Абхазская интернет-библиотека Apsnyteka

Махинур Папа-пха

Об авторе

Папа-пха Махинур Азизовна
(20.IV.1950, г. Биленджик, Турец. респ.)
Видная пред. абх. диаспоры в Турции, деятель культуры, чл. СП Абх. (2005). Прадед – выходец из с. Цабал. В 1973 окончила Стамбульский ун-т. Со студенческих лет неутомимо и последовательно занималась проблемами абхазоведения. Будучи в плодотворном творч. контакте с Омаром Бейгуаа, совместно с ним перевела с турец. на абх. яз. его тр.: «Абхазская мифология – древнейшая?» (Стамбул, 1971), «Аубла Ибрагим и кавказские народы» (1975). П. вносит заметный вклад в пропаганду произв. абх. учёных и писателей. Она перевела и издала на турец. яз. эпосы о Нартах и Абрскиле, абх. сказки, «Абхазскую археологию» Г. К. Шамба, «Абазги и Абазгия» А. Коллауца, «Историю Цабала» с иллюстрациями, произв. Д. И. Гулиа. Переиздала первый кавк. ж. «Диана» (1920). Перевела на турец. и издала роман В. Амаршана «Апсха Леон». Организовала инструмент. ансамбль «Уарада». П. открыла миру имя первой проф. худ. Турции Михри Ачба, издав альбом её произв. К печати подготовлен ряд её интересных работ: «История абхазских аристократических родов», «Кавказская женщина», «Инджи – Ханым – Русудан», «История Цабала» (в 2 т.), «Шумерская поэзия» и др. П. является кавалером ордена «Ахьдз-Апша» (2005).
(А. Х. Агуажба / Абхазский биографический словарь. 2015.)

Маҳинур Папаԥҳа

Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда

Агәалашәарақәеи агәаанагарақәаи

Маҳинур Папаԥҳа. Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда. Агәалашәарақәеи агәаанагарақәаи / Махинур Папа-пха. Тридцать пять лет рядом с Омаром Бейгуа. Воспоминания и размышления (обложка 1)  Маҳинур Папаԥҳа. Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда. Агәалашәарақәеи агәаанагарақәаи / Махинур Папа-пха. Тридцать пять лет рядом с Омаром Бейгуа. Воспоминания и размышления (обложка 2)

Ашәҟәы аиқәыршәаҩ – Анатоли Лагәлаа

Ашәҟәы аиқәыршәаҩ атекст алитературатә бызшәахьы ииаимгаӡеит Ҭырқәтәыла инхо аԥсуаа рцәажәашьеи рҩышьеи аиқәырхаразы

Аҟәа – 2016

231 д. Атираж 300.

Ажурнал «Алашареи» ҭырқәтәыла инхоу, Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла иалоу Маҳаинур Папаԥҳаи арҿиаратә еимадара бзиа рыбжьеижьҭеи даара акрааҵуеит. Уи лыԥсԥадгьыл гәакьа есымшагьы лгәы иҵхоит, иара иадҳәалоу ҭоурых хәыҷык адунеи аҵан џьара илымԥыхьашәаргьы, акы сцәамыхьындаз, имыӡындаз ҳәа лыкәа иҭаҳәҳәаны илыман Аԥсныҟа даауеит!..
Еиҭагаҩык, рҿиаҩык, ҭоурыхҭҵааҩык лаҳасабала Маҳинур Папԥҳа даара лџьабаа рацәоуп. Уи азгәаҭаны, Аԥсны анапхгара ахә ҳаракны иршьеит.
Аԥсны раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынба, ажьырныҳәа 10, 2005 шықәса рзы, иланеишьеит «Ахьӡ-аԥша» аорден ахԥатәи аҩаӡара. Лаҵара мза 3 рзы уи лнапаҿы илиркит Аԥсны Ахада ҿыц Сергеи Багаԥшь. Иара убас илыҭан Аԥсны ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла дшалоу ала аршаҳаҭга.
«Арҭқәа зегьы иаанаго, быԥсҭазаараҿы даара аус рацәа баԥхьа ишьҭоуп ауп!» – лҳәеит Маҳинур лхазын дыччаччо.
Сынтәа, апоет, аҵарауаҩ ду Омар Беигәа излаишықәсу ала, ҳара иҳаӡбеит Омар изкны Маҳаинур Папапҳа «Алашара» шықсқәак рышьҭахь ианылҵахьаз лгәалашәарақәеи, иара убасгьы ҳара даара иаҳгәаԥханы иакьыԥхьыз ашәҟыҩҩы лажәабжьки хазы шәҟәны адунеи аҳарбарц. Ҳгәы иаанагоит, уи цҳа бзиахоит ҳәа нырцә-аарцә амшын зыбжьоу ҳԥсуа жәлар иҵегь реизааигәахаразы, реиларҵәаразы… Насгьы, даара иҭабуп ҳәа раҳҳәоит, ҳпоет, ҳҵарауаҩ ду ихьы мҩа аҭҵаареи, амырӡреи, аус рыдуланы, аҭыжьра иаҳзаззрыхиаз, ашьхыцқәа реиԥш, ԥсааиҭакха рымамкәа уи аус ԥшьа иаҿу ҳҵарауаа Емма Кьылԥҳаи Нурбеи Ломиеи.

