥызҵаз лауп,
Зыуаа икармыжьуа аӡә уыи лауп.
Ры хьӡыи лыхьӡыи еицырҳәеит,
Уыс Рирашьеи лыԥшаахаит.
Оира арԥыс Қабадан,
Рашьа лашҭа иыԥсы ҭан.
Рашьа ауԥашәыл уаҩ дԥылҽуам,
Оира дԥымҽкуа длыцрыҵуам.
Уыи шьха Рашьа длыгагауп,
Ихьыӡ лыхьыӡ иацраҳәауп.
Имырҕызкуа иашәа сҳәап,
Уыс иҩашьаом, иеилышәкаап:
«Ри Рашьеи, оира! Уаа ар аауау?..»
Ма: «Рирашьа, Оира! Ар аауау?..»
«Уаа Рирашьа, Оира!..»
Ма: «Уаа Рирашьа, Оиса!..»
Оира иашәа иага наауп,
Арҭ иаҳҳәаз уыҭ ирыуауп.
Адау рыр анҳақулауаз,
Афырхацәа иреибашьуаз,
Оира еибашьра дымцакуа,
Аҽа хьыӡ дыук мгакуа,
Рашьа ауԥашәыл длаиԥхыӡуан,
Амшала ауаа дыхьыӡдыртәуан.
Иықулацәа хьыӡы ргауан,
Иара Рашьа длызцауан.
Рашьа ауԥашәыл длыҿцаауан.
Ашәа бзиа лҿыиҵаауан.
Аха уыигьы измырҽеит,
Ихаҭа ашәа изымчаԥеит.
Фырхаҵарак иылымшеит,
Фырхаҵа ашәак изеиқумыршәеит.
Уыск дазкымкуа дыбжьахеит,
Зегьы зеилаҳаоз длеилаҳаит.
Ԥҳәызба аԥсышәан, дԥылымҽит,
Иаҳәатәыз хаа нылмыжьыит.
Аха игуы иҭаз иылмырҳәеит,
Игуӷьны иҳәартәы иылмырбеит.
Афырԥара хьыӡы ргауан,
Рашьа рашәа лчаԥауан.
Оира ацыубжьа дыбжьаӡан,
Иыҩныи Рашьеи дрыбжьаӡан.
Рашьа ар рашәа лчаԥауан,
Oиpa ар рашәа иҳәауан.
Рашьа лашҭан длеи-ҩеиуан,
«Ар ааит, ар цеит», — иҳәауан.
Аргьы иа итәы рыҳәауан,
Иыхьӡыртәы ашәа рыҳәауан:
«Оира, Оира, ар аауау?
Рашьа лҿы иеиҭеиҳәауау?
Оира! Рашьа илыгагау!
Уыи дахьцалак илышьҭау!..»
Иага рыуа иашәа рҳәеит,
Хьӡы ччархуны Оира нхеит.
Ҳахьҿар анцәа шәыиыхьчааит,
Хьыӡы ччархуы шәимыргааит!
Мамет Жьыиба уыс иҳәеит,
Оира аҿаҳан, днеиҭарҳәеит.
Оиса зырҳәаогьы уыи иауп,
Оира Оисагьы иа иауп.
--------------
* Иагӡа — жәлоуп.
** Ацәшьыра — ашәшьыра.
ҲАШЬЦӘА, ШӘЫМШ ААБЗИАХААИТ!*
Ҳашьцәа, шәымш аабзиахааит,
Бзиарала ҳашәзааихааит,
Шәгудкылара ҳаӡахааит,
Ҳамшра шәымаз, шәыгурӷьааит!
Хьыӡҳәала аӡәы шәалкаамкуа —
Шәышеибакыу ҳшәыкухшааит,
Аӡәаӡәала ишәацәажәао —
Ҳгу шшәыдҳәалау шәхамышҭааит!
Ҳаԥхыӡ шәалауп, ҳгу шәҭауп,
Шәаҳхашҭыша џьышәымшьааит!
Шәаӡәкы ихьаа загьы иаҳхьаауп,
Қырыншәыхьша иеидҳахьааит!
Ажәҩан ҳабжьы аҳаозар —
Абри ҳныҳәа ԥхылнадааит!
Шәызным дунеи иалаҳхыи,
Ҳабзазар — ҳаицыбзазааит!
Шәыҿиа, шәӷьада шәгурӷьахуха,
Шәыгурӷьа бжьы ҳаҳалааит!
Ҳаизынхьыра шьҭа иазха —
Аилаҵәара ҳԥеиԥшхааит!
Aҟya, 1975, аӡынҵыхумыз 27
---------------
* Ажәеинраала агулан хыхь зыӡбаху ҳамаз Куҵниа изкыз асалам шәҟуы. Омар Беигуаа иагьиҩит уа убас: «....Убраантә ҳанықуҵуаз (1975 ш .— Н. Ҭ.) исызшәымҭаз «Шәымшаа бзиахааит» зхыу сажәа еинраалагьы ԥсыхуа амазар, шәгазеҭ ишәзанҵар, даара бзиара ду сзышәхаоит, уыи ԥсыхуа аимауыр, Аҳәба Џьума иымԥыхьашәыршәараны саҳәар, ирацәашәшьарыу? ...Ҳамшра шәымауп ԥхадула...» — Н. Ҭ.
АИНТЕРВИУ АҞЫНТӘ
Ишдырыу еиԥш, 1975 шықусазы Ҭырқутәылантәи Аԥсны иаан иҟаз гуԥҩык аԥсуаа дрылан Омар Беигуаа
— Беигуаа Омар. Сиит 1901 шықусазы ԥхынгуымз (куркуа) акы аҽны. Ҭырқушәала иахьӡуп ақыҭа Ефҭени Ҳаџьыс уеиманбеи қьиоҩы, аԥсышәала ма Ашәы Ҳаџьы иқыҭа, ма Ашәаа рқыҭа ауп. Була ацыуҭ тәылан иаҵакыу Дузча ақыт тәылан иадҳәалау уи ацыуҭа аҟынтә ф-сааҭ ныҟуа- рак мраҭашәара иыҟоу еикуатәарауп зыхьӡ сҳәоуа ақыҭа. Раԥхьа аԥхьара сахьҭалаз, хыхь зыӡбаху сҳәаз ақыҭан ауп.
— Шәхылҵшьҭра аҵыхуала ажәақуак ҳашәҳәар ҟамлари?
— Сара — Беигуаа Омар. Саб — Баирам. Баирам иаб — Ҳасан. Ҳасан иаб — Маџь. Маџь иаб — Мамагуыл. Мамагуыл Шармаҭ, Саҭанеи ҳәа аишьцәа иыман. Дара Лыхны аҳҭны иақулеит. Ачаа ирабрагьуан... Сыҩны аԥшәма ԥҳәыс — Куарҷиа-ԥҳауп, Шьааиан лыхьӡуп. Баирам иԥҳәыс, сан — Шамҳан, Мкыд лыхьӡын. Баирам иан, са сандыу, Ладариа-ԥҳан. Аладариа-ҧҳа данԥсы, Кҷын-ԥха дааигеит. Аԥсны иқуҵыз сабдыу Ҳасан иауп. Уи дынхон Абжьаҟуа. Абыгуаа игуылацәан...
— Иахышәҳәаауеи ҳашәҟуҩҩыра аҭоурых?
— Аԥсабараҿ ашәҟуҩҩыра шалагаз аԥсыуаа рыла ауп. Аха уыи ҳаҭәаршьаом, ишҳатәарымшьао еиԥш ҳҭоурых дыу. Аԥсуа иҭоурых ҩӡам... Аԥсыуа — нырцәы иҟау, аарцәы иҟау — амҳаџьырра иагаз, ишагаз, иҟалақуаз загьы иазаауазеи, аха аԥсыуа анцәа дишаны адәы дзықуиҵаз дԥишәаларц ауп, илԥха ҳамазааит, ҳашԥишәауа мацара ҳааиуеит...
— Аррамаҵура шәыказма?
— Сара сфицарыуп.