«АԤсуаа ҳажәаҳәа»

«Аԥсуаа ҳажәаҳәа» захьӡу ҳрубрика аҟны иахьа ишәыдаагалоит, ҳаҭыр зқәу аԥхьаҩцәа, еицырдыруа аԥсуа поет, аҵарауаҩ Омар Беигәаа ицхырааҩ, Ҭырқәтәыла иреиӷьу аиҭагаҩцәа ирхыԥхьаӡалоу, аҵарауаҩ, ашәҟәыҩҩы Маҳинур Папаԥҳа 2009 шықәсазы ихлыркәшаз, «35 шықәса Беигәаа Омар иаанда (агәалашәарақәеи агәаанагарақәеи)» захьӡу лусумҭа. Аԥсышәала иҩу Беигәаа Омар инапылаҩырақәа акьыԥхь разырхиара ҳшаҿу лдыруан аҟынтә, аҵарауаҩ дуи лареи русеицура атәы зҳәо ари аусумҭа адиалектологиатә лабораториа архив иазынлыжьит.
Иаҳхысыз 2011 шықәсазы, Беигәаа Омар диижьҭеи 110 шықәсаҵра иазкыз Аԥсуаҭҵааратә институт аҭҵаарадырратә сессиа апрограмма иалан Маҳинур Папаԥҳа лусумҭа аматериалқәа рыла ишьақәыргылаз лажәахәгьы. Аԥхьаҩцәа уажә уи ахьшәыдаагало, иахьынӡазалшоз иазынҳажьит автор лҩыражәаҳәа аҷыдарақәа. Маҳинур Папаԥҳа дызхылҵыз Аԥсны, Ҵабал иқәҵыз зларакәу ала, урҭ ҭоурыхлатәи Ҵабалтәи аҭыԥтә ҷыдарақәа ракәны ҳрыхәаԥшуеит. Автор лыжәлагьы лара ишылыҩуа еиԥш, Папаԥҳа ҳәа иаанҳажьит.
Анапылаҩыра акьыԥхь иазирхиеит адиалектологиатә лабораториа аҭҵаарадырратә усзуҩ Ламиа Нурбеи.

Кьылԥҳа Емма,
Д. И. Гәлиа ихьӡ зху Аԥсуаҭҵааратә институт адиалектологиатә лабораториа
аиҳабы, афил. ҭҵ. ркан.


АХҚӘА

  • «Аԥсуаа ҳажәаҳәа»……………………………………………3
  • Папаҧҳа Маҳинур (Ҭуна). 35 шықәса
    • Беигәаа Омар иаанда…………………………………………4
    • Мшыннырцәтәи ҳаҳәшьа лажәабжь…………………218

Махинур Папа-пха

Тридцать пять лет рядом с Омаром Бейгуа
Воспоминания и размышления

На абхазском языке


Скачать книгу "Ҩажәеи жәохә шықәса Беигәа Омар иаанда" в формате PDF
(682 Кб)

 

Некоммерческое распространение материалов приветствуется; при перепечатке и цитировании текстов указывайте, пожалуйста, источник:
Абхазская интернет-библиотека, с гиперссылкой.

© Дизайн и оформление сайта – Алексей&Галина (Apsnyteka)

Яндекс.Метрика