— Ажәеннраалақуа рыҩра шәанбалагеи, Омар, шәхаҵкы?
— Акырӡа ҵуеит сара арыи саҿыуижьҭаи. Иҟалап, жәоху шықуса анысхыҵуаз аахыс саҿызар. Арыи сара сымацара сакуӡам изыбзауроу. Исыцхраауаз шьарда ыҟауп...
— Убарҭгьы рыӡбаху нарбаны шәара шәтәы неиҵыхны иаҳзыжәҩыр, цәгьа бзиа иаабон...
— Иҩтәыу сара стәы акум. Иыҩтәыу даараӡа ирацәауп... Ихырҽхуараушәа иҟамлозар, сара саныԥслак, сара сыда ҽаӡәы изымдыруа, сара исыцыԥсуа аҵабыргқуа акры ыҟауп. Тәанчара санца инаркны еснагь саҿыуп. Аҩны иҟаугьы, сааигуа инхоа сыгуылацәагьы иырдыруеит сара заҟа сыцәао. Х-сааҭк, ԥшь-сааҭк иреиҳаны смыцәаӡац. Зынӡа смыцәаӡакуа иансыршаогьы ыҟауп. Ашәара ԥхашьарауп, аха аԥсра ахьааигуахао ҳацәымшәар ҟалаом. Гагра амҩа зкызаалак, иҳәеит ашәыргунда...
Асасааирҭа ҳандәылҵт, Риҵаҟа ицон (Џь. Аҳәба).
— Риҵа сымбар, Аԥсны збеит ҳәа зларасҳәарызеи сахьнеиуа.
— Гагра амҩа зкызаалак, иҳәама ашәыргунда?
— Ҳара хаҟны иҟау абзыԥқуа рауп изҳәоуа.
— Изыхҟьазеи уи ажәаԥҟа?
— Иҟан, иҳәеит, хаҵаи ԥҳәыси. Ахаҵа цәгьа дшәаҩызаарын, дшәыргундан, аха иҽхуара уаҩ дахуомызт. Аӡкаҭәарҭа нахараны иыҟазаарын. Уахык дахьындәылҵыз, иеиқуа ишьхны дыштәаз, амза дааҵаԥшын, аҳ, анаџьалбеит, Гагра амҩа зкызаалак, иҳәахзаап еиҭа. «Уых!» — лҳәан, даацәырҟьеит иԥҳәыс. Иеиқуа шишьклажьыз дҩаҵҟьан, дыҩит ашәыргунда. Дышнеиуаз, аҽага аҿы данақуԥала, аҽага ахуы ҩаҵҟьан, илахь иаахеит. Днаганы днышьҭалҵеит иԥҳәыс. Иара Гудауҭатәызаарын. Дышьҭауп ҳәа анраҳа аешьжьымҭан игуылацәа неит. Ихьзеи ҳәа илазҵааит иԥҳәыс. «Иаха ақуылацәа аауан. Амҩа кны дахьынарҿагылаз, даргьы ирырхдит, аха алаба зҿаадырхаз иаргьы илахь иаахан, дыхуны дышьҭауп», — лҳәеит иԥҳәыс. Ԥҳәыс ҟуыӷак лакуын, адәахьы ауаа рҿы лхаҵа длырԥшӡаон, нас!.. «Ҳаи, ари ауаҩ адауы игуы изҭазаап!» — рҳәеит агулыцәагьы... Уи нахыс уи ауаҩ убас иԥхьаон «игуы дау гуыуп» ҳәа... Дахьынхаоз аҭыԥгьы наҟ-нак инахьыӡхалеит Гуыдауыҭа ҳәа. Аха иабаҟаз, иԥҳәыс адуы гуы зызтам ҳәа акуын ишиалҳәаоз...
Аинтервиу ҭеиҩит Џь. Аҳәба.
ААԤСАРА ЗҚУМ АГУЫ
Омар Беигуаа ибиографиа иаазыркьаҿны
Абар иҵит 125 шыкуса Мраҭашәаратәи Кавказ иахҭнагаз атрагедиа ду ҟалеижьҭеи. 1864 шықусазы иҟалаз ақумчрақуа ирыхҟьаны, жәытәнатә аахыс изқунхоз рыдгьылқуа ныжьны иқумҵыр ада ԥсыхуа рмоуит адыгцәа, аубыхцәа, аԥсуаа... Абасала иҭацәит аӡиас Бзыԥ инаркны Тамантәи адгьылбжьахала аҟынӡа адгьылкуа. Уи ашьҭахь, 1867 шықусазы, еиҭах аԥсуаа рыԥсадгьыл иқурцеит — зынӡа иҭацәит Дали Ҵабали (30 кыҭа инреиҳаны), жәаба-жәабала Бзыҧи абжьыуа қыҭақуеи. Аурыс царизм иаҿагыланы аԥсуаа анықугыла ашьҭахь, 1877—1878 шш. рзы еиҭах ахлымӡаах хҭысқуа ҟалеит Аԥсны, иалаԥшыз изларҳәо ала, «иҭацәит Аԥсны зегьы». Уи иацхрааит, ҳәарада, аурыс-аҭырқуа еибашьрагьы.
1877—1878 шш. рзы Аԥсны иқурцаз аԥсуаа, амҳаџьырцәа дрыланы дцеит иахьа Ҭырқутәылан инхо еицырдыруа аԥсуа ҵарауаҩ, апоет-агуманист, анџьныр Омар Беигуаа иабду Ҳасангьы, Самаҭахуы (иахьа Аҟуатәи ашьха ҳәа ҳзышьҭоу) анаҩсҵәҟьа иҟаз, иахьа Аҟуатәи ақалақь иалалаз Абжьаҟуа ақыҭантәи анхаҩы. Иара Омар ихаҭагьы «Аҟуатәи аԥсыуа» ҳәа ауп ихы ишазиҳәо.
Аҟуантә иқурцаз аԥсуаа Ҭыркутәылан иӡхыцит Кефкен ҳәа изышьҭаз аҭыԥаҿ, ианыӡхыҵ аҽныҵәҟьа амҩа (амшын арра) иаргуаҟыз ауаа 400-ҩык инареиҳаньы иԥсит, ашьҭахьгьы анҵәара иаҿын зықьҩыла. Аԥсуаа анҵәара ишаҿыз аниаҳа, ацхыраара риҭеит асулҭан (атәыла аиҳабы). Абасала зыԥсы еиқухаз аԥсуаа ирылашәеит Баирам Беигуааи Шамҳа Мкыди (Омар иан лыжәла усоуп ишиҳәо). Ашьҭахь урт рыԥсҭазаарақуа еиларҵеит, 1899 шықусазы диит рыхшара иреиҵбыз, Омар ҳәа хьӡыс изырҭаз.
Омар дшыхуҷӡазнатә ихы ааирԥшит агуеилгара, агурҵҟул бзиа змаз аӡә иакуны. Уи збаз ашаԥсыӷ (адыг) еинрал Рашьыҭ еффендии уи иԥҳәыс Ҷан-ҧҳа Қасибеи аԥсуа нбан (ажәытәосмантә алфавит шьаҭас иаҭаны) ашьақургыларазы аусура дадрыԥхьалеит 12 шыкуса зхыҵуаз аҷкун. Абасала, 12 шыкуса анихыҵуаз инаркны Омар Беигуаа аԥсуаҵара иҽагулеихалеит, нас иԥсҭазаара зегьы азикит аԥсуаа рбызшәеи, рмифологиеи, рҭоурыхи рыҭҵаара.
Диузџьетәи ашкол даналга ашьҭахь Омар дҭалеит Едырнетәи алицеи. Даара ибзиоуп ҳәа ахушьаракуа иманы далгеит уи иҵара, иагьиоуит аиџьныр изанааҭ. 1964 шықусазынӡа аус иуан уи изанааҭ ала, нас атәанчарахьы дцеит, иахьа дынхоит Сҭампыл.
Иашала иуҳәозар, иԥсҭазаара зегьы (70 шыкуса инеиҳаны) аԥсуаҭҵаара иазкыуп, Аԥсуа ҭоурыхи аԥсуаа рмифологиеи ирызкны иҭижьит акрызҵазк‘уа анаукатә усумҭақуа рацәаны (100 кьыԥхь бӷьыцк инареиҳаны). 1968 шықусазы иҭижьит аԥшшәы змаз асахьакуа зцыз амшдырга (акалендар). Раԥхьатәи ишәҟуы «Аԥсуа мифологиа — ижәытәӡатәиу акоума?» ҭыҵит 1971 шыкусазы Сҭампыл (ҭырқушәала). Ари аусумҭаҿы автор инарҭбааны дрылацәажәоит аԥсуа жәлар рынцәахуқуа, ахуҭакахьала иааирԥшуеит ажәытәӡатәи аԥсуа нцәахукуеи, абырзен нцәахукуеи, азиамаҷтәи анцәахуқуеи реимадаракуа, реизааигуарақуа ртәы (иаҳҳәап, анцәахукуа: Аҭана, Цәыблаҟ, Цәаҳа, Ӡақуа, Ӡызлан, Напкылҵәа, Шьашәы, Ажәеиԥшьаа, Ӡар, Аинаржьи, Аиҭар, Цауына, Анан, Ахьы Зоусҳан, Хуашҭа, Арышна-Иарыш, Иарышна, Рирара, Ҳанҵиса, Гунда, Аубла, Мшындау, Ашхуа Мақьаԥсыс, Анарӷьа, Џьмаран, Жәабран уҳәа егьырҭгьы). Ашәҟуаҿы иҟоуп нарҭаа, аԥсуа бызшәа аетимологиа, аԥсуа бызшәеи ажәытәтәи абызшәақуеи реимадарақуа, Аԥсны аҭоурых уҳәа ирызкыу аматериалкуа.
Аԥсуаҭҵаара иазкыуп 1975 шыкусазы итыҵыз Омар аҩбатәи ишәҟугьы. 1986 шықусазы иҭыҵит иусумҭакуа зегьы иреиҳау ишәҟуы «Аԥсуаа рҭоурых ахыҵхырҭатә аамҭакуа индыркны, Кавкази ажәытәӡатәи адунеии рҭоурых иадкыланы» (70 кьыҧхь бӷьыц инареиҳаны изымҽхазк‘уа, ҩы-шәҟукны иҟоу). Аԥсуаа рматериалтәи рдоуҳатәи ԥсҭазаара аенциклопедиа ҳәа иушьаша ари аусумҭаҿы еизгоуп 70 шыкуса рыҩнуҵҟа автор иаԥиҵаз еиуеиԥшым аҭҵааратә материалқуа (аҭоурых, аетнографиа, афольклор, адемографиа, атопонимика, ономастика уҳәа егьырҭ азҵаарақуагьы ирызкыу).
Ԥхьаҟатәи аҭҵааҩцәа инарҭбааны рхы иадырхуашт, иахуҭоу ахушьарагьы арҭашт Омар Беигуаа иусумҭа ду, избанзар уаҟа иуԥылоит ҳара ҳҵарауаа макьаназы ирзымдыруа аматериалқуагьы (иаҳҳәап, XII, XV, XVII ашәышыкусақуа раантәи аԥсуа ҭарчеиқуа — абираҟқуа, VIII ашәышыкуса иаҵанак‘уа аԥсуа мҳәыр уҳәа егьырҭгьы). Араҟа иазгуаҭатәуп Омар Беигуаа иусумҭақуа рҭыжьраҿы ацхыраара ду ширҭаз Сабри Беигуааи Еҭем Арыҩҭааи.
Иахьагьы имоуп Омар Беигуаа акьыԥхь иазирхиаз, аха макьанагьы изҭмыжьц аусумҭақуа акыр: «Аԥсуа етимологиатә жәар» (х-томкны), «Аԥсуа грамматика», иажәеинраалакуа реизга (15 000 цәаҳәа инеиҳаны). Акьыԥхь зымбац ипоезиатә ԥҵамҭақуа рацәоуп, урҭ иаадырԥшуеит амшын нырцә инхаз аԥсуа жәлар рыгуҭыхакуеи рхьаақуеи, ргубрақуеи, рабацәа-рабдуцәа рыԥсадгьыл Аԥсны ашҟа ирымоу ҿыцәаара зқум абзиабара атәы — уи аԥхьаҩ ари ашәҟуаҿы игуеиҭеит. Хаз шәҟуны абас рҭыжьрагьы, ҳәарада, ҳақшәарак иаҩызоуп, дареи ҳареи ҳаимаздо цҳак еиԥшгьы изумбари.
1989 ииуль аказы Омар Беигуаа 90 шықуса ихыҵит. Гук-ԥсыкала идаҳныҳәалоит уи имшира, изеиӷьаҳшьоит агуабзиара ӷуӷуа, иҵегь ашықус рацәа агуамч ду ацны! Дызцәыхароу, аха еснагь игуы иҭоу иԥсадгьыл Аԥсны ахьӡала илиршахьоу азы ҭабуп ҳәа иаҳҳәап.
Ҭабуп, Омар Беигуаа!
Руслан Агуажәба
1989 ш.
------------------------------------------
АԤХЬАҨЦӘА!
Омар Беигуаа ишәҟуы, хымԥада, «амшьҭа» шыбзиахаҵәҟьо атәоуп иаҳәо иара еиқузыршәаз, аџьабаа адызбалаз Руслан Агуажәбеи, Владимир Агрбеи, Џьума Аҳәбеи, Владимир Аҵнариеи идырмазеиз егьи ашәҟугьы «Амҳаџьыраа руарада». Ианылоит О. Беигуаа иҟыбаа имыздаз гуԥҩык егьырҭ Ҭырқутәылантәи аԥсуааацәа, аԥсуа ԥхьаҩцәа зыӡбаху рдыруа Џьамал Ҳараниа инаиваргыланы: Шьынаси Ҳилми Аҭраԥшь, Гындиа
Шьраф, Бган-ԥҳа Филыз, Бганба Ҭенгиз уҳәа рҩымҭақуа. Уи аизга аҭыжьрагьы амҩа азылхыуп.
----------------------------------------------
Беигуаа (Буиука) Баирам-иԥа Омар
АСҬАМПЫЛТӘИ АԤСЫУА БЖЬЫ
Ажәеинраалақуа
Омар Байрамович Беигуаа (Буиука)
ГОЛОС АБХАЗА ИЗ СТАМБУЛА
Стихи
На абхазском языке
Ардактор Нели Ҭар-ԥҳа
Асахьаҭыхҩы Евменов Л.
Атехникатә редактор Евменов Л.
Аҭакзыԥхықуу акорректор Адлеиба Е.
Акорректор Мышәба А.
Анбанҟушәарахь ирыҭоуп 20.04. 1990 ш. Акьыԥхьразы анапы аҵаҩуп
23.05.1990 ш. ЕИ 00200. Аформат 84Х108 1/32. Ашәҟу-журн. қьаад.
Алитературатә гарнитура. Акьыԥхь ҳарак. Икаҵәҟьоу акьыԥхь
бӷьыц 3,5. Инықурԥшу акьыԥхь бӷьыц 5,88. Инықурԥшу аԥштәы
хкьыԥхьаа 5,98. Аҭыжь. хыԥхь. бӷьыц 3,98. Атираж 2 000.
Азаказ № 1001. Аху 50 кап.
Ашәҟутыжьырҭа «Алашара», Aҟya, Ленин иул., № 9.
Аԥснытәи АССР Аминистрцәа Рсовет аҟны иҟоу аҭыжьырҭақуеи,
аполиграфиеи, шәҟула ахуҳахуҭреи русқуа рзы Аусбарҭа.
В. И. Ленин ихьз зхыу Аҟуатәи атипографиа, Ешба иул., № 168.
------------------------------------------
(Выражаем благодарность Асиде Ломия за помощь в приобретении книги.)
(OСR - Абхазская интернет-библиотека.)